Шәачаа Аԥсны амармалташь пты ишаҿагыло ргәаԥхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукБорьба с мраморным клопом
Борьба с мраморным клопом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акурорт аҿы еиуеиԥшым аԥырхага зуа амаҵақәа рыҟазаара иазкны Шәачатәи аусутә клуб аилатәара мҩаԥнагеит Олимпиисктәи ауниверситет аҿы абҵара 11 рзы.

АҞӘА, абҵара 14– Sputnik. Амармалташь пты иаҿагыланы Аԥсны имҩаԥырго ауснагӡатәқәа аинтерес кны иалацәажәеит аусутә клуб аилатәараҿы ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Владимир Дауров.

Глава администрации Гулрыпшского района - Аслан Барателия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Бараҭелиа: Гәылрыԥшь араионаҿ анхацәа иаадрыхыз аиҳа апты иафеит

Акурорт аҿы еиуеиԥшым аԥырхага зуа амаҵақәа рыҟазаара иазкны Шәачатәи аусутә клуб аилатәара мҩаԥнагеит Олимпиисктәи ауниверситет аҿы абҵара 11 рзы. Аилатәарахь инаԥхьан Аԥсны ахаҭарнакцәагьы.

Дауров ишиҳәо ала Шәачагьы ҳара ҳапроблема еиԥшуп рыпроблема.

"Ҳара уа аинформациа еимаадон, еимаадон ҳԥышәа. Дара ирымоу атехника иалацәажәон. Сара оумашәа избеит Аԥсны ҳхы иаҳархәо аметодқәа актуалра рыманы иахьыҟоу. Ус анакәха адунеи атәылақәа ҳрыҵахом", — иҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа аамҭала иназыгӡо Владимир Дауров.

Шәачаа ирымоуп апальмабжы апроблемагьы, аха уа уи аҽакала ирыӡбоит. Дара уа аԥхасҭа змоу аҵлақәа ԥҟаны аҿыцқәа еиҭарҳауеит. Ҳара ҳакәзар, иҳамоу еиқәҳархарц ҳашьҭоуп" — иҳәеит иара.

Апты аганахь ала ҳара ахәшәшҳам ахархәареиԥш аизгарагьы мҩаԥаагоит. Дауров иажәаәқа рыла уи харџь дук зҭахны иҟоу методны иҟам. Аха иара убри аан хра аманы иҟоуп.

Аԥсуа ган акәзар шәачаа рметодқәа ҭырҵаауан.

Амармалташь пты Амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы ицәырҵит ԥшьышықәсаҟа раԥхьа. Иаарласынгьы ареспублика иахыҵәеит. 2017 шықәса рзы апты аҟазаара иахҟьаны 70 процент арасеи 50 процент амандаринақәеи ԥхасҭахеит. 2018 шықәса рзы апты иахырҟьаны Россельхознадзор Аԥснытәи аалыҵ аҳәаа ахыгара ааннакылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0