Жәлар рашәақәеи адунеитә классикеи: ахортә капелла аконцерт мҩаԥысуеит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукГосударственная хоровая Капелла Абхазии
Государственная хоровая Капелла Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконцерт апрограмма иалоуп аурыси аԥсуеи жәлар рашәақәа, адоуҳатә музыка, аклассикцәа: Франц Шуберт, Сезар Франк, Вольфганг Моцарт, Георг Гендель рырҿиамҭақәа.

АҞӘА, жьҭаара 8 – Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла ықәгылараны иҟоуп РУСДРАМ аҿы, жьҭаара 10 рзы ҳәа радио Sputnik иазеиҭалҳәеит аколлектив асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор Нора Џьынџьалԥҳа.

"Аконцерт азкуп аԥсуа жәлар аибашьраҿы риааира 25-шықәса ахыҵра. Ҳара ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит Иракли Хынҭәба, аконцерт атеатр аҿы амҩаԥгара ахьҳадигалаз". — лҳәеит лара.

акопелла амузыкатә напхгаҩы, адирижиор хада Нора Аџьынџьалԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Арадио
Нора Аџьынџьалԥҳа: аԥсуа жәлар рашәақәа Урыстәыла ибзианы ирыдыркылоит

Нора Џьынџьалԥҳа лажәаәқа рыла, атеатр аҿы акустика бзиаӡа ыҟоуп. Уи аконцерт амҩаԥгаразы акраҵанакуеит.

"Ишыжәдыруа еиԥш ахортә капелла изныкымкәа ахы аланархәхьеит аспектакль "Игрок". Ҳара инаҳагӡон Моцарт и-"Реквием", — ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Азыӡырыҩцәа аҳәара ҟарҵеит асолотә концерт атеатр аҿы имҩаԥаагарц.

"Аконцерт апрограмма иалоуп аурыси аԥсуеи жәлар рашәақәа, адоуҳатә музыка, аклассикцәа: Франц Шуберт, Сезар Франк, Вольфганг Моцарт, Георг Гендель рырҿиамҭақәа. Аконцерт аартхоит аԥсуа жәлар рашәала. Адоуҳатә музыкахь иаҵанакуеит: Дмитри Бортниански иитәу "Тебе Бога хвалим", Павел Чесноков иитәу "Совет превечный", — ҳәа еиҭалҳәоит Џьынџьалԥҳа.

Нодар Ҷанба Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла аиҳабыс дҟаҵоуп - Sputnik Аҧсны
Нодар Ҷанба Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла аиҳабыс дҟаҵоуп

Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт ҟалараны иҟоуп РУСДРАМ аҿы, жьҭаара 10, асааҭ 19:00 рзы.

Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла аԥҵан 1969 шықәса рзы, еицырдыруа аԥсуа композитор Алықьса Чычба иаԥшьгарала. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иара напхгара арҭон: Ражьден Гәымба, Алықьса Чычба, Вадим Судаков, Виачеслав Аиба, Нодар Ҷанба.

Аколлектив изныкымкәа иқәгылахьеит: Рига, Санкт-Петербург, Киев, Москва ақалақьқәа рҿы. Акапелла 40 шықәса инарзынаԥшуа Афон Ҿыцтәи аҳаԥаҿы аконцертқәа мҩаԥнагоит. Аиҳарак иара ақәгыларақәа мҩаԥысуеит XI ашәышықәсаан иргылаз Пицундатәи аныхабааҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0