Аибашьра иацынҵәаз: Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых

© Фото : предоставлено Музеем Боевой Славы им. В. АрдзинбаАибашьра иацынҵәаз Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых
Аибашьра иацынҵәаз Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афырхацәа рхаҿсахьақәа ажәлар ирдыруазар ауп. Еиҳаракгьы аибашьра ашьҭахьтәи аҿар иахьеи-уахеи ҳабла ихгыло, ҳлымҳа иаҳауа аибашьра аҭоурых адаҟьақәа зегьы ҳаргәыламԥшӡац, ирацәоуп иҳарымҳәац афақтқәагьы. Алашара зқәырԥхам адаҟьақәа иреиуоуп аибашьра аамҭазы Арасаӡыхь ақыҭан еиҿкааз, 12- ҩык злаз ахаԥшьгаратә гәыԥ аҭоурых.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Агәыԥ "Арасаӡыхь" шеиҿкаахаз атәы еиҭалҳәеит алахәылацәа реидкылара алзыршаз, арепертуар азы ашәақәа зыҩуаз Белла Ламиаԥҳа. Лара лажәақәа рыла, аибашьра актәи амшқәа инадыркны аибашьцәа рҟынтә ираҳауа иалагеит ааԥхьарақәа, ахысыбжьы иардагәеит, аԥсуашәак дырҳанда ҳәа. Ажәлар ашьаарҵәыра ианалагылаз аамҭазы ашәаҳәара кыр иуадаҩын, агәы ақәкра цәгьан, аха дара еилыркаауан аҷкәынцәа маҷк иадымзаргьы аԥсуа ашәа ргәы шырханаршҭуаз, мчык шрыланаҵоз. Белла Ламиаԥҳа лхәыҷаахыс амузыка дазҿлымҳан, ачамгәыр алырҳәон, лхатәы ашәақәакгьы аԥылҵахьан. Убри аҟнытә агәыԥ аизгарагьы лара илыдырҵеит.

© Фото : предоставлено Музеем Боевой Славы им. В. АрдзинбаАибашьра иацынҵәаз Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых
Аибашьра иацынҵәаз Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иацынҵәаз Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых

"Аамҭа кьаҿк иалагӡаны ҷкәыни-ӡӷаби 12-ҩык ҳанеиза аҽазыҟаҵарақәа ҳрылагеит. Сани-саби зынӡаскгьы иақәшаҳаҭмызт снапы зласкыз аус, аха сара маӡала суалԥшьа насыгӡон. Сҩызцәеи сареи амузыкатә мыругақәа ҳаманы аҭабиақәа ҳанырҭаауаз, ачамгәыр акәымкәа абџьар ҳнапы иакызшәа ҳрыдыркылон, ҳазҿыз аус ахә ҳаракны иршьон. Мрагыларатәи афронт, шамахамзар, ацәаҳәа зегьы ҳахысит, ҳахьымнеиз хырӷәӷәарҭак ыҟан ҳа сгәы иаанагом. Лассы-лассы аибашьцәа рхаҭагьы амашьына ду ала иааны ҳаргалон. Ашәаҳәацәа реизакрагьы еснагь имариамызт, избанзар ҳгәыԥ иалаз арԥарцәагьы еибашьцәан. Ԥыҭҩык Арасаӡыхь иҟан, аха ԥыҭҩык егьырҭ ақыҭақәа рҿы еибашьуан", — илгәалалыршәоит Ламиаԥҳа.

© Фото : предоставлено Музеем Боевой Славы им. В. АрдзинбаАибашьра иацынҵәаз Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых
Аибашьра иацынҵәаз Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иацынҵәаз Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых

Ҽнак, Тҟәарчалнтәи ирышьҭаланы иааит, Ҭырқәтәылантәи еибашьра иааз ҳашьцәа рзы ақәгылара еиҿыркаарц. Убри аҽны агуманитартә цхыраара аазгоз авертолиотқәа Тҟәарчал иаараны иҟан, ажәлар астадион дырҭәит. Уаанӡа ҳахьышәаҳәоз аҭабиақәа рҿы ауаа рацәаӡамызт, аха уи аҽны дара ирырҭеит ахәаԥшцәа жәпаҩык злахәны сааҭки бжаки ицоз аконцерт. Рықәгылара аныхдыркәша анапеинҟьабжьқәа кыр аамҭа еихсыӷьуамызт.

© Фото : предоставлено Музеем Боевой Славы им. В. АрдзинбаАибашьра иацынҵәаз Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых
Аибашьра иацынҵәаз Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иацынҵәаз Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых

"Иҟоуп сгәалашәараҿы наунагӡа инхаз даҽа хҭыскгьы. Ҽнак ҳҽааидаҳкылан, Кәтол ақыҭан еиҿкааз "Бзана" захьӡыз абыргцәа рхырӷәӷәарҭахь ҳцеит. Уа ҳахьнеиз Резо Сақаниа иҩнаҭахьы ҳамҩахырган, ашәа рзаҳҳәарц иҳаҳәеит. Аха аҷкәын қәыԥш иншьан ахьыкҿаз ҳалаԥш анақәшәа, ашәаҳәара иаразнак мап ацәаҳкит. Ари заҳаз аԥшәма дааҳадгылан, ус наҳаиҳәеит: "Дад, шәара ишәҳәо ашәа ԥхьацагоуп, аибашьцәа иҳазкуп. Араҟа ашәаҳәара зынӡагьы иаҭыԥуп. Сыҷкәынгьы иашьцәеи иаҳәшьцәеи шәыбжьы иаҳар, иԥсы ҭынчхап. Шәалага!" — иҳәеит иара. Ашәа анаҳҳәа, аԥсуак ишихәҭоу еиԥш пату ҳақәҵаны ҳандәықәиҵа, аиааиразы ажәа ҳәаны абџьар ҭирҟьеит. Усҟан сара даҽа зныкгьы агәра згеит аԥсуа идоуҳа аӷәӷәара", — лҳәоит Белла Ламиаԥҳа.

Аибашьра анеилга Белла Иван-иԥҳа лырҵаҩратә занааҭ дазыхынҳәит: 1985 шықәса раахыс ашкол аҟны аус луан. Лара лажәақәа рыла, аҭынчра аамҭазгьы агәыԥ "Арасаӡыхь" аибашьра иалиааз ашәақәа ирызкыз аконцертқәа рахь иаарыԥхьон, аха уи азҿлымҳара зынӡа имаҷӡан. Иҟоуп иахьа уажәраанӡагьы ауаа ирмаҳац лхатәы ашәақәа. Абџьар мца иацәыхьчаны аҭынч ԥсҭазаара иахьыгӡоу ацәаҳәақәа ас иԥхьакны ишԥаҟалеи ҳәа санлызҵаа, дааччан, "сара смиссиа аибашьра иацынҵәеит" ҳәа аҭак сылҭеит.

© Foto / предоставлено Музеем Боевой Славы им. В. АрдзинбаАибашьра иацынҵәаз Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых
Аибашьра иацынҵәаз Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иацынҵәаз Арасаӡыхьтәи ашәаҳәаратә гәыԥ аҭоурых

Дубап аӡәы зылшара маҷӡоу, аха зыҽӡырганы ахьырҵәаҵәа еиԥш зхы узырбо. Аха сара дызбоит даҽаӡәы, зыжәлар ирзааԥсахьоу, аха зџьабаа зҵәахуа, гәык-ԥсык ала зус иазнеиуа ауаҩы. Сара исаҳаз аҟнытә узызхәыцша рацәаӡоуп, аха ҩашьарада еилсыргеит акы: хымԥада, абри ауп изахьӡу "абзиа уны аӡы иаҭ".

Ажәабжьқәа зегьы
0