"Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы" Акт 19 шықәса ахыҵит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Абхазии
Ситуация в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы" Акт рыдыркылеит 1999 шықәса жьҭаара 12 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 12 – Sputnik. "Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы" Акт ареспублика Апарламент аҿы ирыдыркылеит 1999 шықәса жьҭаара 12 рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

Жәлар Реизараҿ адокумент рыдыркылеит 1999 шықәса жьҭаара 3 рзы имҩаԥгаз азеиԥшмилаҭтә референдум ашьҭахь. Ареферендум аҟны 97% алахәылацәа 1994 шықәса абҵара 26 азы ирыдыркылаз Аԥсны Аконституциа апроект адгылара арҭеит.

Акт ианыԥшит ареспубликаҿ арҭ аамҭақәа рзы иҟалаз аԥсахрақәа.

"Акт Аԥсны аҿиараҿ иналукааша закәанԥҵаратә етапны иҟалеит. Абри адокумент аҿы ахы акит ареспублика аҿиара аетап ҿыц. Агәра аагоит аԥсуа жәлар шықәсырацәалатәи ахьыԥшымраз рықәԥара шьаҭаны Акт апринципқәа ишроуз, Аԥсны ашьагәыҭжәлар ринтересқәа ишрықәшәо", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

"Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы" Акт рыдыркылеит 1999 шықәса жьҭаара 12 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0