Гәдоуҭа араион аҿы амҩатә машәыр ҟалеит

CC0 / / Авария
Авария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Автомашьына Hyundai Sonata автобус маҷ Mercedes-Benz Жәандәрыԥшь ақыҭа ааигәара еиҿасит. Иҟоуп ааха зауз.

АҞӘА, абҵара 14 —Sputnik, Бадри Есиава. Жәандәрыԥшь ақыҭа ааигәара амҩатә машәыр иахҟьаны 13-ҩык Гагратәии Гәдоуҭатәии ахәышәтәырҭақәеи Ацентртә республикатә хәышәтәырҭеи рахь инаган ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

"1981 шықәса рзы ииз Аҷандара ақыҭа ауаҩԥсы зыԥсҟы икыз автомашьына Hyundai Sonata 1961 шықәса рзы ииз Оҭҳара ақыҭа ауаҩԥсы зыԥсҟы икыз автобус маҷ Mercedes-Benz еиҿасит. Hyundai аԥсҟы зкыз ахәышәтәырҭахь днагоуп", — ҳәа рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Амашәыр зыхҟьази ишыҟалази ртәы аусҭҵаареи автотехникатә експертизеи рышьҭахь ирылаҳәахоит.

Аҳақьым Саида Лазарева лажәақәа рыла Ареспубликатә хәышәтәырҭахь инагоу рыбжаҩык ылырҩаахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0