Исҿыҵшәаз ажәа "саб"

© Sputnik Томас ТхайцукГагра ақалақь
Гагра ақалақь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, Гагра араион ахақәиҭтәразы аԥсуа еибашьцәа ажәыларатә аоперациа анымҩаԥыргоз, 1992 шықәса жьҭаара 5 рзы, аӷа ихымца иԥсҭазаара ҿахнаҵәеит Оҭар Гьаргь-иԥа Инал-иԥа. Иара иҭынхеит ҩыџьа ахшара. Уи аахыс 26 шықәса шыҵхьоугьы, аибашьҩы иԥҳацәа раб дыргәалашәоит зегь раасҭа иқьиаз, иӷәӷәаз, иԥшӡаз, ирзааигәаӡаз уаҩны.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Изҳәада, аамҭа ахәра ахәшәтәуеит ҳәа? Уи мцуп. Иара баша ахьаа хнаҽуеит ауп, лҳәоит 26 шықәса раԥхьа ажәа "саб" зҿыҵшәаз аԥҳа Асида Иналԥҳа.

Оҭар Гьаргь-иԥа дҭахеит Гагра араион ахақәиҭтәра ҽнак шагыз, Цандрыԥшь ахырхарҭаҟны.

Праздничные мероприятия в день освобождения Гагры - Sputnik Аҧсны
Гагра араион ахақәиҭтәра 26 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

"Ҳаб данҭахоз сара бжьышықәса ракәын исхыҵуаз, сашьҳәа Алиона — хәышықәса. Иаалырҟьаны, ари ҳҭаацәаратә рыцҳара ду сықәра иацнаҵеит, ишәхьаз ҭыԥҳак леиԥш схәыцуа салагеит. Зегь раасҭа сан дрыцҳасшьон. Лхала ҩыџьа ахәыҷқәа ҳааӡареи, ауаҩра ҳалхреи лнапы ианылеит", — лҳәоит лара.

Оҭар иԥҳацәа дыргәалашәоит агәымшәара, ауаҩра злаз иакәны.

"Ҳаб бзиа ибаӡомызт ахырҽхәара. Ҳанду иаҳзеиҭалҳәахьан, Североморск аррамаҵура данахысуаз, иширԥсыз амца зкыз аибашьыгатә ӷба, иҩызцәа рыԥсҭазаара еиқәирхеит. Усҟан иара Аҳәынҭқарратә ҳамҭа даԥсахеит, ианаршьеит апремиагьы", — еиҭалҳәоит Асида.

Оҭар Инал-Иԥа зымаха-зышьаха ӷәӷәаз, аиааирахь агәазыҳәара змаз уаҩын, уи иҟазшьа ҷыдара иалнаршеит амаланыҟәатә спорт аҟны ақәҿиарақәа раарԥшра.

"Ҳаб даара дыԥшӡан. Есқьынагьы бзиа ибон маҭәа ԥшӡала аҽеилаҳәара, ажәакала амода дацныҟәон. Џьара ҳанцоз, акостиум ишәымкәа, адухь фҩы хаа иқәымҭәакәа иҟамлацызт. Ус дысгәалашәоит иара", — ҳәа азгәалҭоит аԥҳа.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
"Ашьамҩа ианысыз Аԥсны ахьчаҩцәа" захьӡу афотоцәыргақәҵа аартуп Гагра

Иаамысҭашәаз, аҵабырг иашьҭаз, ахачҳара злаз Оҭар Инал-Иԥа иҩызцәа бзиа деицырбон, иаргьы сабарыхәои ҳәа дрышьҭан.

Жьҭаара 5, 1992 шықәсазы, зашьцәеи, зҩызцәеи ирывагыланы зыԥсадгьыл зыхьчоз аибашьҩы аӷа ихымца иқәшәеит.

"Ҳара иахьынӡаҳдыруа, ҳаб данырхә ашьҭахь, даҽа 40 минуҭ иԥсы ҭан. Гагратәи агоспиталь ахь дрыманы ицонаҵы, ажәак имҳәеит, ихаԥыцқәа еихырӷәӷәа ахьаа ичҳауан. Аҵыхәтәаны, иԥсы анихыҵуаз "схәыҷқәа шәмыргәаан" ҳәа ниҿыҵҟьеит", — лылаӷырӡ дахәаҽуа, лаб иԥсҭазаара дшалҵыз ҳзеиҭалҳәеит Асида Инал-Иԥа.

Оҭар Гьаргь-иԥа данҭаха ашьҭахь ианашьан "Агәымшәаразы" амедал.

Асидеи Алионеи ран Цира Зыхәԥҳа илылшоз зегь ҟалҵеит лыԥҳацәа ааӡара бзиа рыҭаны, аҵара дуқәа дырҵараҿы.

© Фото : Аҭаацәара рархив аҟынтәОҭар Инал-иԥа. Архивтә фото
Оҭар Инал-иԥа. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Оҭар Инал-иԥа. Архивтә фото

Аиҳәшьцәа аразҟы хазынақәа роуит.

Аамҭа ццакны ицоит, аха агәалашәара аанхоит.

Оҭар иԥҳацәа ргәы дышҭоу ауп рыԥсҭазаара шымҩасуа, ишгәырӷьо, ишыччо. Дара ргәадура раб ахаангьы дырхашҭуам, иӡбахәгьы, изызҳауа рхәыҷқәа ирзеиҭарҳәоит закәытә фырхаҵаз изхааным рабду.

Ажәабжьқәа зегьы
0