Игор Адлеиба иқәгылара ахгоуп атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны

© Sputnik / Томас ТхайцукИгорь Адлейба
Игорь Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи абоксиор Игор Адлеиба Шәача дықәгылараны дыҟан абҵара 17 2018 шықәса рзы.

АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи абоксиор иқәгыларақәа ҩба ррыцхә аиагара атехникатә мзызқәа роуп изыхҟьаз, ҳәа иҳәоит Sputnik аинтервиу азҭаз апромоутертә еилахәыра RCC Boxing Promotions адиректор Герман Титов.

"Актәи атурнир ԥхынгәымзазы имҩаԥаагеит. Аҩбатәи цәыббрамзазы имҩаԥаҳгараны ҳаҟан, аха атурнирқәа рацәаны ҳахьрылахәыз иахҟьаны иахаагар акәхеит абҵара 17 рахь. Ақәгыларагьы мҩаԥысраны иҟан, аха иара ахьымҩаԥысраны иҟаз аҭыԥ, алахҿыхратә центр "Галактика" атехникатә мзызқәа рыла аамҭала иадыркит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Титов.

Ақәгылара арыцхә ҿыц ԥхынҷкәын 1 ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп иҳәоит Титов.

Игор Адлеиба дицықәгылоит Филиппинтәи аспортсмен. Ақәгылара ф-раундк рыла имҩаԥысраны иҟоуп.

Игор Адлеиба изныкымкәа Аԥсны дачемпионхахьеит, Урыстәылатәи Афедерациаҿы абокс азы еиуеиԥшым жәларбжьаратәи атурнирқәа рҟны аиааира игахьеит, Аԥсны аспорт азҟаза, Урыстәыла аспорт азҟаза ҳәа акандидат.

Ажәабжьқәа зегьы
0