Геннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла амилаҭтә премиа

© Фото : ИА "Рес"Геннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла Аҳәынҭқарра амилаҭтә премиа
Геннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла Аҳәынҭқарра амилаҭтә премиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иналукааша ауаԥс поет Косҭа Хеҭогуров иажәеинраалақәа реизга "Ауаԥс ԥхьарца" (Ирон фандыр) аԥсшәахь еиҭеигеит аԥсуа поет, ауаажәларратә усзуҩ Геннади Аламиа. "Ауаԥс ԥхьарца" аԥсуа поет аԥсышәала абжьы шахеиҵаз, иширцәажәаз атәы Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Иналукааша ауаԥс поет Косҭа Хеҭогуров иажәеинраалақәа реизга "Ауаԥс ԥхьарца" (Ирон фандыр) аԥсшәахь еиҭеигеит аԥсуа поет, ауаажәларратә усзуҩ Геннади Аламиа. Убри инамаданы, алитература ахырхарҭала, Геннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла Аҳәынҭқарра амилаҭтә премиа.

Геннади Аламиа - Sputnik Аҧсны
Геннади Аламиа: уԥсҭазаара зқәуҵоз анарха шаиуа агәра ануго - еиҳау акгьы ыҟаӡам

"Сыԥсҭазаараҿы ак ҟасҵахьазар, сусумҭақәа ирылыскаауа ус дуны сахәаԥшуеит ауаԥс поет дуӡӡа Косҭа Хеҭогуров иажәеинраалақәа реизга "Ауаԥс ԥхьарца" аԥсшәахь аиҭагара. Ҳара Дырмит Гулиа дышҳамаз еиԥш, ауаԥс жәлар дрыман апоет Косҭа Хеҭагуров", — ҳәа ҳаиҿцәажәара хациркит Геннади Аламиа.

Геннади Аламиа ауаԥс бызшәа издыруам. Хыхьынтәи мчык ацхыраара инаҭазшәа дахәаԥшуеит иқәҿиаз аус ду азы.

© Фото : Алхас ЧхамалиаГеннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла амилаҭтә премиа
Геннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла амилаҭтә премиа - Sputnik Аҧсны
Геннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла амилаҭтә премиа

"Хыхьынтәи иԥшьоу Анцәа ишәҟәқәа анаарышьҭуаз ҵаҟа ирхианы ианызҵоз шыҟаз еиԥш ирхианы иҟаз акы анысҵазшәа ауп ишысыԥхьаӡо. Ауаԥсаа ахьтәоу санаԥхьалак, ргәы ишахәаз анызбалак, зынӡа сҳаранакуеит", — иҳәеит апоет.

Геннади Аламиа, ажәеинраалақәа реизга раԥхьа еиҭеигеит 90-тәи ашықәсқәа рзы, егьҭыҵит, аха иара излеиҳәо ала иагқәаз ыҟан. Уажәы ҿыц дахәаԥшны, иагыз-иабзаз дахәаԥшны еиҭаҭижьит.

"Шықәсқәак раԥхьа Косҭа Хеҭогуров ишықәсхыҵра аныҟаз снарыԥхьеит иара дахьиз дахьааӡаз ақыҭа Нар, Нхыҵ-Уаԥстәылоуп иахьыҟоу. Убри нахыс ахьӡ цеит сусмҭа, ауаажәларра ирылаҵәан иҟалеит. Ауаԥсаа сара исықәырҵо аҳаҭыр, аԥсуаа ирықәырҵо аҳаҭыр иахылҿиааз ауп", — иҳәоит Аламиа.

Апоет игәыиҽанӡамкәа ҩаԥхьа ааԥхьара иоуит Нхыҵ-Уаԥстәылаҟа. Уаҟа иазгәарҭон ауаԥс бызшәа аныҳәа дуӡӡа. Ирацәаҩын аныҳәа иалахәыз асасцәа рхыԥхьаӡара. Усҟан еизаз ирылаҳәан Геннади Аламиа илша.

"Сшазыԥшӡамыз, Аҳәынҭқарра Ахада данықәгыла, асасцәа даарыдныҳәалан, убри ашьҭахь иаразнак сыхьӡ сыжәла иҳәан, "аԥсуа поет, ҳҩыза иҟаиҵаз иусумҭа азы ианаҳшьарц ҳҭахуп Иреиҳаӡоу аҳамҭа, Уаԥстәыла Ахьӡ-Аԥша ашьҭыхразы захьӡу", — ҳәа азгәеиҭеит апоет.

Геннади Аламиа, ас еиԥш дызқәымгәыӷкәа дзықәшәаз ахҭыс азы, аҭакс абас иҳәеит:

"Иҭабуп идуӡӡаны, уара унапы аҟынтә ас еиԥш иҟаз аҳамҭа ду ахьсоуз. Акызаҵәык исҳәарц исҭаху, 50ш. раԥхьа аҳамҭа дуӡӡа соухьан Нафи Џьусоиты иҟынтәи. Иара ибзоуроуп Нхыҵи-Аахыҵи Уаԥстәыла сдырыртә, сҽамаздартә сахьыҟалаз. Азал аҿы итәаз зегьы гыланы рнапы еинырҟьеит, убриаҟара ҳаҭыр иқәырҵоит иара. Дпоетын, дыдраматургын, дҵарауаҩын, дҭоурыхҭҵааҩын, ауаҩ дуӡӡа ҳәа ззырҳәоз иакәын", — ҳәа азгәеиҭеит Аламиа.

Рауль Ҳаџьымба Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ауаԥсаа аҳамҭақәа риҭеит

Џьусоиты иашьа гәакьеи Геннади Аламиеи, Москва аҵара еицырҵон, убраҟоуп иахьеибабаз, иахьеибадырызгьы 50ш.раԥхьа. Убраҟоуп аиҭагара аидеиа ахьаԥшьигазгьы аԥсуа поет.

"Исыцхраазгьы иара иоуп. Цәаҳәанҵала аиҭага ҟасымҵар ԥсыхәа сымамызт, аха иара иусҭоит иҳәеит аклассикатә цәаҳәанҵала иҟаҵоу, уи иаанагоу аурыс бызшәахь еиҭеигаз ауп. Аха, убас еиҭаган, аԥсуа ауаԥс музыка абжьы уаҳауа, ажәеинраалақәа закәу удыруа, ажәақәа реиҭагара мацара акәымкәа. Даара иҵаулан иҟаҵаз цәаҳәанҵалатәи аиҭага сиҭеит. Убри аҟынтә ауп сара ишеиҭзгаз", — иҳәеит апоет.

Ауаԥс жәлар рахьтә иҟан Геннади ауаԥс бызшәа идыруеит ҳәа зыԥхьаӡоз. Ус еиԥш азгәарҭеит Нар имҩаԥысуаз аизараҿгьы. Аха, анаҩс аинтервиу анимырхуаз абас еиԥш азгәеиҭеит аԥсуа поет:

"Сара ауаԥс бызшәа сыздырӡом, уи даара сгәы иалоуп, исҵарцгьы сҭахын, аха иахьанӡа исыздыруам. Ауаԥс бызшәа даараӡа ибзианы издыруеит сзырҳәаз, Нафи Џьусоиты дуӡӡа цәаҳәанҵала еиҭеигаз ала аус ахьызуаз ауп", — ҳәа азгәеиҭеи Геннади Аламиа.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы аарахь дааит Џьасоиты. Усҟан аԥсуа жәлар зҭагылоу агәаҟраҿы џьара ирыхәап ҳәа Геннади Аламиа аԥара изынижьит Арӡынба ииҭарц.

Пластинки с записью народных абхазских песен - Sputnik Аҧсны
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи аекспонат ҿыцқәа арҭеит

"Дара рҟны аибашьра анцоз Сергеи Шамбеи сареи агәыҳалалратә цхыраара Владикавказ иныжьны, Џьава ҳцеит амҩа гәаҳҭарц, иҟоу шыҟоу ҳбарц. Џьавантәи џьаргьы ҳармышьҭӡеит, избанзар ақырҭуа қыҭақәа ыҟан. Адырҩаҽны ашьыжь Нафи Џьусоиты ижәҩа арҭмаҟ ықәҵаны шьапыл адааит Џьава ҳахьыҟаз, сышәҟәы уаԥс бызшәала иҭрыжьыз,иара еиҭеигаз, егьырҭ апоетцәа еиҭаргаз, иҩежьӡа иҟоу агазеҭтә кьаад аҿы икьыԥхьны", — игәалаиршәоит Аламиа.

Анаҩс, Цхинвалҟа иԥхьеит Геннади Аламиа. Цәалашәарак иман бзиарак шизыԥшыз.

"Сыҽсмыргаӡар еилыскааратә сыҟан изсыԥхьаз. Сахьнеиз, Нафи Џьусоиты ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа уанаршьеит ҳәа сарҳәеит. Ауниверситет аҿы аизара ду ҟарҵеит. Убра, аԥыза-министр ажәа ахҳәааны апремиа санеишьеит. Ари сара сзы даара аҵак ду амоуп. Аҩымҭа аҳаракыра, насгьы аԥсышәала еиҭаганы иахьыҟалаз аҵакы сазымхәыцуазар, исзыҟарҵаз рацәасшьаратәы сыҟан. Аҩымҭа аԥсоуп ҳәа сгәы иаанагоит, аԥсышәала иаԥхьалар аԥсуаа, ҳашьцәа, уи ҳҭоурых зегьы унарбоит, иаҿахәҳәагоуп", — иҳәеит апоет.

© Фото : Алхас ЧхамалиаГеннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла амилаҭтә премиа
Геннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла амилаҭтә премиа - Sputnik Аҧсны
Геннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла амилаҭтә премиа
Ажәабжьқәа зегьы
0