Ашәарыцаҩ ила дақәгәыӷуеит: хҭыск аҭоурых азы

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаДамшэ
Дамшэ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәарыцаҩ изы ашәақь инаваргыланы, хадара зуа акакәны иҟоуп ала. Уи аницу еиҳа ихы дақәгәыӷуеит, ашәарахи, аԥсаатәи шиԥыхьашәуа идыруеит. Дара ирыбжьоуп рхатәы, иҷыдоу аилыибакаара. Ус шакәу агәра ҳдыргоит еиуеиԥшым ахҭысқәа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Ахәылбыҽха иалагаз ақәаршыҩ аԥшагьы нацлан, иаахьҭахеит. Сани сареи аԥечка шаҳәшаҳәуа ҳшадтәалаз ҳҭаца ауада дааҩналан, иҵегь амҿқәа ҭалҵо далагеит. "Уажәы Баграт шәарыцарантәи даауеит, Дамшәгьы бааӡеит, ахьҭа иакит" ҳәауа.

ашәарыцара асезон - Sputnik Аҧсны
Ашәарыцара абзиабаҩцәа ирдырыр иахәҭоу

Дамшә-уи ҷыдала аԥсаатә иазышәарацо лоуп. Сынтәа ачақәа ианраамҭаз даара ахы бзианы иаанарԥшит. Зныктәи аҭыҵраан 20-30 иреиҵамкәа Баграти иареи аҩныҟа иааргон. Иахьазы, Ԥсахаратәи адәқәа рҟны акәатақәа ирзышәарыцоит.

Баграт иҳәалоит "Дамшә сымамзар сызлашәарыцозеи" ҳәа. Ала ауаҩы имам афҩышәа ԥсабарала ашьа иалоуп. Иара иадыруеит ашәарах, ма аԥсаатә ахьтәо. Насгьы, ишо идәықәлаӡом, уи аԥшәма акы шабаз инардыруеит агылашьала. Убри аамҭазы ашәарыцаҩ ишәақь армазеирагьы дахьӡоит.

Хымԥада алақәа ашәарацара иазыҟаҵатәуп, ишыхәыҷу идырҵатәуп. Баграт Дамшә аназыҟаиҵоз, зыԥсы ҭаз ача ааганы, ашьапы ҿаҳәаны ирԥыруа ала ашьҭеиҵон. Аҵыхәтәаны, Дамшә аԥшәмеи иареи рылҵшәақәа убон, аҵыс рыцҳа аԥсы ахыҵуан. Аиашазы уи аԥҳәыс усым, ахәаԥшрацәҟьа сара сзы иуадаҩын.

Ҳҭынчра еилазгаз Баграти Дамшәи ақәа рыхькәкәа ауада иааҩналеит. Ала аҽааршәшәан, аԥечка иныҿҳәатәеит, аԥшәмагьы аҟәардә даахан, аԥхарра иҽадиҵеит.

Анхәеи ҭацеи еивагьежьуа, ашәарыцацәа иааргаз х-кәатак арыцқьара рҽазыршәеит, сара урҭ снапы ишасмыркуаз рдыруан аҟнытә сыцхыраарагьы иамыҳәеит.

Ашәарыцара - Sputnik Аҧсны
Ашәарыцара иазку ажәақәа бзианы ижәдыруама?

"Саида агара бгаран, Баграт умиӡацызт", - ҳәа иаалырҟьаны сан жәабжьк ахы аацәырылгеит.

1980 шықәсқәа ралагамҭазы, аӡын ӷәӷәала аҽарцәгьеит, шьамхышәара асы ауит. Ашьхарантәи, ахьҭа иаанацаз аҳәыҳәқәа рзы, Мгәыӡырхәатәи абнарақәа рахь иҭыҵуа иалагеит аҭыԥантәи ашәарыцаҩцәа.

"Ааилашәшәеит, аҵаарагьы иалагеит. Адәаны алашара асыркып ҳәа санындәылҵа, ҳашҭа агәҭанӡа дааихьан шәарыцаҩык. "Бзиала шәаабеит", ҳәа иқәҿысҭит, аха иара аҭак ҟаимҵеит. Иаасымхацәгьахан снаиԥылеит. Уи аамҭазы, зымаҭәа аҵаа иакхьаз, зхы-зҿы шәыз арԥыс иԥсы илшәшәаны саԥхьа дынкаҳаит. Ицыз илагьы уазыруа иааихалеит", - ҳәа ахҭыс аиҭаҳәара иацылҵоит сан.

- Наас, - ҳәа иааџьашьаны ауадаҟны итәаз зегьы ҳабжьы ҳаргеит, Дамшәгьы ааҭрысын иҳаишуа иалагеит.

"Санхәеи сареи ҳхала ҳакәын аҩны иҟаз, Саида быԥшқан. Иаҳулак арԥыс ижәҩа данкны аҩныҟа дааҳгеит. Амца аԥхьа днаҳартәан, ахәшә еиҵаҵа иҳаржәит, аԥхара илсуа даналага, илҵуаз аӡы ауада иҩнаҽҽы иҟалеит. Нас шәаб ишәҵатәы иаҳҭан иҽеиҭеикит, акрыиҿаҳҵеит. Имч анааи

Охота - Sputnik Аҧсны
Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа дшышәииз: ашәарыцара иазку жәлар рҳәамҭақәак

иаҳзеиҭеиҳәеит, аҳәыҳә данеихс, амшын ишалаҳаз, ила аԥсаатә иашьҭаланы аӡы ианҭала, аҵаа иакит, амшын иаанахәошәа аниба иамихуеит ҳәа дашьҭалеит. Ала анеиқәирха аҩныҟа дыхнымҳәит, ус имаҭәа шыбааӡаз, хьаас имкыкәа абнахь дхалеит. Ахәылбыҽхан, аҵаара ианалага, ахьҭа илсит. "Шәсыцхраа" ҳәа дшыҳәҳәоз ибжьгьы цазаап. "Сшьапы сахьынӡананаго сцалап" ҳәа дшаауаз ҳашҭа дақәшәазаап. Абас ила еиқәирхеит ихы хьаас имкыкәа", - ҳәа ахҭыс лгәалалыршәеит ҳан.

Уи арԥыс усҟан 25-ҟа шықәса ракәын ихыҵуаз, д-Шәлымбан. Ҳалзыӡырҩуа ҳаштәаз, "мама, уи ала аҩныҟа инашәышьҭыу, акраҿашәҵыу", - ҳәа лажәа даԥылеит Дамшә ахы зшьшьоз Баграт.

"Ааи, иҩнамларгьы ауазма, аԥшәма зынӡа ицрымҵӡеит", - лҳәеит ларгьы.

Згәы зырҭынчыз Баграт, ҳан лажәабжь ашьҭахь Дамшә еиҳагы дахӡыӡаауа далагеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0