Ашьапылампыл маҷ ахраҿазы ачемпионат раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысуеит

© Фото : Sandro SchuhФутбольное поле
Футбольное поле - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
24 команда злахәу ашьапылампыл маҷ азы Аԥсны ахраҿа раԥхьаӡа акәны ареспубликаҿ имҩаԥысуеит абҵара 27 инаркны ԥхынҷкәын 7 рҟынӡа.

АҞӘА, абҵара 27 – Sputnik. Ашьапылампыл маҷ азы Аԥсны ахраҿа раԥхьаӡа акәны ареспубликаҿ имҩаԥысуеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ашьапылампыл маҷ Афедерациа апрезидент Ҭемыр Ахба.

Атурнир мҩаԥысуеит абҵара 27 инаркны ԥхынҷкәын 7 рҟынӡа. Иара иалахәуп 24 команда – Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Агәыӡера рҟынтәи.

"Акомандақәа Аԥсны араионқәа зегьы рҿы еиҿкаауп. Ахәмаррақәа мҩаԥыслараны иҟоуп ҩ-дәык рҟны – "Совмини" ДЭМ азааигәареи" рҿы", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ахба.

Ашьапылампыл маҷ азы Аԥсны Афедерациа аԥҵан 2018 шықәса рзы. Аԥсны ирацәоуп атурнир маҷқәа мҩаԥызго акомандақәа. Афедерациа аԥҵоуп аспортхкы апрофессионалтә ҩаӡара аҭаразы. Хықәкны иамоу акомандақәа рылшара ашьақәыргылароуп.

Мини-футбол. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампыл маҷ азы ахәбатәи аиубилеитә турнир мҩаԥысит Очамчыра

"Аԥсны иахьаҵанакуа имаҷым ашьапылампыл маҷ азы адәқәа. Ианаамҭаз иҷыдоу апрограмма ыҟан", — иҳәеит Ахба.

Ахба иажәақәа рыла, Афедерациа аҿаԥхьа иқәгылоу ҩ-проблемак роуп: аԥаразоужьреи азыҟаҵаҩцәеи.

"Атурнир амҩаԥгараз ҳхала аԥараԥшаара ҳҽазаҳшәоит. Азыҟаҵаҩцәа зынӡагьы иҳамаӡам. Ҳаԥхьаҟа зегь ҭышәынтәалап ҳәа ҳаԥшуп", — иҳәеит иара.

24 команда злахәу ашьапылампыл маҷ азы Аԥсны ахраҿа раԥхьаӡа акәны ареспубликаҿ имҩаԥысуеит абҵара 27 инаркны ԥхынҷкәын 7 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0