Ҳаџьымба: Аԥсны "Ахьтәы ҭагалан" алахәрала атәыла аихьӡарақәа ааԥшуеит

© Фото : Алексей СтефановАгропромышленная выставка "Золотая осень 2018"
Агропромышленная выставка Золотая осень 2018 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза 19 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧснытәи ааглыхыҩцәа Жәларбжьаратәи агро-ааглыхратә цәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан -2018" ралархәра еиҿызкааз ауаа идикылеит.

АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада Жәларбжьаратәи агро-ааглыхратә цәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан-2018" алахәра — традициа бзианы иҟалеит ҳәа ахиҳәааит ацәыргақәҵа алахәцәа рԥылараан.

Агропромышленная выставка Золотая осень 2018 - Sputnik Аҧсны
"Ахьтәы ҭагалан-2018" аҟны Аԥсны иагеит 11 хьтәы медал

"Ахьтәы ҭагалан" алҵшәақәа иаҳдырбеит ҭыҧк аҿы ҳашгылам. Ҳара мҽхакы ҭбаала Урыстәылатәи аџьармыкьа алалара зылшо тәылаӡам, аха ҳтауарқәа рхаҭабзиара зеиҧшроу ала, урҭ раларҵәара ҳалдыршоит. Иахьа адунеи зегь аҟны ари ахырхарҭаҟны аихьӡарақәа риуразы алшарақәа активла ахархәара рымоуп", — иҳәеит атәыла ахада.

Ҳаџьымба ацәыргақәҵа алахәылацәа, аԥснытәи анаплакыҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаҧырго аусуразы.

Инаҵшьны иҳәеит ареспублика анапхгара Аԥсны адунеижәларбжьаратә цәыргақәҵаҿ ахьӡ аҭыгара ахьрылшаз азы анаплакыҩцәа ҷыдала азхьаԥшра шрырҭо.

Урыстәыла иҟоу Аҧсны Ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц атәыла Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа рыхә ҳаракны иахьишьаз. Иазгәеиҭеит Аԥсны асеиԥш иҟоу ацәыргақәҵаҿы аҟазаара аҵак ду шамоу, ахәшьарагьы шыҟоу. Сынтәа ауснагӡатә иалахәын 22 аԥснытәи наплакы, ҵыҧх 14, ари афакт иаҳәо рацәоуп иҳәеит ахәаахәҭратә хаҭарнак.

"Егьырҭ ашықәсқәа раан еиҧш, сынтәагьы ицәыргақәҵаз ақыҭанхамҩа аалыҵ иадҳәалаз ахарџьқәа рхахьы иргеит Аиҳабыра. Алахәхара амҽхак ҭбаан, алҵшәагьы аман. Урыстәылатәи аџьармыкьа аҧсуа қыҭанхамҩа аалыҵ ахь иамоу азҿлымҳара есааира иазҳауеит", — иҳәеит иара.

Даур Аршба. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аршба: "Ахьтәы ҭагалан-2018" аҿы аԥсуа стенд ахәшьара бзиа амоуп

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны ишьақәгылоит абжьаратә класс иаҵанакуа ааглыхҩцәа, ахатә наплакыҩцәа, уи даара акраҵанакуеит.

Олег Барцыц Рауль Ҳаџьымба ианеишьеит "Аҳәаанырцәтәи атәылақәа" захьӡу аноминациаҿы "Ахьтәы ҭагалан" аҟны алагаламҭазы Аҧсны Аиҳабыра зыҧсахаз аҳамҭа хада — Гран-при.

Абри ашьҭахь ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи идикылеит Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба.

Иара иазгәеиҭеит ацәыргақәҵа аҧсуа ааглыхыҩцәа даара ибзианы ишазыҟаҵаз.

"Шәара аусура ду мҩаԥыжәгеит. Ҳтәыла ахьӡ ҭыжәгеит. Ҷыдала иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп аҳамҭа дуқәа ирыԥсахаз. Иахьатәи аус иунарбоит ареспублика ԥхьацаратәи амҩа ишану", — иҳәеит Бганба.

Аԥыза-министр аҳаҭыртә шәҟәқәа ранеишьеит ацәыргақәҵа алахәылацәа.

"Ахьтәы ҭагалан-2018" хыркәшахеит Москва, жьҭаара 13 рзы. Аԥснытәи аалыҵқәа иранашьахеит 11 хьтәы медал.

Ажәабжьқәа зегьы
0