Амина Аншԥҳа Сардиниа атурнир аҿы аҩбатәи аҭыԥ нылкылеит

© Foto / Ralf ReineckeАмина Аншба
Амина Аншба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сардиниатәи аԥқьаҭасратә турнир Санта Маргарита Де Пула Амина Аншԥҳа далахәын. Атурнир мҩаԥысуан жьҭаара 15-21 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа ԥқьаҭасыҩ Амина Аншԥҳа аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Санта Маргарита Де Пула аҿы ҳәа ҳзаалыцҳаит аспортсменка лан Емма Кәартааԥҳа.

 "Афинал акыр иуадаҩын. Мышкы уи аԥхьа Амина х-матчк дыхәмарит. Уи ашьҭахь акыр иуадаҩын ахәмарра, аха Амина илыллыршеит испаниатәи аԥқьаҭасыҩ Сарра Торно лыцыхәмарра", — лҳәеит ан.

Амина дызцыхәмаруаз лаасҭа деиҵахеит 6:4; 6:3 ҳәа. Зынӡа атурнир аҿы Амина Аншԥҳа хә-еиԥыларак мҩаԥылгеит. Испаниатәи атурнир аҟынӡалара 333 аҭыԥ нылкылон адунеитә реитинг аҿы. Сардиниатәи лықәҿиара уажәшьҭа уи 298-тәи аҭыԥ ахь дханагалоит.

Амина Аншԥҳа 2013 шықәса рзы 14 шықәса зхыҵуа рыбжьара Европа актәи аракетка ҳәа илышьҭан, еиуеиԥшым жәларбжьаратәи атурнирқәа Бельгиа, Германиа, Швеицариа, Узбекистан, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла рҿы аԥыжәарақәа лгахьан.

Иара убасгьы 2016 шықәса рзы Швеицариатәи ақалақь Клостерс аҿы Европа ачемпионат аҿы аиааира лгеит.

Амина иара убасгьы дрылахәын US Open (ЕАШ), Roland Garros (Франциа), Wimbledon (Великобританиа) атурнирқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0