Россельхознадзор аԥснытәи аалыҵ аганахь ала аԥкырақәа шыҟоу иааннажьуеит

© Sputnik / Илона ХварцкияГраница Псоу
Граница Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Аԥсны аҳәынҭқарратә карантинтә маҵзура аиҳабы Аркади Џьынџьиа аҳәамҭа ҟаиҵахьан аурыс-аԥсуа ҳәааҿы иахәҭоу асертификат зцу аалыҵ ахыгара ԥкхом ҳәа.

АҞӘА, жьҭаара 19 — Sputnik. Аԥснытәи аалыҵ Урыстәылаҟа ԥкырада аиагара макьаназы изаацәоуп ҳәа иазырыԥхьаӡоит Россельхознадзор аҿы. Абас аанацҳауеит РИА Новости, зыӡбахә ҳәаз урыстәылатәи аусбарҭа аофициалтә дырра ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Аамҭақәак раԥхьа аԥкырақәа алагалан Аԥсны иалаҵәаз амармалташь пты иахҟьаны.

"Россельхознадзор ахҳәаа анаҭоит Аԥсны аҳәынҭқарратә карантинтә маҵзура аиҳабы Аркади Џьынџьиа амассатә информациатә хархәагақәа рҿы иахәҭоу асертификат зцу аалыҵ аурыс-аԥсуа ҳәаа ахыгара ԥкхом ҳәа ииҳәаз. Аԥкырақәа макьаназы ишыҟац еиԥш иаанхоит", — ҳәа аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҿы.

Аветеринартәи афитосанитартәи хылаԥшразы Афедералтә маҵзура имҩаԥнагеит амониторинг 2018 шықәса хәажәкыра 24-25 рзы, иагьышьақәнаргылеит Аԥсны

Аркадий Джинджия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьынџьиа: Урыстәыла аҳәаа иахыгахо аалыҵқәа ирыцзароуп ирыхәҭоу асертификатқәа
 иахьаҵанакуа афитосанитартә ҭагылазаашьа акырӡа ишәарҭаны иҟоуп ҳәа. Убри инадҳәаланы 2018 шықәса мшаԥы 2 инаркны Аԥснытәи аалыҵ аҳәаа ахыгара аанкылахеит.

"Урыстәылатәи Афедерациаҟны ишәарҭоу акарантинтә обиект аларҵәара аԥкразы Россельхознадзор ихымԥадатәны иашьоит аамҭала Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ақыҭанхамҩа аалыҵ алагалара аанкылара ахәҭоуп ҳәа", — азгәаҭан аусбарҭа адырраҭараҿы.

Россельхознадзор агәаанагарала Аԥсны амармалташьтә пты иаҿагыланы аусурақәа системала имҩаԥгалатәуп, аамҭагьы акраҭахуп.

"Аԥсуа ган имҩаԥнагаз ауснагӡатәқәа апты ахыԥхьаӡара еиҵартәуеит, аха зынӡа ақәгара рылшом. Урыстәылаҟа апты анеира ашәарҭара шыҟац иаанхоит", — ҳәа азгәанаҭоит амаҵзура.

Федор Тарба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҭарба амармалташьтә пты иазкны: ахәышәтәраҿы угәы урҭынчыр ҟалаӡом

Амармалташьтә пты цәырҵит 2016 шықәса рзы, аха аԥхасҭа ӷәӷәаны иҟанаҵо иалагеит 2017 шықәса рзы. Аиҳаракгьы Гал араион аҿы. Уажәы апты ареспублика иахьаҵанакуа зехьынџьара иуԥылоит.

Аекологцәа ражәақәа рыла, ԥшьбаҟа шықәса раԥхьа арахь иқәнагалаз амармалташьтә птқәа макьаназы ирҿагыло ҳәа хәшәык рызхәыцым. Ауаҩытәыҩса иԥсҭазаарази иааҳакәыршан иҟоу аԥсабарази шәарҭарада апты иаҿагылан ақәԥара уадаҩуп. Апты ҿиоит +15ºС — +33 ºС рҟынӡа аԥхарра аныҟалалак.

Иара рылаҵәаны иҟоуп Мрагыларатәи Азиа, Америка, Европатәи атәылақәа, Ҭырқәтәыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0