Амедицинатә цхыраара автомобильқәа Аԥсныҟа иаагоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПередача машин Республиканской станции скорой помощи
Передача машин Республиканской станции скорой помощи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныҟа иаагоу амедицинатә цхыраара автомобильқәа рхиоуп ҳаамҭа иақәшәо: аелектрокардиографқәа, адефибриллиаторқәа, арыԥҳа ҳаула арыцқьара аппаратқәа рыла.

АҞӘА, жьҭаара 5– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсныҟа иаагоу амедицинатә цхыраара автомобильқәа ирымоуп афункциа: "телемедицина" уи инақәыршәаны аҳақьым имоу азҵаарақәа акардеолог изирхар ауеит.

"Ҳара амедицинатә мыругақәа: аелектрокардиографқәа, адефибриллиаторқәа, анеонаталтә техника уҳәа ҭҳажьуеит", — иҳәеит урыстәылатәи аилахәыра "Аксион" анџьныр Михаил Иухнин.

Аилахәыра Аԥсныҟа иаанагеит аелектрокардиографқәа, адефибриллиаторқәа, арыԥҳа ҳаула арыцқьара аппаратқәа, апациентцәа рзы амониторқәа.

"Адефибриллиаторқәа аӡәырҩы рзы иԥсеиқәырхагоуп, акардиографқәа ирымоуп афункциа: "телемедицина". Уи иалнаршоит ианаҭаху акардеолог иабжьагажәа аиура. Уи азы иара уа иҟазаара аҭахны иҟаӡам", — иҳәоит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукПередача машин Республиканской станции скорой помощи
Передача машин Республиканской станции скорой помощи - Sputnik Аҧсны
Передача машин Республиканской станции скорой помощи

Аԥсныҟа иаагоуп ацхыраара лас амашьынақәа ааба.

"Арыԥҳа ҳаула арыцқьара аппаратқәа апациент иԥсыԥлагаҩагара иацхраауеит, апациент имонитор аҿы акардиограмма иаанарԥшуеит ауаҩы иҭагылазаашьа. Сара амыругақәа зегьы шьақәыргыланы атехника ахархәашаьа рзеиҭасҳәоит уи ԥхьаҟа аус адызулараны иҟоу", — иҳәеит Иухнин.

© Sputnik / Томас ТхайцукПередача машин Республиканской станции скорой помощи
Передача машин Республиканской станции скорой помощи - Sputnik Аҧсны
Передача машин Республиканской станции скорой помощи

Ацхыраара ласы ареспубликатә станциа аҳақьым хада Аслан Џьопуа иазгәеиҭеит амедицинатә техникала еиҿкаау ацхыраара ласы амашьынақәа арахь ишааго ареспублика Агәабзиарахьчара аминистрра ахықәкытә программа инақәыршәаны.

"Абри апрограмма инақәыршәаны атехникатә ҿыцрақәа ҳусураҿы иалагалахоит. Зегьы ззырхо ауаҩытәыҩса иԥсҭазаароуп, иеиқәырхароуп" — иҳәеит аҳақьым хада. Амыруга ҿыцқәа ацхраауеит аҟазауаа маҷыҩны иалархәны аусура ду амҩаԥгара. Иаҳҳәап кардиологк илшоит ацентр аҟны дтәаны ареспублика ахы-аҵыхәа аҭагылазаашьа напхгара аҭара".

Ацентр аартхоит мышқәак рыҩныҵҟа Ареспубликатә хәышәтәырҭа абазаҿы. Ацхыраара ласы автомашьынақәа Аԥсны араионқәа зегьы рҿы аус рулоит.

Дара аахәоуп ареспубликатә биуџьет аԥарақәа рыла, хә-миллион мааҭ ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0