"Территория действия": аԥсуа делегациа жәларбжьаратәи аҿар рфорум иалахәын

© Foto / предоставлено Мадиной Зухба"Территория действия": аԥсуа делегациа жәларбжьаратәи аҿар рфорум иалахәын
Территория действия: аԥсуа делегациа жәларбжьаратәи аҿар рфорум иалахәын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аҿартә форум 6.0 "Территория действия", зықьҩыла Урыстәылеи адунеи егьырҭ атәылақәа жәпаки рҟынтәи аҿар злахәыз мҩаԥысит Санкт-Петербург.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Аԥснытәи аҿар рделегациа аҽаланархәит Жәларбжьаратәи аҿартә форум 6.0 "Территория действия", зықьҩыла Урыстәылеи адунеи егьырҭ атәылақәа жәпаки рҟынтәи аҿар злахәыз. Абри атәы еиҭалҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иаԥҵо адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак аконсультант Мадина Зыхәԥҳа.

"Сынтәа Жәларбжьаратәи аҿартә форум 6.0 "Территория действия" иалахәын Аԥснытәи аделегациа. Афорум ахь ааԥхьара ааишьҭит Санкт-Петербург ахадара аҿар рполитиказ Аилак ахантәаҩы. Аԥснытәи аделегациа иалахәуп: Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иаԥҵо адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Викториа Маланиаԥҳа, сара, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иаԥҵо адипломатцәа ҿарацәа Рхеилак аконсультант Мадина Зыхәԥҳа, афонд "Горная Абхазия" адиректор Ҭенгиз Ҭарба", - лҳәоит Зыхәԥҳа.

Афорум аҿы итема хаданы иҟан ҳаамҭазтәи асоциал-економикатә еиҭакрақәа раан аҵаратә формат ҿыц амҩаԥгареи ауаҩ қәыԥш ипрофессионалтә ҿиашьеи.

Санкт-Петербургтәи аҿартә форум – ахаарԥшраз, аԥышәа аимдаразы иахьазы Урыстәыла еиҳа иҭбаау ҿартә ҭыԥуп. Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Петербург аҿари, Урыстәыла егьырҭ аҭыԥқәеи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҿари ирԥылоит еицырдыруа ауаажәларратә лидерцәа, аусзуҩцәа, аҭҵаарадырра аусзуҩцәа, апрофессионалтә експертцәа, ргәаанагарақәа еимырдоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0