"Аҵарадырра змоу абиԥара" алеқциа мҩаԥысит Очамчыра

© Фото : "Послы доброй воли Абхазии"Тенгиз Тарба
Тенгиз Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект EducaTED GeneratiON (аҵарадырра змоу абиԥара) аҩбатәи алеқциа мҩаԥысит Очамчыра.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Апроект EducaTED GeneratiON (аҵарадырра змоу абиԥара) аҩбатәи алеқциа мҩаԥысит Очамчыра, аспорт комплекс "Жемчужина" аиҿцәажәарҭатә уадаҿы. Алеқциа даԥхьеит афотограф, авидеограф, афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" ахада Ҭенгьыз Ҭарба.

"Ҳара ҳанқалақьуаахалак лассы-лассы иаҳхашҭуеит ҳакәша мыкәша иҟоу аԥсабара. Убри аҟнытә ҳара ҳахдырраҿы зҵакы ӷәӷәоу аилкаарақәа рыхәҭак ҳцәыӡуа ҳалагоит. Еиԥшымзаара амаӡам ауаҩы дызлацәажәо абызшәа, ара инхо дызмилаҭзаалакгьы аԥсуа культура дахәҭакуп", — иҳәеит Ҭарба.

Анаҩс иара дрылацәажәеит анкьа изықәныҟәоз аха ҳаамҭазы зымчхара маҷхаз ашьха ҵасқәа.

"Ашәышықәсақәа раԥхьа ашьха ихалоз ауаҩы, уа дахьынӡаҟаз еснагь Анцәа диацәажәозшәа ихы мҩаԥигон Убри алагьы ашәышықәсақәа ашьхараҿы изхызгаз абиԥарақәа иалкаау ашьха аҵасқәа шьақәдыргылеит. Иаҳҳәап мҿык ԥырҟозар, ма баша ӡаагараа инеиуазаргьы Еиҳа зымчу иажәақәа ирықәныҟәозшәа ргәы иабон. Урҭ аамҭақәа раахыс ҳаԥсҭазаара кыр ԥхьаҟа ицахьеит, аха урҭ аҵасқәагьы иргәыҵастәым. Избанзар урҭ аҵасқәа рыбзоурала ҳара еиҳа ирласны ҳашьхақәа ҭаҳҵаауеит, насгьы иаҳнарҵоит ахымҩаԥгашьа иаша. Ари даараӡа аинтерес зҵоу, ҳмилаҭ иахәарҭоу ԥышәоуп", — иазгәеиҭеит Ҭенгьыз Ҭарба.

Иара убас Ҭенгьыз еизаз аҿар ирзеиҭеиҳәеит ашьхараҿы аусура иацу ауадаҩрақәа. Насгьы иазгәеиҭеит уи алҵшәақәа ауаа зегьы еиуеиԥшымкәа ишрыдыркыло.

"Ҳара лассы-лассы иҳаҽԥнырҳәоит ашьхатәыла иԥшьоу ҭыԥуп, акьысра аҭахым ҳәа. Ус зҳәо ауаа ирхашҭзар ҟалап шәышықәса раԥхьа Аԥсны ашьхақыҭақәа рхыԥхьаӡара шәкы рҟынӡа ишынаӡоз. Иахьагьы афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" ашьха лассы-лассы иазыхынҳәлар, еиҳагьы иазхьаԥшлар аҭахуп, уи ахырхарҭа алагьы аусура бзиа мҩаԥнагоит. Иаҳҳәап аԥхынра ашьха азцаразы еиҳа иманшәалоуп, ашәарҭарагьы кыр еиҵоуп. Аӡынра даара ишәарҭоуп ашьха ацара, аԥышәа змоу ауаҩы дуцымзар. Аха рыцҳарас иҟалаз, ашьхатә шәарҭадара иазҟазоу ауаа иахьа шамахамзар иҳамаӡам. Шәареи ҳареи еицыҟаҳҵарц иҳалшо аусқәа ҳрылацәажәозар, зегьы иреиҳау хықәкыс иҳаргылозароуп ашьхатә шәарҭадара акәама-ҵамақәа здыруа апрофессионал иааӡара", — иҳәеит иара.

Аҟәа имҩаԥысит апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны. Аӡын" аӡыргара

Ҳара ҳусура хықәкы хадас иамоуп аларҵәара зҭаху аидеиақәа рыԥшаара, иҳәеит Очамчыра аҿар реилазаара "I can" ахада Маҭе Ҵкәитариа — апроект шықәсыбжак ицалоит.

"Аханатәгьы ҳара ҳагәҭакқәа анцәыраҳга аспециалистцәа рацәаҩны адгылара ҳарҭеит. Ҳара ҳусмҩаԥгатәқәа ирыдҳаԥхьалоит егьырҭ араионқәа ирыҵаркуа аҿаргьы. Иаҳҳәап иахьагьы ҳара иаҳҭоуп Аҟәантәи, Галнтәи уҳәа асасцәа. Ҳара хықәкы хадас иҳамоуп еиуеиԥшым абиԥарақәа еимаданы зхы аус адулара зҭаху ауаа шырацәаҩу ашьақәырӷәӷәара. Убри аҟнытә досу игәы иақәшәо ахырхарҭаҿы адыррақәа ирҳарц азы ҳара ҳтематика еиуеиԥшымкәа аиқәыршәара ҳҽазаҳшәоит" — ҳәа азгәаиҭеит иара.

Апроект EducaTED GeneratiON мҩаԥнагоит аҿар реилазаара "I can". Уи хықәкы хадас иамоуп арҿиаратә еицәажәара амҩаԥгаразы аҭагылазаашьа аԥҵара, TED-Talks аформат иақәшәо.

TED-Technology, Education, Design (атехнологиа, аҵарааӡара, адизаин)- иҵоуроу апроблемақәа рылацәажәаразы есышықәса аиҿцәажәарақәа мҩаԥызго, аҟәрышь иадҳәалам еиҿкаароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0