Ацәгьоуратә гәыԥ еиҿикаауан ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩы аҳәынҭқарратә ҳәааҿ даанкылан

© Sputnik / ФСБ РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФСБ РФ предотвратила теракты в Санкт-Петербурге
ФСБ РФ предотвратила теракты в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Санкт-Петербург атәылауаҩы Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәааҿ даанкылан.

АҞӘА, цәыббра 14– Sputnik. Ацәгьоуратә гәыԥ еиҿикаауан ҳәа агәаанагара ззыҟоу 68-шықәса зхыҵуа, Санкт-Петербург атәылауаҩы Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәааҿ даанкылан ҳәа аанацҳауеит "Кубанские новости".

68-шықәса зхыҵуа, Санкт-Петербург атәылауаҩы Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа ихатәы машьынала ахысра иҽаназишәоз дааныркылеит.

"Ахаҵа данааныркыла ашьҭахь еилкаахеит иара ашьаустә закәанеидкыла абри ахәҭаҷ адагьы ивырбаша шыҟаз", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәыла Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзураҿы ишазгәарҭаз ала Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаанкылоу "закәаншьаҭадатәи анапкреи" "адокумент ԥаршеиқәа реиҿкаареи" рзы ахара иднаҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0