Ҳагба: Геннади Гагәылиа иҟаиҵоз зегьы еиҿкаан, агьама аман

Анапаҵаҩра
Аԥсуа Ҳәынҭқарратә драматә театр актиор Кьасоу Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны аҟны амҩатә машәыр аан иҭахаз аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иуаҩышьеи иҟазшьеи дрылацәажәеит.

Sputnik

- Кьасоу Залаҭинск-иԥа, Геннади Леонид- иԥеи шәареи шәеибадырра кыр ахыҵуан, аус еицыжәухьан. Амашәыр аныҟала аухагьы шаанӡа уа шәыҟан. Ари алацәажәарагьы имариам акоуп…

Нугзар Ашуба - Sputnik Аҧсны
Ашәба: Геннади Гагәылиа ибжьы мырдуӡакəа, алҵшəа змаз аусқəа рыҟаҵара бзиа ибон

— Геннади Гагәыли дыздыруеижьҭеи кыр ҵуеит, аха аусеицура ҳаналагаз аибашьра алагамҭа цәыббрамзазы ауп. Усҟан актиорцәа, асахьаҭыхҩцәа уҳәа, ҳаззегьы ҳазлеибашьышаз абџьар ҳашьҭан. Абџьар ҳзымԥшааӡеит, аха Геннади Леонид-иԥа дҳақәшәеит. Иара Урыстәылантәи, Нхыҵ Кавказынтәи иаауаз агуманитартә цхыраара аҭыԥ ақәҵара инапы ианын. Аидара ақәызҵашаз, иақәызхышаз ауаа иҭахын. Уи аус анҳадигала ҳәарада ҳаргьы мап ҳамкӡеит. 12-ҩык актиорцәеи асахьаҭыхыҩцәеи ргәыԥ анапхгара сара исыдиҵан, убри алагьы аусеицура ҳалагеит. Ахаан исхашҭуам ҳгәыԥ иалаз Леуарса Быҭәба 40 градус амцашоура шимаз ачашылеи ашьақари зҭаз ааҵәа дуқәа шақәиҵоз… Даҽа зны Ешыра атанкқәа ӡхыҵны Гәдоуҭа иалалоит, зегьы ндырҵәоит ҳәа алымҳаҭасқәа ааҩуа иалагеит. Ажәлар гәыҭҟьа ԥсыҭҟьаха исыҳәеит Геннади Леонид-иԥа иахь сцаны иҟо-иану еилыскаарц. Сахьнеиз алампа аркуп, Геннади дтәаны америкатәи афилософ иповест аԥхьара даҿуп. Иҟалеи ҳәа дансазҵаа сыззааз изеиҭасҳәеит. "Иҟоу удыруоу,н- иҳәан даацәажәеитн- урҭ апаникиорцәа урҟәаҵны уцаны уцә. Уаҵәы ашьыжь уҷкәынцәеи уареи сышәзыԥшуп. Ашара узыбзиахааит", — ҳәа сеиҳәеит. Абас ала, Генади сара сзыҳәа зус алҵшәа амаз, ҿыц иаатыз уаҩын.

Кьасоу Ҳагба Геннади Гагәылиа игәалашәаразы

- Ԥыҭкгьы шәеицныҟәахьан…

— Ирацәаны ҳаицныҟәеит: Урыстәыла, Германиа, еиҳаракгьы Украина. Уа санца, сҩызцәа рыцхыраарала Украина аԥыза-министр 17 вагон агуманитартә цхыраара ҳзыҟаиҵеит. Инеизакны Украинантәи 25 вагон амалаҳәа иаагеит. Геннадии сареи Украина ҳныҟәарақәа раан Европеи Америкеи алеқциақәа ирыԥхьоз аҵарауаа ҳарҭааит. Геннади аҩны даныҩнала аҩнымаҭәа шыҩнагылаз игәамԥхаӡеит, иаахтынгьы иҳәеит. Аԥшәмацәа аиҭакрақәа рыҟаҵаразы азин аарымихын, имаӷра еилҳәаны аус иҽазикит. Иџьоушьаша: аҩнымаҭәа зегьы досу рҭыԥқәа рҿы иргыланы данаалга ауада убри аҟара иҭбаахеит, убри аҟара иманшәалахеит, ҳәашьак амамкәа. 15 шықәса раԥхьа сара урҭ сеиҭарҭааит. Аҩнымаҭәа зегьы Геннади ишынаиргылаз игылан. Уи ауаҩы иусушьа заҟа ицқьо, инапы заҟа иласу атәы аҳәоит. Геннади дызлацәажәоз иарбан темазаалак аинтерес уиркуан, ишҟа ухьаирԥшуан. Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҿы аус зуа аҿар заҟа пату иқәырҵо амацара ирацәоуп иаҳәо. Аҿар узжьаӡом, амци афальши рылагьы иузаахәаӡом.

- Инапхгарала аус зуаз аҭыԥҳа асоциалтә ҳаҿы илҩит даҽа зныкгьы саб дсыгхеит ҳәа…

Премьер-министр РФ Д. Медведев - Sputnik Аҧсны
Геннади Гагәылиа иҭахара иадҳәаланы Дмитри Медведев адышшыларатә шәҟәы ааишьҭит

— Гена алеишәа иман. Уи алеишәа адырра ацын, аҟәышра ацын, аусҵәҟьа аҟаҵара ацын. Ани алеишәа амацара ианыҟоу- уи ӷьатамахжәароуп. Аԥара иазымӡбо, атомтә бомба иазымӡбо уӡбар ҟалоит ауаҩы игәаҿы анеишьа уақәшәар. Гена уи шыҟаиҵоз иҟазҵоз дмаҷын. Геннади Леонид-иԥа Гагәылиа иԥсҭазара бзианы ихигеит- мцыда, жьарада, еиҵаҟәаҟәарада. Гена аџьабаагьы ибозар ҟаларын,, ихи-игәи еинааланы, зегьы еиҿбааны. Иакәымыз зҳәозгьы шԥаҟамыз, аха иаацәырганы аӷьеҩҳәа акы иҿакра уадаҩын, имчхара убри аҟара идуун.

- Аусураҿи амҩа шәанықәызи, арҭ еиԥшымыз уаазма?

— Аусураҿы игәамԥхоз ирџьбараны иуеиҳәон, аха уи ахаан уланарҟәӡомызт. Аԥсышәала ацәажәара уамак иҽадицаломызт, аха данцәажәоз иажәақәа уамак ала иԥшӡан. Уи иҟаиҵоз зегьы еиҿкаан, агьама аман. Даԥсуахаҵан. Ари аҩыза аԥсра иқәнагамызт, аха иҟалараны иҟоу узахырԥом.

Ажәабжьқәа зегьы
0