Аԥсны-Нигериа: аиааира аԥшәмацәа иртәуп

© Sputnik / Илона ХварцкияТоварищеский матч между молодежной сборной Абхазии по футболу и студенческой сборной Нигерии на сухумском стадионе "Динамо"
Товарищеский матч между молодежной сборной Абхазии по футболу и студенческой сборной Нигерии на сухумском стадионе Динамо - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еизгоу Аԥсны аҿартә командеи Нигериатәи астуденттә командеи реиҩызаратә еицыхәмарра мҩаԥысит нанҳәа 8 асааҭ 18:00 рзы астадион "Динамо" аҿы.

АҞӘА, нанҳәа 9— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Еизгоу Аԥсны аҿартә командеи Нигериатәи астуденттә командеи реиҩызаратә еицыхәмарра  4:0 ҳәа ихыркәшахеит Аԥснытәи акоманда аиааирала.

© Sputnik / Илона ХварцкияТоварищеский матч между молодежной сборной Абхазии по футболу и студенческой сборной Нигерии на сухумском стадионе "Динамо"
Товарищеский матч между молодежной сборной Абхазии по футболу и студенческой сборной Нигерии на сухумском стадионе Динамо - Sputnik Аҧсны
Товарищеский матч между молодежной сборной Абхазии по футболу и студенческой сборной Нигерии на сухумском стадионе "Динамо"

Ахәмарра иалагаанӡа иргәаладыршәеит нанҳәа 7 — 8 шықәса рзы 2008 Цхинвал иҭахаз. Абри ашьҭахь Аԥсны абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аилак ахантәаҩы Баграт Хәытаба асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо иҳәеит Қырҭтәыла аҽазышәарақәа аиԥылара шырзеиԥымҟьаз.

© Sputnik / Илона ХварцкияТоварищеский матч между молодежной сборной Абхазии по футболу и студенческой сборной Нигерии на сухумском стадионе "Динамо"
Товарищеский матч между молодежной сборной Абхазии по футболу и студенческой сборной Нигерии на сухумском стадионе Динамо - Sputnik Аҧсны
Товарищеский матч между молодежной сборной Абхазии по футболу и студенческой сборной Нигерии на сухумском стадионе "Динамо"

"Аԥсуа дгьыл аҿы бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит. Анцәа иҳәааит аспорт аиааира еснагь иаманы иҟазарц, уи иаԥырхаго ракәымкәа" — иҳәеит иара.

Нигериа акоманда акапитан Саиди Шина ҳәеит агәахәара ду шрымоу Аԥсны рыҟазааразы, иазгәеиҭеит дшақәгәыӷуа ԥхьаҟагьы аинырра ҟалап ҳәа.

Аханатә инаркны аԥснытәи аспортсменцәа аԥыжәара ргеит. Тимур Агрба 14-тәи аминуҭ азы ампыл амба иҭаиршәит. Амбахьчаҩи Виктор Ԥимԥиеи реиндаҭлара хыркәшахеит аҩбатәи ампыл ала. 2:0. Нигериаа акыр рыҽшазыршәозгьы актәи атаим аан ампыл рызҭамыршәит. Аҩбатәи атаим алагамҭаз Инал Чкадуа 3:0 ҳәа ахәмарра шьақәиргылеит. 60-тәи аминуҭ аан нигериаа ирыман алшара ампыл амба аҭаршәраз аха ампыл амба иавҟьеит. Убри ашьҭахь жәабаҟа минуҭ ааҵуаны аԥшьбатәи ампыл Нигериа акоманда амбахь инеиит.

Ахәмарра ашьҭахь ахәаԥшыҩцәа Нигериа ахәмарыҩцәа ирыкәшаны ирацәажәон, селфи ҟарҵон, еизго Нигериа акоманда алахәылацәа Виктор Мозеси Ахмед Мусеи рыхьӡқәа еиҭарҳәон.

Қырҭтәыла ашьапылампыл Афедерациа ирылшоз зегь ҟарҵеит аиҩызаратә хәмарра еиԥырҟьарц. Убри азы FIFA анапхгарахь ашәҟәы рҩит нанҳәа 5 рзы.

Ус шакәызгьы аиҩызара ԥынгылара шамам аарԥшуа ахәмарра мҩаԥысит.

© Sputnik / Илона ХварцкияТоварищеский матч между молодежной сборной Абхазии по футболу и студенческой сборной Нигерии на сухумском стадионе "Динамо"
Товарищеский матч между молодежной сборной Абхазии по футболу и студенческой сборной Нигерии на сухумском стадионе Динамо - Sputnik Аҧсны
Товарищеский матч между молодежной сборной Абхазии по футболу и студенческой сборной Нигерии на сухумском стадионе "Динамо"
Ажәабжьқәа зегьы
0