Иԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран Арсен Чакриан

© Sputnik Томас ТхайцукВетеран ВОВ Чакрян Арсен Амбарцумович.
Ветеран ВОВ Чакрян Арсен Амбарцумович. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
101 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран, раԥхьаӡатәи Аиааира Ду апарад алахәҩы Арсен Амбарцум-иԥа Чакриан.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Нанҳәа 29 рзы, аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит 101 шықәса ирҭагылаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран, Ахьӡ-аԥша аорден III-тәи аҩаӡара занашьаз, "Аеҵәа Ҟаԥшь" аорден, "Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа" II-тәи аҩаӡара аорденқәа ҩба, "Кавказ ахьчаразы" аорден, "Германиа аиааира" уҳәа аҳамҭақәа жәпакы ирыԥсахаз, раԥхьаӡатәи Аиааира Ду апарад алахәҩы, акыр шықәса Гагра араион Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа Рхеилак хантәаҩыс иҟаз Арсен Амбарцум-иԥа Чакриан.

Аграждантә понихидеи алахьеиқәҵаратә митинги мҩаԥган Гагра ақалақь, акультура аҩны ахыбраҟны.

Аветеран аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргарц иааит атәыла анапхгара, Аԥсны аерманцәа Рхеилак ахаҭарнакцәа, Гагра араион ахадара, ауа-аҭынха, ауаажәларра.

"Арсен Чакриан дҩыза бзиан. 2015 шықәсазы иаргьы саргьы ҳалахәын Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы игаз Аиааира 70 шықәса ахыҵра иазкыз, Москва имҩаԥгаз Апарад. Ииашоуп, аветеран ақәра ду ниҵеит, аха иуа-иҭынха рзы харҭәаашьа змам хьаауп иара ицәыӡра. Арсен Амбарцум-иԥа дҿырԥшыганы даанхоит еиҵагыло абиԥарақәа рзы. Есышықәса, ҳара ҳхыԥхьаӡара иагхоит, аха агәалашәара шаанхо агәра згоит", — иҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа Рхеилак ахантәаҩы Алексеи Шониа.

Аԥсны Афырхаҵа Галуст Трапизониан иазгәеиҭеит, Арсен Чакриан ажәлар рмазара иакәны дшыҟаз.

"Арсен Амбарцум-иԥа шәышықәса дшырҭысызгьы амашьына аԥсҟы кны, сасра дысзаалон. Ҳанеицәажәоз, иара иҳәон Аԥсны иқәыԥшу республикоуп, уи аԥеиԥш лаша азыԥшуп ҳәа. Даара зыԥсадгьыл бзиа избоз, уи азы зхы иамеигӡоз иакәын", — ҳәа инаҵишьит Трапизониан.

Арсен Амбарцум-иԥа Чакриан диит 1917 шықәсазы, Аҟәа араион Аҩадатәи Ешыра ақыҭан.

Рашәара 27, 1941 шықәсазы иара даарыԥхьоит Асовет Ар ахь. Дахыԥхьаӡалахоит, Қарҭ, ақыҭа Авчара иҟаз 35-тәи аԥсахгатә ахысратә полк. Араҟа қәҿиарала дахысуеит ԥшьымзтәи асержанттә курсқәа. Ԥыҭраамҭак анҵлак, аполк ииаргоит Иранҟа.

Ветеран ВОВ Чакрян Хорен Абрамович - Sputnik Аҧсны
Аветеран Чакриан: афронт еимадарала еиқәҳаршәон

1942 шықәсазы, Арсен Чакриан дызлаз агәыԥ дәықәырҵоит Кавказтәи афронт ахь, абраҟоуп раԥхьаӡакәны анемец фашист ианиҿагыл.

Аветеран далахәын Ростов ахақәиҭтәра. Уи ашьҭахь диаргоит 665-тәи ахысратә полк, 65-тәи адивизиа 10-тәи акорпус, 51-тәи ар, 4-тәи Украинатәи афронт ахь. Ари аибашьратә полк дацны иҭадырцәит Мариупль, Мелитополь, иажәлеит Ҟрым, Симфиропль, Сапун ашьха. Афашистцәа Севастополь ианалырца, Асовет ар иааныркылеит ақалақь Херсон.

Ҟрым ахақәиҭтәра ашьҭахь, Арсен Чакриан ихысратә дивизиа ииаган 1-тәи Прибалтикатәи афронт ахь. Дара аӷа хәымга далырцеит Латвиа, Литва, Мрагыларатәи Пруссиа, устәи еихеит Кенигсбергҟа, уаҟоуп аиааирагьы дахьаԥыл аветеран.

Арсен Амбарцум-иԥа Чакриан ианашьоуп "Аеҵәа Ҟаԥшь" аорден, "Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа" II-тәи аҩаӡара аорденқәа ҩба, "Кавказ ахьчаразы" аорден, "Германиа аиааира" уҳәа аҳамҭақәа жәпакы.

Арсен Чакриан 1945 шықәсазы, Москва, Ашҭа ҟаԥшь аҟны далахәын раԥхьаӡатәи Аиааира Ду апарад.

Адемобилизациа ашьҭахь, Арсен Чакриан далгоит Ермантәылатәи амедицинатә институт. Ашьҭахь Аԥсныҟа дхынҳәны, 48 шықәса ҳақьымс аус иуоит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз, аԥсуа ар хәыда-ԥсада ахәшәқәа рыла еиқәиршәон. Иԥсадгьыл аҿаԥхьа иибаз ааԥсара ду азы, Арсен Чакриан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба "Ахьӡ-аԥша" аорден III-тәи аҩаӡара ианеишьахьан. 2015 шықәсазы, аветеран далахәын Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны игаз Аиааира 70 шықәса ахыҵра иазкыз апарад.

Арсен Амбарцум-иԥа Чакриан анышә дамардеит Гагра.

Ажәабжьқәа зегьы
0