Хьиуитт: абызшәа аӡра амҩа ианымларц азы мҩак амоуп - уи аԥсышәала ацәажәара

© georgehewitt.netДжордж Хьюитт (George Hewitt) - британский кавказовед, профессор Школы восточных и африканских исследований Лондонского университета. Архивное фото.
Джордж Хьюитт (George Hewitt) - британский кавказовед, профессор Школы восточных и африканских исследований Лондонского университета. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Британиатәи Кавказҭҵааҩ, мрагыларатәи ашколқәеи Лондонтәи ауниверситет африкантә ҭҵаарақәа рпрофессор Џьорџь Хьиуитт хыԥхьаӡара рацәала аҭҵааратәи апублицистикатәи усумҭақәа дравторуп. Аԥсныи Мраҭашәаратәи Европеи ринтересқәа дрызҿлымҳауп. Ианашьоуп иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аорден. Абҵарамза 11 аҽны Џьорџь Хьиуитт иихыҵит 68 шықәса.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Џьорџь Хьиуитт акыршықәса раахыс аҭоурых, абызшәа, Кавказ ажәларқәа ркультура аҭҵаара инапы рылакуп. Аԥсны аганахь имаз азҿлымҳара атәы дазааҭгылоит ҳаиҿцәажәараҿы.

Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа

"Акрааҵуеит уи аҭоурых ахы акижьҭеи. Раԥхьаӡа акәны Қырҭтәыла саннанага, 1975 шықәса рзы, гәҭакыс исыман ақырҭшәа аҵара. Схықәкы насыгӡарц азы исылсыршар акәын Кавказ инхо ажәларқәа рбызшәақәагьы рҵара. 1974 шықәса рзы сара Ҭырқәтәыла сыҟан, уа инхоз Кавказ ажәларқәа рбызшәа аҭҵарра саҿын", — ҳәа азгәеиҭоит Џьорџь Хьиуитт.

Хьиуитт, Қарҭ ақырҭшәа аҵара данаҿыз, авартәи ачечен бызшәеи теориала иҭиҵаауан. Усҟан иара агәаҳәара иман ачерқьес бызшәақәа рзааигәахара, аха уи аҩыза атагылазаашаь Кырҭтәыла иҟамызт.

"Қырҭтәыла саныҟаз убас сарҳәеит, ҳара аӡәгьы дҳамаӡам уара ачерқьес бызшәа узырҵаша англыз бызшәа здыруа ҳәа. Дҳамоуп аӡәы англыз бызшәа здыруа Аԥсны инхо, аԥсуа бызшәагьы уҵозар иуцхрааша, шәеибаҳардырырц ҳалшоит ҳәа. Сара сақәшаҳаҭхеит. Аԥсшәа аҵара нап асыркырц анысҭахха, хымԥада исҭаххеит аԥсуаа збарц, закә милаҭу еилыскаарц", — игәалаиршәоит аҵарауаҩ.

© georgehewitt.netЏьорџь Хьиуитти Владислав Арӡынбеи
Джордж Хьюитт (слева) и Владислав Ардзинба (справа).  - Sputnik Аҧсны
Џьорџь Хьиуитти Владислав Арӡынбеи

Идыргалаз гәахәарыла дақәшаҳаҭхеит, уимоу Аԥсны ыззыԥшымыз ахҭысқәагьы дрықәшәеит.

"Мышқәак рнаҩс ҳаибадырит аԥсыуа ԥҳәызбаки сареи, быжьшықәса рышьҭахь сыԥшәмагьы лакәхеит. Абас, слахьынҵа сыцныҟәеит машәырны", — иҳәоит Џьорџь Хьиуитт.

Кавказтәи абызшәақәа здыруа аҵарауаҩ Џьорџь Хьиуитт ҳаниазҵаа, иарбан бызшәоу урҭ рахьтә еиҳа зҵара уадаҩу ҳәа, аҭакс абас ҳаиҳәеит:

Интервью Почетного Консула Республики Абхазия в Великобритании проф. Джорджа Хьюитта - Sputnik Аҧсны
Британиа ду иҟоу Аԥсны аконсул Џьорџь Хьиуитт иҿцәажәара

"Ус уахәаԥшуазар, Кавказ абызшәақәа еилых ҟамҵакәа зегьы цәгьоуп. Ицәгьоуп аха еиԥшӡам, досу дара рхатә ҷыдарақәа, рхатә еиԥшымзаарақәа рымоуп. Иаҳҳәап, ақырҭшәа цәгьоуп, избанзар абызшәа аԥҟарақәа рыла акәымкәа, аԥҟара иавсуа, иақәымшәақәо рацәоуп. Аԥсшәа атәы сазааҭгылозар, ганкахьала аԥҟарақәа еиҳа имариоушәа збоит, аха даҽа ганкахьала даара ицәгьоуп афонетика, абыжьқәа рҳәашьа, аилкаара", — ҳәа азгәеиҭоит абызшәадырҩы.

Аԥсуа бызшәа аҵараҿы, аилкаараҿы Џьорџь Хьиуитт, хымԥада иԥшәмаԥҳәыс ацхыраара илҭоит.

"Иаҳҳәап аҳәоу саԥхьозар, мамзаргьы ажәақәа еидкыланы срыԥхьозар, ажәақәа акакала иаанаго здырыргьы, аҳәоу еидкыланы аҵакы сзеилымкаар сыԥшәма слазҵаауеит. Аԥсуа бызшәа аҵара ус егьымариам", — иҳәоит Џьорџь Хьиуитт.

"Аԥсуа бызшәа здыруеит, исҵеит, аԥсышәала сцәажәоит ҳәа шәхы ианбазышәҳәеи, мамзаргьы уажәыгь аҵара шәаҿу?— ҳәа аҵарауаҩ ҳаниазҵаа, аԥсышәала аҭак наҳаҭеикит:

© Фото : из архива Екатерины БебияЏьорџь Хьиуитт Аԥснытәи иҩызцәа рыгәҭа
Слева направо: Шамиль Пилия, Бебия Катя, Пола Гарб, Джордж Хьюитт - Sputnik Аҧсны
Џьорџь Хьиуитт Аԥснытәи иҩызцәа рыгәҭа

"Сара абызшәа салахәмаруеит, убас сҳәап. Издыруеит, аха исцәыуадаҩуп ацәажәара, аилкаара, ишшәасҳәаз еиԥш салахәмаруеит", — иҳәеит аԥсышәацқьала Џьорџь Хьиуитт дыччаччо.

Ирацәоуп Џьорџь Хьиуитт аԥсшәаҟынтә атәым бызшәақәа рахь еиҭеигахьоу Аԥсны аҭоурых, аҭҵааратә усумҭақәа уҳәа.

Осень в Абхазии - Sputnik Аҧсны
"Шәымҩа ԥшӡахааит": ҳшабошәа ҳалацәажәоит ҳбызшәа

"Сыԥшәмаԥҳәыси сареи Англиа ҳаныҟала, аҳәара ҳауит апроект ҳхы алаҳархәырц, Нарҭаа репос иазку жәабаҟа текст реиҭагаразы. Еиҭаҳгаз астатиақәа зегьы акьыԥхь иаирбеит сара сҩыза, сколлега Канада инхо еицырдыруа абызшәаҭҵааҩы Џьон Коларуссо. Ачерқьесқәеи, аубыхқәеи ирызку аҭҵаарақәа мҩаԥигоит иара ихаҭа", — ҳәа азгәеиҭоит Хьиуитт.

Хымԥада, Џьорџь Хьиуитт аԥсуа ҭыԥха данинасыԥха инаркны, Аԥсныи аԥсуа жәлари еиҳа дырзааигәахеит. Есышықәса иара изгәакьахьаз Аԥсныҟа даауеит. Араҟа имоуп аҩызцәа, ауацәа, аҭынхацәа.

"Аԥсны саныҟамгьы аимадара сырӡӡом. Аԥсны аполитика, аҵарадырра, аҭҵаара аус уҳәа азҵаарақәа ҳарзааҭгылоит, аҵарауааи сареи ҳгәаанагарқәа еибаҳҳәоит", — иҳәеит Џьорџь Хьиуитт. Аԥсуа бызшәа аӡра амҩа ианымларц азы мҩак амоуп — уи аԥсышәала ацәажәара ауп. Аҭаацәа аԥсшәа рдыруазар, хымԥада рыхшара аԥсышәала ирацәажәалароуп, иддырҵароуп. Ацәажәарла мацароуп абызшәа злеиқәхо. 2010 шықәса рзы сара иҭсыжьит аԥсуа бызшәа аҵаразы ахаларҵагатә шәҟәы, Тырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора рзы, уи хымԥада ицхыраагӡа бзиоуп.

Аԥсны инхо ҳауаажәлар рахь ихы нарханы аҵарауаҩ аԥсышәала дныҳәеит:

"Анцәа шәиныҳәааит. Агәабзиара шәзеиӷьасшьоит, ақәҿиарақәа шәымазааит шәусураҿы. Аҭынчра шәыгымзааит. Иҭабуп"- иҳәеит Џьорџь Хьиуитт аԥсшәа дазгәыдууны.

Ажәабжьқәа зегьы
0