Аԥшӡараз аиндаҭлараҿы аԥснытәи аҭыԥҳа актәи аҭыԥ нылкылеит

© Фото : Генриета Джабелия Международный конкурс красоты Top International Russia в Москве 4 ноября 2018
Международный конкурс красоты Top International Russia в Москве 4 ноября 2018 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшӡараз жәларбжьаратәи аиндаҭлара Top International Russia мҩаԥысит Москва, абҵара 4 рзы.

АҞӘА, абҵара 9– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахәыҷқәа рыбжьара 2017 шықәса рзы аԥшӡараз иреиӷьу ҳәа иалыркааз Ева Џьабелиа жәларбжьаратәи аԥшӡараз аиндаҭлара Top International Russia аҿы гран-при ланашьахеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Ева лан Гретта Џьабелиа.

"Ева илгаз аиааира дақәгәыӷуан. Акраамҭа аиндаҭлара лҽазыҟалҵон. Хышықәса ирықәуп амоделтә бизнес далахәуижьҭеи. Иара убасгьы ахореографиеи агимнастикеи лнапы рылакуп", — ҳәа еиҭалҳәоит ан.

Аиндаҭлара ахәыҷтәы категориа иалахәын Урыстәыла ақалақь аҟынтәи 12-ҩык аҭыԥҳацәа хәыҷқәа.

"Ева аԥсуа милаҭтә кәашара налыгӡеит. Уи ажиури даара иргәаԥхеит. Ева еицҿакрыла далырхит, гран-пригьы лоуит. Лаԥхьаҟаз илыгәҭакуп "Адунеи амисс" ҳәа ахьӡ аиура", — ҳәа еиҭалҳәоит Гретта Џьабелиа.

Аԥсны ахәыҷқәа рыбжьара 2017 шықәса рзы аԥшӡараз иреиӷьу ҳәа иалыркааз Ева Џьабелиа жәларбжьаратәи аԥшӡараз аиндаҭлара Top International Russia аҿы гран-при ланашьахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0