Аԥсны атәылауаҩ аихымцаҿ иҵәахны анаркотикқәа Урыстәылаҟа ииаигарц даҿын

CC0 / / Упакованный кокаин
Упакованный кокаин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылауаҩ жьҭаара 18 рзы аурыс-аԥсуа ҳәааҿы дааныркылеит.

АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ иганахь ала Шәача ақалақь аҿы ашьаус хацыркуп, асинтетикатә наркотикқәа аурыс-аԥсуа ҳәаа рахыгара иҽахьазишәаз азы ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Контрабанда сигарет - Sputnik Аҧсны
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа контрабандала ииаргоз асигаретқәа аанкылоуп

43-шықәса зхыҵуаз Аԥсны атәылауаҩ жьҭаара 18 рзы аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аҳәаахьчаҩцәа дааныркылеит. Иара 0,63 грамм асинтетикатә наркотикқәа аурыс-аԥсуа ҳәаа рахыгара игәҭакын.

"Анаркокуриер имаҭәақәа рҿы ирылаз аихымца акорпус аҿы аполиетелен иалхыз аилаҳәара ԥшаан. Аилаҳәара илаԥсаз амаҭәашьар ахимиатә анализ ишьақәнаргылеит уи N-метилефедрон ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар шакәыз", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусҭҵаара мҩаԥысуеит. Аԥсны атәылауаҩ даанкылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0