Иҧсҭазаара Аԥсны иадиҳəалеит: Муҳаррем Аҭрышбеи Асҭанда Џьапуаҧҳаи рҭаацәа

© Фото : Cырма АшәԥҳаМуҳаррем Аҭрышбеи Асҭанда Џьапуаҧҳаи рҭаацəа
Муҳаррем Аҭрышбеи  Асҭанда Џьапуаҧҳаи рҭаацəа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акыр шықәса раԥхьа Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара иааз Муҳаррем Аҭрышбеи, иԥсадгьыл аҿы илахьынҵахаз Асҭанда Џьапуаҧҳаи дрыҿцәажәеит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҭоурыхтə мзызқəа ирхырҟьаны зыҧсадгьыл иаҟəыгаз ҳауаажəлар еснагь гəыҵхас ирымоуп рабдуцəа рџьынџь азыхынҳəра. Убас еиҧш, Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра ианалага, раҧхьа игаз ахысбжьы еиднакылеит нырцəи-аарцəи зегьы. Аибашьра аветеран "Агəымшəаразы амедал" занашьоу Муҳаррем Аҭрышба, усҟан зынӡа дқəыҧшын.

Семья Нусрета Ахба - Sputnik Аҧсны
Нусреҭ Ахба: ҳхы-ҳгәы ҳақәгәырӷьо ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

Ҭырқəтəыла, Сақариа иаҵанакуа Ҳендеқь ақалақь аҿы дынхон, иреиҳау аҵараиурҭа дҭан. Иҭаацəа ирамҳəаӡакəа, иаб иашьа иҧа Иауз Аҭрышбеи иареи еицны ибналаны Аҧсныҟа иааит, уинахыс аҧсреи абзареи зцыз ааибашьратə мҩа ианысит. Анцəа иџьшьаны амцашыра еибганы иалҵит.

Муҳаррем Аҭрышба анаҩстəи иҧсҭазаара иҧсадгьыл иадиҳəалеит. Аҭрышаа абиҧарала еснагь рыҧсадгьыл иазҿлымҳан. Муҳаррем иаб иашьцəа 1970-тəи ашықəсқəа рзы Аҧсныҟа иаахьан. Арантə ихынҳəны Ҭырқəтəылаҟа ианнеи, хымҧада рыхшара ирызнаргоз рыҧсадгьыл аӡбахə акəын.

Муҳаррем аибашьра аӡбахə алацəажəара еснагь мап ацəикуеит, избанзар ахаҵа иуалҧшьа Аҧсадгьыл ахьчара ауп ҳəа иҧхьаӡоит. Сара хаҭала акырынтə сҽазысшəахьеит уи атемала иҿцəажəара, аха дааччаны ус иҳəоит:"Мап, уи саламцəажəааит…" Изыдруада, мышкы зны дысзаагар, исзеиҭеиҳəо аибашьратə хҭысқəа шəара шəҟынӡа исызнагар… Зегь ҿҳəарак, ҿҳəарак рымоуп, сгəыҕуеит уи аамҭагьы ааип" ҳəа.

Раҳми Арӡынба - Sputnik Аҧсны
Раҳми Арӡынба: сыԥсадгьыл сыла иасырбап ҳәа сааит, уаҳа сагьымцаӡеит

Муҳаррем иҧшəмаҧҳəыс Асҭанда Џьапуаҧҳа, Очамчыра араион Мықə ақыҭа диит. Уа абжьаратə школ даналга, Аҧснытəи Аҳəынҭқарратə университет азиндырратə факультет дҭалеит. 2000 шықəса инаркны Аҧсны Аҳəынҭқарра аминистрра аиустициаҿы аспециалист хадас аус луеит. Лара еснагь лҽазҵəылхны арепатриациа иадҳəалоу аусқəа дрышьҭоуп.

Аамҭаказы Аҧсны жəлар реизараҿы ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара аҟəша ахантəаҩы ицхырааҩыс дыҟан. Ҳџьынџьуаа иреиуоу аӡəы ихаҵгылара ахьаҭаху, уадаҩрак имазар иахьидгылатəу, еснагь ицхраара дазыхиоуп.

Асҭанда ллахьынҵа убас еиҧш илыцныҟəеит, Ҭырқəтəылантəи зыҧсадгьыл иазыхынҳəыз Муҳаррем Аҭрышбеи лареи еинасыҧхартə еиҧш.

Сара хаҭала арҭ аҭаацəа даара ибзианы сырзааигəоуп, аибабара ҳабжьоуп. Даара агəахəа алысхуеит иҿырҧшыгоу ҭаацəараны Аҧсны иахьынхо. Акрааҵуан Аҭрышаа рҭаацəара ирызкны анҵамҭа аҟаҵара сгəы иҭеижьҭеи. Аха, ахӡыргара злам арҭ аҭаацəара еснагь иҟасҵоз аҳəара ацынхəрас, аҭакс абас рҳəон: "аҩныҟа сасра бҳазнеи, ҳазхара ҳаибабап, ҳаицəажəап". Асҭандеи сареи уажəтəи ҳаиқəшəараан дазаазгеит лыхшыҩзцарақəак ҳацеиҩылшарц, абас еиҧш ҳаицəажəарагьы хацыркхеит:

"Сара сахьиз аҭааацəараҿы еснагь аҳра ауан аҧсуара. Насыҧ сыманы схы сыҧхьаӡоит сызланагалаз Аҭрышбақəа рҭаацəараҿы уи акырынтə еихаҳаны иахьызбаз. Сабхəа иҧсҭазаара далҵхьеит, санхəа д-Ҕьазҧҳауп. Илҿысҵааз акырӡа ирацəоуп. Аҧсуа ҧҳəыс лхымҩаҧгара, лҟəыҕара, аҭаацəа реидкылара, ахшара рааӡара уҳəа аҧсҭазаара иацу аҧҟарақəа зегьы ҷыдала дрызнеиуеит", — лҳəеит Асҭанда Џьапуаҧҳа.

Муҳаррем Аҭрышбеи Асҭанда Џьапуаҧҳеи Аҟəа ақалақь аҿы инхоит. Ҳаҧсадгьыл аҿы имҩаҧысуа ахҭысқəа зегьы ирылахəуп. Ҩыџьа рыҧҳацəа Иалсеи Нареи, Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟəатəи ажəабатəи Ашьхарыуаа рышкол аҟны аҵара рҵоит. Даара иҵаҩцəа ҿырҧшыгақəаны ирызҳауеит.

© Фото : Cырма АшәԥҳаМуҳаррем Аҭрышбеи Асҭанда Џьапуаҧҳаи рҭаацəа
Муҳаррем Аҭрышбеи Асҭанда Џьапуаҧҳаи рҭаацəа - Sputnik Аҧсны
Муҳаррем Аҭрышбеи Асҭанда Џьапуаҧҳаи рҭаацəа

"Иалса аҩбатəи акласс аҿы дтəоуп, Нара сынтəа актəи акласс ахь дцеит. Рҩыџьагьы қəҿиарала амаҭəарқəа зегьы рыцааиуеит. Рырҵаҩцəа даара бзиа ирбоит. Иалса абызшəақəа дрызҿлымҳауп. Аҧсшəа, аурысшəа,аҭырқəшəа, ангыл бызшəала дцəажəоит. Нара ашкол ахь дцаанӡагьы, Иалса илдыруаз зегьы лҵахьан, иҿыцу ацəырҵрақəа еснагь ирызҿлымҳауп", — ҳəа азгəалҭоит Асҭанда.

Аҧсшьаратə мшқəа раан Муҳарреми Асҭандеи рыхшара аашьҭыхны Ҭырқəтəылаҟа рҭаацəа рахь сасра ицалоит. Уаҟа ирзыҧшу ранду усҟан лгəырҕьара ҳəаак амоума?!

Ҵыҵаа рҭаацәа - Sputnik Аҧсны
Буленҭ Ҵыҵба: сыԥсҭазаараҿы исымаз ахықәкы наӡеит ҳәа сҳәарц сылшоит

"Сара,Ҭырқəтəыла избаз аҧсуара, аиҳаби аиҵби реихаҵгылара, аизыӡырҩра, аилибакаара, агəеибашаҭара акырӡа сыхнахит. Исҭахəуп схəыҷқəа абарҭ аҟазшьа бзиақəа рыланы еизҳарц. Сабхəараа рыҩны еснагь асасцəа агӡам, ачеиџьыка змоу ҭаацəароуп. Санхəа еснагь ус лҳəалоит: "Бзиа ибаны иҟауҵо ахəы агьама бзиамхарц алшом, изфогьы ҳалалс ироуеит" — ҳəа. Сара ахааназы арҭ аҭаацəа рылахь еиқəны исымбаӡац. Аҧсҭазаара бзиа ибаны иазнеиуеит", — лҳəеит Асҭанда Џьапуаҧҳа.

Ҭырқəтəылантəи Аҧсныҟа иаауа ҳџьынџьуаа, Аҭрышаа рҭаацəа еснагь гəаартыла ирҧылоит. Ршьа-рда иалоу аҧсуара ишаҳəо еиҧш иныҟəоит. "Бзиала шəаабеит!"- ҳəа рхы-рҿы еихаччо ирҧылоит. Уи еиҳау иарбан насыҧу иҟоу аҧсуа иҧсадгьыл аҿы?!

"Сусқəа сҽырхаршəаланы исҭахəуп аҧсыуа ҭацак ишлаҭəоу еиҧш сныҟəарц, зегьы срыхьӡарц, аҭаацəаратə ҧсҭазаареи сусуреи еидызбаларц, аҧсуа ҭаацəарақəа еиҵыҵырц, иҿиарц. Исҭахуп амшын-нырцə иҟоу ҳашьцəа рыҧсадгьыл иазыхынҳəырц, араҟа аҭаацəарақəа аҧырҵарц. Зегь раҧхьа иргыланы аҿар амҩа рыҭатəуп. Ҳҳəынҭқарреи ҳауаажəларреи абри аус рымч-рылша зегьы адырҵарц, досу рнапаҟынтə иааиуа ҟарҵарц", — дцəажəон Асҭанда.

Ииашаҵəҟьаны, маҷ-маҷ акəзаргьы рыҧсадгьыл иазыхынҳəуеит атəым жəҩан аҟны аҧсҭазаара зқəашьхаз аҧсуа хылҵшьҭрақəа. Аҧсадгьыл гəыкуеит, уи иацуп ахьаагара, агəыбылра… Муҳаррем Аҭрышбеи Асҭанда Џьапуаҧҳаи рҭаацəара иахьа рыҧсадгьыл аҿа рхы-рəы иақəгəырҕьо ишынхо еиҧш, ирацəахааит ус еиҧш аҧсуа ҭаацəарақəа Аҧсынра. Иахьа, зхатəы бызшəала зыҧсадгьыл аҿы аҵара зҵо, изызҳауа Иалсеи Нареи Аҭрышҧҳацəа Аҧсынра иахьӡырҳəагақəаны иҟалааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0