Гагратәи адепутатцәа аҟәатәи рколлегацәа раԥшьгамҭа иадгылоит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГагратәи адепутатцәа аҟәатәи рколлегацәа раԥшьгамҭа иадгылоит
Гагратәи адепутатцәа аҟәатәи рколлегацәа раԥшьгамҭа иадгылоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәса, жьҭаара 25 рзы Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа рыбжьы рҭиит аҳҭнықалақь ахада иалхраз ареферендум мҩаԥгазарц.

АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik. Гагратәи адепутатцәа аҟәатәи рколлегацәа раԥшьгамҭа иадгылоит араионқәа рхадацәа ралхразы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагратәи ақалақьтә еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба.

Алхрақәа Аԥсны. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Зегь иргәаԥхо иԥшааразы

"Ҳара иҳаӡбеит ҳаизаны аҟәатәи ҳколлегацәа раԥшьгамҭа ҳалацәажәарц, Аԥсны алхратә закәанԥҵара аԥсахрақәа ралагалара аганахь ала иара убасгьы аҳәынҭқарратә маҵзурахьы адкыларазы азакәани акоррупциа аҿагылараз аконвенциа адкылареи рганахь алеи. Иааидкыланы Гагра араионтә еизара аԥшьгарақәа ирыдгылоит", - иҳәеит Агрба.

Иара иазгәеиҭеит Гагратәи араионтә еизара адепутатцәа ишрыгәҭаку атәыла ахадеи Апарламент аиҳаби рахь аҳәара ҟарҵарц абарҭ азҵаарақәа рыӡбразы Аԥсны Аконституциа аԥсахрақәа алагалазарц.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, жьҭаара 25 рзы. Аилатәараҿ иалацәажәон ареферендум амҩаԥгара азҵаара. Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәараҿ адепутатцәа рыбжьы рҭиит аҳҭнықалақь ахада ишиашоу иалхразы арефередум мҩаԥысрацы.

Гагра араионтә еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Агрба ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ралхразы: Аҟәатәи ҳҩызцәа раԥшьгамҭа ҳадгылоит

Абри аԥшьгара алеигалеит адепутат Дмитри Маршьаниа. Иара иазгәеиҭеит ҩбаҟа шықәса раԥхьа абри азҵаара аганахь ала атәыла апарламент адепутатцәеи рахь ашәҟәқәа шынашьҭыз.

Ареферендум аихшьаалақәа бжьагарак аҳасаб аҟазшьа роуеит иҳәеит иара. Маршьаниа игәаанагарала хәымз азхоит ареферендум амҩаԥгара аиҿкааразы.

Ақалақьтә еизара адепутатцәа 18-ҩык рҟынтәи 16-ҩык ареферендум амҩаԥгара иадгылеит.

Иахьазы ақалақь ахада атәыла ахада иоуп далызхуа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0