Аусҭҵааҩцәа Гәдоуҭа амҩатә машәыр шыҟалаз аҭагылазаашьақәа ҭырҵаауеит

CC0 / / Авария
Авария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион аҿы, жьҭаара 3, асааҭ 17:15 рзы аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр ҟалеит.

АҞӘА, жьҭаара4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гәдоуҭа араион аусҭҵааҩцәа амҩаду "Ԥсоу-Егры" аҿы иҟалаз амҩатә машәыр шыҟалаз аҭагылазаашьа ҭырҵаауеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы.

МВД - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа араион аҿы аԥсыҭбара зцу амҩатә машәыр ҟалеит

Амҩатә машәыр иахҟьаны автомашьына Mazda аԥсҟы зкыз, 1995 шықәса рзы ииз ауаҩԥсы иԥсҭазаара далҵит. Автомашьына Mercedes-Benz Sprinter аԥсҟы зкыз, 1956 шықәса рзы ииз ауаҩԥсы ахәышәтырҭахь днагоуп.

"Уи идагьы, автобус маҷ фҩык апассаџьырцәа ҭан. Урҭ рҟынтәи хәҩык: 1957 шықәса рзы ииз Гагра ақалақьуаҩ, 1961 шықәса рзы ииз Кировтәи аобласт ауаҩԥсы, 1967 шықәса рзы ииз Гагра ақалақьуаҩ, 1941 шықәсазы ииз Иарославль ақалақьуаҩ, 1984 шықәса рзы ииз Москва ақалақьуаҩ, 1985 шықәса рзы ииз иакутиа ауаҩԥсы гагратәи ахәышәәтырҭахь инаган", — ҳәа аҳәоит адырраҭара.

Урҭ амедицинатә цхыраара рыҭоуп.

Иҟалаз ахҭыс шыҟалаз аҭҵаара иаҿуп рҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0