Аԥснытәи аскрипкарҳәаҩ қәыԥш ацентр "Сириус" аҿы лҽазыҟалҵалоит

© SputnikЭмилия Терзян-Хагба
Эмилия Терзян-Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аскрипкарҳәаҩ Емилиа Терзиан-Ҳагба лымацара лоуп Аԥснынтәи аҟыбаҩ ҷыда змоу ахәыҷқәа рзы иаарту ацентр "Сириус" апрограмма иалахәхо. Абри иазку аматериал шәаԥхьар шәалшоит Sputnik акорреспондент ианҵамҭаҿы.

Бадри Есиава, Sputnik

Арҵаратә центр "Сириус" Шәача ақалақь аҿы иаԥҵан 2014 шықәса ԥхынҷкәынмзазы, Владимир Путин инапынҵала. Ацентр иаԥҵаҩуп Арҵаратә фонд "Талант и успех". Есышықәса апрограмма рхы аладырхәуеит 800-ҩык рҟынӡа аҟыбаҩ ҷыда злоу ахәыҷқәа.

Аԥснынтәи аҟыбаҩ ҷыда змоу ахәыҷқәа рзы иаарту ацентр "Сириус" апрограмма далахәхеит 12-шықәса зхыҵуа аскрипкарҳәаҩ Емилиа Терзиан-Ҳагба.

Эмилия Терзян-Хагба завоевала Гран-при на международном инструментально-вокальном конкурсе «Восходящие звезды» в Риге - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аскрипкарҳәаҩы Гран-при ланаршьеит

Емилиа Терзиан-Ҳагба лан Елена Ҳагба лажәақәа рыла апрограмма иалахәхарц зҭаху алыԥшаара ду иахысроуп. Зегьы ирылшом "Сириус" аҟны аҵараҵара.

"Ҳара арзаҳал алаҳҵеит. Иахәҭаны иҟаз адокументқәа азҳархиеит, иазҳархиеит Емилиа лықәгылараз аудиои авидеои материалқәа, лдипломқәа. Аҭак хымз инарзынаԥшуа ҳазыԥшын. Уи ашьҭахь аҭел иаҳзасны иҳарҳәеит апрограмма шәалахәхоит ҳәа" — лҳәоит Елена.

Емилиа лакәзар, "Сириус" аҟазаара агәазҳара ду лнаҭеит. Уаҟатәи аҽазыҟаҵарақәа лара дзышьцылахьаз иреиԥшымызт. Иаҳҳәап аклассикатә музыка апрограмма физика иадҳәалан. Ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит арҭ зынӡа еиԥшымшәа иубо ахырхарҭақәа шеизааигәо.

"Сириус" аграфик аҿы аԥсшьарагьы аҭыԥ аман. Аиҿкааҩцәа еиуеиԥшым апрограммақәа аԥырҵеит. Алахәылацәа "Сочи парк иаҭааит, уа амш рхыргеит.

"Иара убасгьы ҳара "Роза Хутор" ҳаҭааит, ҳаҟан Никола Тесла, Леонардо Да Винчи рмузеиқәа рҿы. Акыр исгәаԥхеит Никола Тесла ифымцастанциа амакет, иаҳдырбеит афымцалашара шыҿио. Жәа-миллион вольт. Ухаҿы иузаагом", — ҳәа еиҭалҳәоит Емилиа.

Аамҭа анрымаз абассеин ахь иныҟәон, адискотекахь инеиуан. Емилиа илҳәәеит ацентр аҿы аҩызцәа рацәаҩны ишлырҳаз: амузыкантцәа, алитераторцәа, ашахматистцәа.

Урҭ рыбжьара иҟан Аԥсны аӡбахә заҳахьаз, иҟан иаахьазгьы. Иҟан иззымдыруаз. Урҭ Емилиа Аԥсныҟа иаалыԥхьеит.

Арҵаратә центр "Сириус" Шәача ақалақь аҿы иаԥҵан 2014 шықәса ԥхынҷкәынмзазы, Владимир Путин инапынҵала. Ацентр иаԥҵаҩуп Арҵаратә фонд "Талант и успех". Есышықәса апрограмма рхы аладырхәуеит 800-ҩык рҟынӡа аҟыбаҩ ҷыда злоу ахәыҷқәа.

Ацентр "Сириус" иахықәкуп – аҟазара, аспорт уҳәа рҟны аҟыбаҩ ҷыда змоу ахәыҷқәа ацхыраареи адгылареи рыҭара.

Ажәабжьқәа зегьы
0