Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

"Сҳамҭа - Аԥсноуп, иҳамоу ҳхақәиҭра ауп": Шьандуан Ажәанба игәалашәаразы

© Фото : из личного архиваШьандуан Ажәанба
Шьандуан Ажәанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зыԥсадгьыли зыуаажәлари рлахьынҵа еснагь гәыҵхас измаз, забацәа рџьынџь дгьыл ахь нхара аара зылзыршаз Шьандуан Ажәанба ара дшыҟаз ауп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра шихьӡаз. Иахьа уажәраанӡа иуаажәлар дрылагылан, бџьаршьҭыхла иԥсадгьыл ихьчеит, иуалԥшьа наигӡеит.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Хаҭала ибзианы дыздыруан Шьандуан Ажәанба. Изныкымкәа сиҿцәажәахьан, Ҭырқәтәыла дахьынхоз иқыҭа саҭаахьан, иан слысасхахьан. Еснагь зылахь еиҵыхыз, ачча зҿықәыхх иҟаз Шьандуан, илахьынҵа кьаҿхеит, иаамҭанымкәа иԥсҭазаара далҵит. Иҟалап, аибашьраҿы иоуз ахәрақәа ирыхҟьазаргьы. Лассы-лассы ақалақь аҿы дызбалон, Аиааира амш ныҳәазы еснагь ажәлар рацәа дрылыскаауан. Иҭахын Аԥсны Аиааира амшныҳәа 25 шықәса ахыҵра иуаажәлар дрылагыланы даԥыларц, аха игәахәтәы иеижьагәышьит. Иара изнымҵыз иԥа Нарҭ изацлааит. Иаб иԥара даԥсахааит!

Рыдуан Ажәанба - Sputnik Аҧсны
Рыдуан Ажəанба: Аҧсназы иҟасҵазеи иахьа ҳəа ихəыцлар бзиоуп ҳауаажəлар

"Сара сҳамҭа — Аԥсноуп, сыуаажәлар роуп, иҳамоу ҳкақәиҭра ауп", — иҳәон Шьандуан Ажәанба иԥсадгьыл аҿы иҟазаара деигәырӷьауа.

"Аибашьра аҟалара мышқәак шагыз сыԥсадгьыл збап ҳәа сааит. Убри аамҭазы аибашьра иалагеит. Сара исылаз сшьа иауазма схынҳәны Ҭырқәтәылаҟа ацара, уи ҟалашьа змамыз усын", — иҳәеит Шьандуан Ажәанба ҳаниҿцәажәоз.

Шьандуан аибашьра алацәажәара иҟазшьамызт, уи иазкны ажәа мыцхәы аҳәара иҭахымызт. Иара хаԥсыра шихигахьазгьы, ӷәӷәала ахәрақәа шимазгьы аҵыхәтәанӡа фырхаҵарыла аибашьратә мҩа данысит.

"Маҷк аԥхӡы ҳалҵзар, ҳаԥсадгьыли ҳажәлари рыхьчаразоуп. Раԥхьа Владислав Арӡынба днаргыланы, ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, иҳадгылаз зегьы налаҵаны Аиааира ҳдыргеит. Уи ахьчара ҳазшаз иҳаҭәеишьеит", — дҳацәажәон  аветеран.

© Фото : из личного архиваШьандуан Ажәанба
Шьандуан Ажәанба  - Sputnik Аҧсны
Шьандуан Ажәанба

Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахьчара иааз арԥарцәеи, Шьандуани азныказы гәыԥк аҿы иҟамызт. Нас рҽеидыркылеит, еиҳабысгьы иара иакәын ирыцыз.

"Ирацәаҩуп аибашьраҿы иҳацәҭахаз, ахәрақәа зауз. Аҷкәынцәа зегьы агәаӷь рызҭан, амца рхылҵуан. Аԥсра зынӡагьы иацәшәаӡомызт. Иҭахаргьы ирдыруан рыԥсадгьыл аҿы анышә ишамардоз, уи азы ауасиаҭ ҳнапы аҵаҳаҩхьан усгьы", — иҳәоит Шьандуан.

Аҟәа ақалақь Анацәа рхеидкыла ахаҭарнакцәа Аҷандара ақыҭа ҳџьынџьуаа Зиуари Заури анышә иахьамадаз аҭыԥ иаҭааит - Sputnik Аҧсны
Ан лхьаа: ҳџьынџьуаа Зиуари Заури анышә иахьамадаз аҭыԥ иаҭааит

Леон иорден занашьоу Шьандуан Ажәанба, Аԥсны Аиааира амш аҽны ӷәӷәала дыхәны ахәышәтәырҭаҿы дышьҭан. Иԥсҭазаараҿы уи зегь реиҳа ихамшҭуа, агәырӷьареи ахьаагареи зцу мшны иаанхоит.

"Аиааира ҳара иҳақәнаган, ҳара иҳауит. Ҳазшаз ҳахимбааит ҳадгьыл. Уи ԥшьоуп, амч ӷәӷәоуп", — дцәажәон аџьынџьдгьыл аиқәырхаҩ.

Аибашьра анеилга, Шьандуан иҭаацәа рахь Ҭырқәтәылаҟа дцеит. Анаҩс, ҩаԥхьа деиҭахынҳәит Аԥсныҟа. Ара дахьааиз иразҟы ицныҟәеит, аҭаацәара далалеит. Иԥшәмаԥҳәыс Нонна Ҷкәатуаԥҳа Аԥснытәуп. Рхы ргәы иақәгәырӷьо рыԥсадгьыл аҿы инхон, дроуит аҵеи Нарҭ.

"Нарҭ фымз ихыҵуан, Ҭырқәтәылаҟа ҳцеит. Быжьшықәса уа ҳааанхеит, сангьы лышықәс неихьан. Адаԥазар, Ҳендеқь иахьаҵанакуа Чақалық ҳанхон, аԥсыуа қыҭоуп, салаҽхәаратәы сыҟоуп. Аха, еснагь сгәы сыхон Аԥсныҟа. Сгәы ахьсыхоз сааит, уижьҭеи абра сынхоит", — ҳәа азгәеиҭеит Шьандуан.

Шьандуан Ажәанба аԥсуара бзиа ибон, уи аныҟәгара дашьҭан. Ижәлар рыбзиеи-рыцәгьеи еснагь далагылан.

"Сара схәыҷаахыс сеиҳабацәа иныҟәыргоз аԥсуара сазҿлымҳан. Аиаша шәасҳәоит, уи даара иӷәӷәан. Аԥхашьара уҟазшьа ианалала, иарбан усу иумырҽеиуа?! Ҳара ҳҭаацәараҿы хҩы аишьцәеи, еҳәшьаки иҳазҳауан, аԥсшәагьы ҳдырҵеит ҳҭаацәа, даара сырзыразуп", — ҳәа азгәеиҭеит Шьандуан Ажәанба.

Ефкан Цыба - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи аԥсҭбара: Ефқан Цыба игәалашәара

Аҳәаанырцә инхо ҳдиаспора еснагь рыԥсадгьыл иадҳәалазарц иҭахын Шьандуан. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәра ашәара шацым еилкаарыла иазнеирц дазыҳәон.

"Аҿар иаҳаулак Аԥсныҟа ихьаҳарԥшыроуп. Аԥсны убриаҟара аибашьра ду ахҭнагеит. Аԥсуа жәлар Аиааира ҳгеит, Ахақәиҭра ҳгеит. Ҳашьцәа еиуеиԥшым атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны инхоит. Аха зегь реиҳа ирацәаны иахьыҟоу Ҭырқәтәылоуп. Аԥсны иҭацәу аҭыԥқәа ыҟоуп, аԥсуаа рыла иҭҳарҭәаароуп", — ихәыцрақәа ҳацеиҩишон Ажәанба.

"Аԥсны асаркьа — иара уахьаадгыло аҳәаа ауп. "Бзиала уаабеит!" — ҳәа ауаҩы аԥсшәа учча-ччо иаҳәара шаҟа аҵанакуазеи, шаҟа зҵаарагьы аӡбоузеи, шаҟа игәыҟаҵагоузеи?! Аԥсуаа бзиа ҳаибабароуп, иҳагу ҳаблақәа ирхымықшалакәа еибаҳҳәароуп. Ҳарҭ ҭаацәак ҳауп, ԥсадгьылк ԥшӡак ҳахылҵит, ҳ- Аԥсны ԥшӡа ҳашьҭа анымҵуа ианаҳҵароуп. Аԥсны ихәыҷы-иду ҳара иҳазхоит, ҳнапқәа акәҳаршап, абааԥсы!..", — ихәыцрақәа ҵыхәаԥҵәара рымамызт аибашьра аветеран.

Ажәабжьқәа зегьы
0