Аԥсуа поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи злахәу апародиақәа рыхәылԥаз мҩаԥысуеит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукНабережная махаджиров. Драмтеатр. Вечерний Сухум.
Набережная махаджиров. Драмтеатр. Вечерний Сухум. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи злахәу апародиақәа рыхәылԥазқәа традициак аҳасаб ала имҩаԥыргоит Аҟәа, аха уи раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит Аԥсуа драматә театр ахыбраҿы.

АҞӘА, жьҭаара 5– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи злахәу апародиақәа рыхәылԥаз раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит Аԥсуа драматә театр ахыбраҿы ҳәа лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз, ауаажәларреи АИХи рнырразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Шьарида Ҭыжәԥҳа.

"Асеиԥш иҟоу апародиа ахәылԥазқәа мҩаԥгахалоит ԥхьаҟагьы актиорцәа ралахәрала", — лҳәеит лара.

Ахәылԥаз иалахәхоит апоетцәа: Владимир Занҭариа, Анатоли Лагәлаа, Гунда Кәыҵниаԥҳа, Алхас Чхамалиа, Гунда Сақаниаԥҳа.

Иҭыҵит ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа реизга "Аӡаӡа арыцқәа"

"Аидеиа шьахәуп. Апроект хазыноуп. Асовет аамҭақәа раангьы абри ажанр аҿиара бзианы иаман. Ари ажаныр рнапы алакын Владимир Аҵнариа, Сарион Ҭаркьыл уҳәа еицырдыруаз апоетцәа хазынақәа. Уажәы уи иазхьаԥшуеит апоетцәа ҿарацәа. Иагьрықәҿионы избоит", — иҳәеит Владимир Занҭариа.

Иара ишазиԥхьаӡо ала апародиақәа алитература еиԥш ауаажәларра рыԥсҭазаарагьы дырцыхцыхуеит.

Владимир Занҭариа игәалаиршәеит еицырдыруаз асовет пародист Александр Иванов Аԥсны иқәгыларақәа.

"Иванов ара еиҿикаауан афилармониаҿы автортә хәылԥазқәа. Ажәлар еизон. Ареспублика арҿиаратә еилазаара агәахәара ду рыманы урҭ ахәылԥазқәа ирҭаауан", — ҳәа еиҭеиҳәоит Владимир Занҭариа.

Иахьатәи аԥсуа уаажәларратә еилазаара раамҭа ахҭнырҵоит аполитикатә еимак-еиҿак ҳәа иԥхьаӡоит апоет.

"Зны –зынла адоуҳатә ҽрыцқьара аамҭа азуԥшаалароуп. Апародиақәа, аепигаммақәа ҳажәлар ирҟазшьоуп. Ажанр аҿиара ду аманы иҟан Алықьса Лашәриа, Кьыршьал Чачхалиа, Таиф Аџьба уҳәа аӡәырҩы рырҿиамҭаҿы. Ааԥхьара ҟасҵоит апородиақәа рыхәылԥаз ахь ааиразы", — иҳәеит иара.

Владимир Занҭариа иазгәеиҭеит ахәылԥаз аҟны ишӡыргахо апародиа ҿыцқәагьы.

"Апародиақәа рыҩра амзыз гәарҭа амоуп. Хаҭала сара сеигәырӷьоит сҩымҭақәа апародиа аналырхуа. Иҟоуп уи згәы инанамыгӡогьы, аха урҿиара аҽаӡәы ишидикыло, ишибогьы уазыӡырҩыр акыр ихәарҭоуп сгәанала", — иҳәеит апоет.

Аԥсуа поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи традициан ирыман дара дара аепиграммақәа рхибаҳәаара ҳәа иҳәоит Владимир Занҭариа.

Аԥсуа поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи злахәу апародиақәа рыхәылԥазқәа традициак аҳасаб ала имҩаԥыргоит Аҟәа, аха уи раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит Аԥсуа драматә театр ахыбраҿы жьҭаара 5 асааҭ 19:00. рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0