Абираҟ Амш азгәарҭон Ҭырқәтәылеи Ҟарачы-Черқьески

© Sputnik предоставлено Аминой ЛазбаДень культуры народа Абаза в КЧР
День культуры народа Абаза в КЧР - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 23 Аԥсны иазгәарҭоит Абираҟ Амш. Адунеи зегьы аҟны инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа иара убасгьы акультура-массатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит абри амш аҽны, аныҳәа иаҭаауа асасцәа аԥсуа жәлар рҵас-рқьабз ддырдыруеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 24– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьба. Ԥхынгәы 23 рзы Ҭырқәтәыла, аԥсуа қыҭа Тандыр аҿы имҩаԥысит аныҳәатә гәырӷьара ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба.

День культуры народа Абаза в КЧР
День культуры народа Абаза в КЧР - Sputnik Аҧсны
День культуры народа Абаза в КЧР

"Ауснагӡатә рхы аладырхәит хәышәҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Урҭ арахь иааиит Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи. Иазырхиаз аконцерт иалахәын афольклор-хореографиатә коллективнытәи астудентцәа, ашәаҳәаҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа", — ҳәа еиҭеиҳәоит Гыцба.

© предоставлено Аминой ЛазбаДень культуры народа Абаза в КЧР
День культуры народа Абаза в КЧР - Sputnik Аҧсны
День культуры народа Абаза в КЧР

Аныҳәатә уснагӡатә хыркәшан ателецҳала. Иара еиманадеит Ҟарачы-Черқьесск, Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Аԥсны онлаин режим ала.

"Асеиԥш иҟоу акциақа рҭоурых ԥсадгьыл иамардоит. Ҳџьынџьуаа рыблақәа лаӷырӡыла иҭәын" — иҳәоит иара.

Черқьесск акәзар аныҳәатә уснагӡатә хацыркын апарк "Зеленый остров" аҿы анеиааирала. Иара абра имҩаԥысит аҭоурых бираҟқәа рцәыргақәҵа. Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи идырбан акьанџьақәа ртеатр, афотосахьақәа рыла идырбан аԥсуа-ачерқьес культура.

© Sputnik предоставлено Аминой ЛазбаДень культуры народа Абаза в КЧР
День культуры народа Абаза в КЧР - Sputnik Аҧсны
День культуры народа Абаза в КЧР

Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш Черқьесск амҩаԥгара иалахәын аԥсуа шәаҳәаҩцәа Мадина Кәарацхьелиа, Саниа Ҭаниа, аспортсменцәа.

Ԥхынгәы 23 иазгәарҭоит Абираҟ Амш. Адунеи зегьы аҟны инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа иара убасгьы акультура-массатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит абри амш аҽны, аныҳәа иаҭаауа асасцәа аԥсуа жәлар рҵас-рқьабз ддырдыруеит.

© предоставлено Аминой ЛазбаДень флага в КЧР
День флага в КЧР - Sputnik Аҧсны
День флага в КЧР
Ажәабжьқәа зегьы
0