Ансамбль "Амцабз" Москва иреиӷьу жәлартә коллективуп

© Фото : Лаша МарухбаАнсамбль "Амцабз" Москва иреиӷьу жәлартә коллективуп
Ансамбль Амцабз Москва иреиӷьу жәлартә коллективуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар рыкәашарақәа рзы Урыстәыла Афедералтә округ Ахраҿа агаразы аиндаҭлара мҩаԥысит Москва, абҵара 18 рзы.

АҞӘА, абҵара 20– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Амцабз" актәи аҭыԥ ааннакылеит жәлар рыкәашарақәа рзы Урыстәыла Афедералтә округ Ахраҿа агаразы аиндаҭлараҿ ҳәа ааицҳаит аколлектив анапхгаҩы Лаша Марыхәба Sputnik аинтервиу аҭо.

© Фото : Лаша МарухбаАнсамбль "Амцабз" Москва иреиӷьу жәлартә коллективуп
Ансамбль Амцабз Москва иреиӷьу жәлартә коллективуп - Sputnik Аҧсны
Ансамбль "Амцабз" Москва иреиӷьу жәлартә коллективуп

Аиндаҭлара афиналаҿ "Амцабз" Кавказ жәлар рыкәашарақәа ҩба нанагӡеит: аԥсуа кәашареи даӷьысҭантәи акәашареи.

"Ахәаԥшыҩцәа еснагь еиԥш ибзиаӡаны ҳрыдыркылеит. Аиндаҭлараҿы аҽа 10 коллективтә кавказтәи акәашарақәа нарыгӡон азы аиааира акыр иуадаҩын", - иҳәеит Марыхәба.

Акәашаҩцәа ҿарацәа аиндаҭлара даара ҭакԥхықәрала иазнеиит, аха зегьы ирылымшеит рхы рнапаҿы аагара, даара агәыхыҭхыҭра рыман.

© Фото : Лаша МарухбаАнсамбль "Амцабз" Москва иреиӷьу жәлартә коллективуп
Ансамбль Амцабз Москва иреиӷьу жәлартә коллективуп - Sputnik Аҧсны
Ансамбль "Амцабз" Москва иреиӷьу жәлартә коллективуп

"Ақәгылара ашьҭахь акәашаҩцәа руаӡәк аҳақьымцәа идҳаԥхьалар акәхеит. Нас иара иҳәеит шьыжьы инаркны акгьы шизымфоз, игәы хыҭхыҭуа дшазыԥшыз ақәгылара", - иҳәеит иара.

Жәлар рыкәашарақәа рзы Урыстәыла Афедералтә округ Ахраҿа агаразы аиндаҭлара иалахәын Москва зегь аҟынтәи 1000-ҩык акәашацәа. Аиааира згаз алахәхоит жәлар рыкәашаразы Урыстәыла ачемпионат.

Ажәабжьқәа зегьы
0