Атәыла Ахада Атәылахьчара аминистрраҿы аилацәажәара мҩаԥигеит

© AFP 2023 / Ибрагим ЧкадуаТоржественный парад на 20-летие Победы в Отечественной войне народа Абхазии
Торжественный парад на 20-летие Победы в Отечественной войне народа Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира апарад иалахәхоит 1,5 нызқьҩы рҟынӡа аррамаҵзурауааи 119 цыра арратә техникеи. Атәылахьчара аминистр Мираб Кьышьмариа иажәақәа рыла уи азы аруаа ишахәҭоу еиқәыршәоуп.

АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Атәылахьчара аминистрраҿы аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит. Иалацәажәан Аиааира Амш аҽазыҟаҵарақәа рызҵаара.

"Ԥхынгәы 6 2018 шықәса инаркны имҩаԥган апарад аколлонақәа рҽазыҟаҵарақәа 10, — Ахақәиҭра ашҭаҿы. Аныҳәатә уснагӡатәқәа раанӡа аҽа 2 ҽазыҟаҵарак мҩаԥгахоит", — иҳәеит Кьышьмариа.

25-летие Министерства обороны Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ахада Аиааира аныҳәа аҽазыҟаҵарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аусбарҭа аусура Аԥсны атәылахьчаратә лшара иазырхазароуп ҳәа.

"Ҳара агәадура ҳнаҭоит ар рымаҭәа рышәҵаны атәыла ианааҭахха ахьчара иазыхиоу ауаа ахьҳамоу. Ҳара ԥхьаҟагьы атәылахьчара арӷәӷәара хықәкны иҳамазароуп. Иҭахаз рыхьӡала, Аԥсны уаҵәтәи ахьӡ амшала ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп ҳҳәынҭқарра шәарҭа амамкәа иҟаларцаз", — иҳәеит иара.

Ҳаџьымба асолдаҭцәеи аофицерцәеи ирҭаз азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит. Далацәажәеит Шьамтәылатәи Арабтә республикахь рцара.

"Шьамтәыла иахьа аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Ус шакәугьы ҳара атәыла аҳаракыра ду аманы иаҳдырбеит. Иаҳбеит ҳалала атәыла ажәлари анапхгареи аӡәыкны ишыҟоу. Иаӡәыкны иҟоуп ирымоу ахықәкқәа рынагӡаразы. Уи ахықәкы ишазнеиуагьы агәра умгарц залшом. Уахи-ҽни еиҭашьақәдыргылоит еилаԥыххаау ақалақьқәа, ақыҭақәа" ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳаџьымба.

Иара иазгәеиҭеит аделегациа раԥхьатәи амш аҽны рнапы шаҵарҩыз аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра. Уи ашьҭахь анапы рыҵаҩын аекономиказы аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа ҩба.

"Шьамтәыла ҳаизыҟазаашьақәа рырҿиара аҭахуп. Урыстәылеи Шьамтәылеи реимадаразы ҳамшынтә баӷәазақәа ахрархәара акраҵанакуаны ирзыҟоуп. Шьамтәылатәи абизнес акәзар аԥсы ҭоуп, аусурагьы ааннамкылеит аибашьра шцогьы. Уи ус шакәыз унарбон Дамассктәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа", — иҳәеит ахада.

Рауль Ҳаџьымба официалтә визитла Шьамтәылаҟа даҭааит - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба официалтә ныҟәарала Шьамтәыла даҭааит

Иара убасгьы еиҭеиҳәеит Аԥснытәи аделегациеи кавказтәи адиаспореи шеиԥылаз.

"Дамаск ауааԥсыра иаҳзеиҭарҳәон ҳашьцәа абџьар шьҭыхны Шьамтәылатәи адгьыл рыԥсадгьылк еиԥш иԥхьаӡаны ишырыхьчо. Ҳџьынџьуаа активла Шьамтәыла аԥсҭазаара иалахәуп, ахьӡ ду рымангьы иҟоуп", — иҳәеит ахада.

Шьамтәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра шазханаҵаз рыланаҳәеит 2018 шықәса, лаҵара 29 рзы.

Цəыббрамза 4 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба официалтə ныҟәарала Шьамтəылатəи Арабтə Республика даҭааит.

Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада напхгара ззиуа аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Аҧыза-министр Геннади Гагəылиа, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Барцыц, Ашəарҭадара Ахеилак амаӡаныҟəгаҩ Муҳаммед Кьылба, Адəныҟатəи аусқəа рминистр Даур Ақаҩба, Атəылахьчара аминистр Мираб Қьышьмариа, Аекономика аминистр Адгəыр Арӡынба.

Ажәабжьқәа зегьы
0