Гәдоуҭа иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукРеспубликанская больница
Республиканская больница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Автомашьына Hyundai Sonata автобус маҷ Mercedes-Benz Жәандәрыԥшь ақыҭа ааигәара иааихеит. Иҟоуп ааха зауз.

АҞӘА, абҵара 14 —Sputnik, Бадри Есиава. Жәандәрыԥшь ақыҭа ааигәара амҩатә машәыр иахҟьаны 13-ҩык Гагратәии Гәдоуҭатәии ахәышәтәырҭақәеи Ацентртә республикатә хәышәтәырҭеи рахь инаган. Автобус маҷ апассаџьырцәа руаӡәк лыԥсҭазаара далҵит, ҳәа адырра ҟарҵеит Ацентртә хәышәтәырҭа адкыларҭатә хәҭаҟнытә.

"72 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс ҳара ҳахәышәтәырҭахь дааган Гагратәи ахәышәтәырҭаҟынтәи. Иаха лара лыԥсҭазаара далҵит", - ҳәа еиҭалҳәоит амедеҳәшьа, аҷаԥшьаҩ.

Жәандәрыԥшь ақыҭа ааигәара амҩатә машәыр иахҟьаны 13-ҩык Гагратәии Гәдоуҭатәии ахәышәтәырҭақәеи Ацентртә республикатә хәышәтәырҭеи рахь инаган ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит уаанӡа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

"1981 шықәса рзы ииз Аҷандара ақыҭа ауаҩԥсы зыԥсҟы икыз автомашьына Hyundai Sonata 1961 шықәса рзы ииз Оҭҳара ақыҭа ауаҩԥсы зыԥсҟы икыз автобус маҷ Mercedes-Benz ааихеит. Hyundai аԥсҟы зкыз ахәышәтәырҭахь днагоуп", — ҳәа рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0