Аԥсны аусутә виза аҿҳәара шықәсыкынӡа иацырҵеит Аминистрцәа реилатәараҿ

© Sputnik / Илона ХварцкияГраница по реке Псоу
Граница по реке Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥысит ахәаша, абҵара 30 рзы.

АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аусутә виза аҿҳәара шықәсыкынӡа иацырҵеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿ. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥысит ахәаша, абҵара 30 рзы.

Флаги Сирии и Абхазии - Sputnik Аҧсны
ШьАР аиҳабыреи Аԥсны аиҳабыреи реицеилак аԥҵара шьақәнарӷәӷәеит

"Аҳәаанырцә атәылауаҩ ирҭо аусутә виза ирҭоит шықәсыкынӡа ҿҳәарас ҳәа иаҭаны. Уаанӡа авиза ирҭон аусураз аиқәшаҳаҭра аҿҳәара иақәыршәаны. Иара убасгьы уажәы аҳәаанырцәуаҩ ихаҭа авиза аиуразы арзаҳал иҩуеит", - ҳәа иҳәеит Аԥсны амиграциатә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Едуард Гамсаниа.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра алалареи Аԥсны Аҳәынҭқарра алҵреи рыԥҟаразы" азакәан шьаҭас иҟаҵаны Аԥсны Амиграциатә маҵзура иаанартит аусутә визақәа ахьрырҭо аҟәша. Авиза аиуразы ихымԥадатәиу адокументқәа рахь иаҵанакуеит: Амигранти иара арахь даазыԥхьо аусурҭаҭаҩи рхаҭара шьақәзыргыло ашәҟәқәа рыхкьыԥхьаа; аҳәынҭбаџь шишәахьоу азы агәраргага; аусурҭаҭаҩ уи азин шимоу азы ашәҟәы; аусутә еилаӡара.

Иара убасгьы аусутә виза зауз амигрант аусура азин иоурц азы амиграциатә ҭаҩреи амедицинатә гәаҭареи дахысроуп.

Аԥсни егьырҭ атәылақәеи ртәылауаа визада аиҭанеиааираз аиқәшаҳаҭра рыбжьазар, урҭ аусуразы апатент рыҭахоит.

Авиза аиуразы адокументқәа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аконсултә маҵзура аелектронтә ҭыӡҭыԥ ала адокументқәа аашьҭтәуп. Амаҵзура урҭ адокументқәа аус рыднаулоит 7-мш рыҩныҵҟа.

Ажәабжьқәа зегьы
0