Аԥснытәи аалыҵқәа рзы ианеисуаз аамҭагьы ыҟан

© Sputnik / Егор Еремов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоссельхознадзор усилит контроль мясной продукции из Белоруссии
Россельхознадзор усилит контроль мясной продукции из Белоруссии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа Аԥсны ирҭиуа еиҳараӡак Урыстәылатәи аалыҵқәа роуп, аха иҟан аамҭақәак дара рыуаажәлар ҳара ҳҿы иааны ианхәаахәҭоз, уимоу атауар еимакны ианеисуаз.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

— Шәачатәи аҭубар кьылак сзышәкапанар ҳәа сыбжьы насыргеит акразҭиуаз лахь, згьама бзиоу ауп ҳәа иԥхьаӡаны.

— Еҳ, иахьатәи аҭубарқәа акыр иаԥсоума, анкьа акәын ахаҭабзиара анамаз, — лҳәеит сганаҿы игылаз ԥсыуа ԥҳәыск.

— Сангьы уаалзыӡырҩыр, зынӡа акрыфара уаҟәыҵроуп, — ҳәа налаҭаскын сааԥышәарччеит.

Осень в Абхазии - Sputnik Аҧсны
"Шәымҩа ԥшӡахааит": ҳшабошәа ҳалацәажәоит ҳбызшәа

Грета Смырԥҳа, ус лыхьӡын адәқьан аҟны сзабадырыз, 20 шықәса Гагра акурорттә-хәаахәҭраҟны аус зухьаз аԥҳәыс.

Лара исзеиҭалҳәеит, асқьала аҿаԥхьа, адәқьан №9 аҟны аус анылуоз, Шәачеи, Адлери рҟнытә, Гагра зыԥсшьы зшьози Бзыԥҭа "Акәацкомбинати", "Ахшзауади", "Алимонаҭзауади" уҳәа ирыдыргалоз атауарқәа рзы ишаауаз.

"Зегь раасҭа бзиа ибаны иргоз аҭубар "Сухумская" акәын, убас агьама уман. Иҟалалон ҩба-хԥа цәаҳәа агәаран ианықәгылаз, усҟан ирзымхошәа анаҳбалак, аӡәы ҩышә грамм акәын иаҳҭоз. Ахшаалыҵқәа ракәзар, акы нрыжьуамызт. Шаҟантәи адәқьан аҩнуҵҟа аимак-аиҿак рыбжьалахьаз акраахәаҩцәа", — ҳәа дқәыԥсычҳауа илгәалашәон Грета.

Аиашазы, ҳхы рыцҳасшьеит. Ҳара ҳаалыҵқәа еимазкуаз рҟны, иахьа ҳхәаахәҭоит, арахь излыхыу здыруада?

"Иҟан аамҭа бзиа, уи уажәшьҭа иузыргьежьуам акәымзар. Нан, шәара шәхаан зегьы хыбгалеит. Аибашьра ашьҭахьтәи аԥсҭазаара хьанҭа шәнырит. Аха шәаԥхьаҟа ҳазшаз шәымҩақәа ирлашааит", —ҳ әа дышныҳәоз, "450 мааҭ", — ҳәа лажәа ҿахылҵәеит акразҭиуаз.

— Абзиараз, ҳәаны сындәылҵгьы "аконсервқәацәҟьа ргьама зеиԥшрааз", — ҳәа Грета лыбжьы ҩныҩуан адәқьан.

Аҩны иназгаз аҭубар цәгьамшәа збеит, аха егьа ихаазаарын "Сухумская".

Ажәабжьқәа зегьы
0