Аԥсны атуризм аминистрра 2018 шықәсазтәи аҳасабырба ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПогода
Погода - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр Авҭандил Гарцкиеи реиԥылара мҩаԥысит абҵара 16 рзы.

АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 2018 шықәса абҵара 1 аҟынӡа Аԥсны иаҭаахьоу рхыԥхьаӡара миллионҩык рҟынӡа инаӡоит ҳәа атәыла ахада изеиҭеиҳәеит Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр Авҭандил Гарцкиеи.

Ботанический сад - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ҭагалан аԥсшьара ахәԥса еиҵатәуп

Урҭ рҟынтәи 550 000-ҩык Аԥсны акраамҭа аԥсшьаразы иалырхит, 450 000-ҩык атәыла мышкы ҳәа иаҭааит аекскурсиатә гәыԥқәа ирылахәны ма рхатәы транспорт ала.

"Арҭ ахыԥхьаӡарақәа зыԥхьагәаҭаратә дыррақәоуп. Ииашаҵәҟьоу ахыԥхьаӡарақәа рҳәара уадаҩуп избанзар атуристцәа реиҳараҩык мышкала иааны ицоит, ахатәы сектор аҿы инхоит", - ҳәа иҳәоит аминистр.

Гарцкиа иажәаәқа рыла 2007 - 2018 шықәсқәа рыҩныҵҟа атуристцәа рыдкыларҭа ҭыԥқәа акыр еиҳахеит. Иааидкыланы Аԥсны иҟоуп 300 сасааирҭа.

Атуристцәа рхыԥхьаӡара арацәара хра шамоугьы ихадараны иҟоуп урҭ ршәарҭадара аиҿкаара иҳәеит Гарцкиа.

"Афорумқәа рҟны ҳтәыла алацәажәараан раԥхьа иқәдыргыло атуристцәа ршәарҭадара азҵаароуп. Ҳтәылауаа атуристцәа рызнеишьа рыԥсахроуп", - иҳәеит иара.

Атәыла ахада иакәзар далацәажәеит амаҵзурақәа реиӷьтәра шхымԥадатәиу.

Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа. - Sputnik Аҧсны
Гарцкиа: Аԥсны аԥсшьара ахаҭабзиара еиӷьхеит

"Ҳара иаҳуалуп асасцәа ираҳҭо амаҵзурақәа рхаҭабзиара аиӷьтәра. Макьаназ ари апроблема ыҟоуп, аха уи азхьаԥшра хымԥадатәиуп. Аԥсшьаҩцәа ирыдаагалалароуп ҳхатәы аалыҵ. Уи аҳәаанырцәтәи ишеицәам дыруп", - иҳәеит ахада.

Аиԥылараан иара убасгьы иалацәажәан асанатортә обиектқәа рыҿиара.

"Асанатортә обиектқәа иаарго ахашәала хараџьара еиҳауп иахьатәи атуризм ахкқәа иҳарҭо аасҭа. Ҳара иаҳуалуп атуризм ахаҭабзиара ашьҭыхра. Ара аҳәынҭқарра ароль акраҵанакуаны иҟоуп. Ахатәы бизнесгьы абри аус иадыԥхьалатәуп", - иҳәеит Гарцкиа.

Атәыла ахада иҳәеит аҳәынҭқарра шазыхио атуризм хкы ҿыцқәа аинвистициақәа рылагалара.

Ажәабжьқәа зегьы
0