"Кавказ ахьчаразы" амедал зауз Аҷандаратәи аԥҳәыс лҭоурых

© Фото : предоставлено Анной ДженияХыџьгәа Мачагәа-иԥҳа Гәылариаԥҳа
Хыџьгәа Мачагәа-иԥҳа Гәылариаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хҩык ахәыҷқәа рааӡареи, аҩнреи, ақыҭанхамҩеи рныҟәгара уадаҩын, аха Аҷандара ииз, иааӡаз Хыџьгәа Мачагәа-иԥҳа Гәылариаԥҳа илылшеит арҭ ах-уск реилагӡара, уимоу Асовет солдатцәа ацхыраара рыҭарагьы дахьӡон.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

1941-1945 шықәсқәаа рзы ицоз Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иаӡрыжәит ақыҭа ҳәсацәа. Хҩык ахәыҷқәа рааӡареи, аҩнреи, ақыҭанхамҩеи рныҟәгара уадаҩын, аха Аҷандара ииз, иааӡаз Хыџьгәа Мачагәа-иԥҳа Гәылариаԥҳа илылшеит арҭ ах-уск реилагӡара. Ахаҵамԥҳәыс лҭоурых ибзиаӡаны илдыруеит лыԥҳа, Аибашьра Ду аналагоз хышықәса зхыҵуаз, иахьа 80 ирҭагылоу Алла Камидаҭ-иԥҳа Џьниаԥҳа.

Хыџьгәа Гәлариаԥҳа Аҷандара ақыҭан диит, дааӡеит, лаԥхьаҟа илразҟхараны иҟаз Камидаҭ Фафыр-иԥа Џьниагьы уамаӡак дырцәыхарамкәа дынхон, Ҳабҩы ақыҭаҟны, ашьха ашьапаҿы.

1941 шықәсазы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аналага, хаҵеи ԥҳәыси хҩык ахшара рхылҵхьан. Камидаҭи, иашьа Маџьыҭи, убри ашықәсан азеиԥш ԥсадгьыл ахьчаразы аибашьрахь идәықәырҵоит. Хыџьгәа лхәыҷқәеи лареи аҩнра иазынхеит. Лысабицәа дырхашәаланы, аԥҳәыс аҩнгьы, ақыҭанхамҩагьы ныҟәылгон, аколнхарагьы лҽахьылгӡон.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан, ашьхақыҭақәа ирылсны, Асовет солдатцәа анемец фашист ир Кавказ аҳаракырақәа ирхырцарц ицон. Ашьха ашьапаҟны инхоз Хыџьгәа, лассы-лассы лгәашә илслон.

Ашәҟәыҩҩы, ажурналист Шьалуа Константин-иԥа Басариа - Sputnik Аҧсны
Шьалуа Басариа илитературеи ижурналистикеи

"Ҳара зынӡа ҳхәыҷқәан, аха зегь акоуп исгәалашәоит, ҳан асолдатцәа ҳгәашә инадыххалоз, ирыцҳашьаны рхәы шрылҭоз. Ҳбеианы ҳанхомызт, аха ҳҿаҵа рыцеиҩаҳшон. Изныкымкәа уахынлагьы иаанҿасхьан, адырҩаҽны рыԥсы еиҭакны ҩаԥхьа ашьхарахь еихон", — еиҭалҳәоит Алла Џьниаԥҳа.

Хыџьгәа Мачагәа-иԥҳа ашьхаҭыԥқәа рҟны еибашьуаз рзы илԥон аласха иалхыз амаҭәа. Ианиасоз, рыцԥхьаӡа агәырԥхагәақәа, ақалԥадқәа рылҭон, ирыцылҵон илымаз афатә, абысҭа, амгьал, аҟаба жәны.

"Иҟалалон, асолдатцәа, ҳан лыразра пату ақәҵаны, ирымаз, иаҳҳәап асапын иадымхаргьы, лылаԥш иахьыҵашәашаз иааныжьны инцоз", — ҳәа азгәалҭоит аԥҳа.

Алла Џьниаԥҳа илгәалашәоит, асолдатцәа рыҩны ианнеиуаз, ахәыҷқәа ршьамхы иқәыртәаны иргәыдырӷәӷәала икны ишҵәыуоз.

"Ҳан илҳәон, арҭ ахәашақәа рыхәҷқәа гәхьааргозар ҟалап, уи ауп шәара шәызгәыдыркыло. Убас, шәабгьы, атәым хәыҷқәа гәыдыҳәҳәало дшәызхәыцуазаргьы ауеит, ҳәа", — аамҭа хьанҭақәа дырзааҭгылоит ҳажәабжьҳәаҩ.

Алла Камидаҭ-иԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит, анемец фашистцәа ақыҭа иалалоит ҳәа ацәажәарақәа андәықәырҵалак, рабду иашьа Бирам Џьниа дрышьҭаланы, ҽыла алада ишлыбааигоз. Аамҭакы ашьҭахь, ҭынчроушәа анырбалак еиҭа рыҩныҟа ицон.

Маџьыҭ Џьниа ахәра ӷәӷәа иоуз иахырҟьаны, аҩныҟа ддәықәырҵеит, аха Хыџьгәа длыцхраатә еиԥш имаха-ишьаха еибгамызт, ак заҵәык илшоз ахәыҷқәа рхылаԥшра акәын. Аԥҳәыс лхала ацәқәа ҵакны амхы дықәаарыхуан, уахынла амза лықәыҷҷо драшәон, ҽынла аколнхарахь дцон.

Пас Гәбаз. - Sputnik Аҧсны
Зыҵәҩаншьап шыҟоу ззымдыруа аибашьҩы иҭоурых

"Ҳаб, аибашьра анеилгагьы иаразнак дымгьежьӡеит, 1946 шықәсазоуп аҩныҟа данаа. Аҭҟәара дақәшәазаарын аҟнытә. Иара уигьы зыбзоуроу, иҽаниӡа, дҵәахны дызмаз, анемеццәа дрызымҭаз аполиакцәа роуп. Исгәалашәоит, убасҟан иҩызцәа алаф шилырхуаз, "уԥҳәыс аҩны дшыҟазгьы амедал лырҭеит, уара иааугеи" ҳәа", — еиҭалҳәоит аԥҳа.

Хыџьгәеи Камидаҭи аибашьра ашьҭахь даҽа хҩык ахшара рхылҵит. Еицхырааны аҩны дыргылеит, инхеит, инҵеит, уи зегьы хымԥада аџьабаа ду ацын.

"Ҳаб инапы бзиан, амҿлыхқәа ҟаиҵон: аишәақәеи, аҟәардәқәеи, ачанахқәеи, амҳаҵәқәеи, ахмаҷырқәеи, ақыҭаҿы зда ҳхәарҭамыз ауардынқәа, амҵышәқәа, акаҵкәырқәа, акалаҭқәа. Ҳан лакәзар, аласха аус адулара анаҩсгьы, амаҭәа аӡахышьа лдыруан, уи ҳара лыԥҳацәагьы иаҳлырҵеит", — лҳәоит Алла Џьниаԥҳа.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашьҭахь, анхацәа рҭыгалазаашьа мариамызт. Есышықәса, иаадрыхуаз, аплан инақәыршәаны аџьықәреи, аҟәыд, ақыҭаҿы ирымаз ашә, акәац, акәтаӷь уҳәа аҳәынҭқар иарҭар акәын.

"Ашкол аҿынтә ҳанааилак, акы ҳнацҳаны ҳҭаацәа ҳрыдгыланы аус ҳуан. Ауха ҳааԥсаха, ҳала ацәа шхыз аурокқәа ҳнарыдтәалон", — лхәыҷра дазааҭгылоит Алла Камидаҭ-иԥҳа.

Усҟантәи ашықәсқәа раан аидгылара ыҟан. Анхаҩы иҽаг ашьҭыбжь заҳауаз игәыла, ацхыраара ҳәа днаивагылон. Иара убри азеиԥш ус ауп, атәыла дуӡӡа ашьапы иқәзыргылазгьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0