Арратә ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысра иацҵоуп

© Фото : Пресс-служба ЮВОДвусторонние ротно-тактические учения в воинских частях ЮВО в Абхазии
Двусторонние ротно-тактические учения в воинских частях ЮВО в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа, амшын иаԥну аҭыԥқәа рҿы имҩаԥысуеит арратә ҽазыҟаҵаратә. Дара ирылахәуп 1,5 нызқьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауааи 500 инарзынаԥшуа арратә техникеи. Ахархәара рымоуп иара убасгьы 20 рҟынӡа аԥырҩы дызмам аԥрыгашьақәгылақәа.

АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik. Аԥырҩы дызмам аԥрыгашьақәгылақәа иҭыркааит "аӷа" ицәҟьарақәа зқьы рҟынӡа ҳәа еиҭеиҳәеит Урыстәылатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев.

"Аҵара-ҽазыҟаҵаратә уснагӡатәқәа раан аԥырҩы дызмам аԥрыгашьақәгылақәа рхархәарала "аӷа" иштабқәа, итехника, икомандиртә пунктқәа ахьыҟоу аҭыԥ онлаин режим ала реиҳабыра рахь адырра нарышьҭуан", — ҳәа еиҭеиҳәоит Астафьев.

Урыстәыла аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон аполигонқәа "Ҵабали" "Нагвалоуи".

Аԥсны иахьаҵанакуа, амшын иаԥну аҭыԥқәа рҿы имҩаԥысуеит арратә ҽазыҟаҵаратә. Дара ирылахәуп 1,5 нызқьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауааи 500 инарзынаԥшуа арратә техникеи. Ахархәара рымоуп иара убасгьы 20 рҟынӡа аԥырҩы дызмам аԥрыгашьақәгылақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0