Акциа "Иқьиоу ашәахьа" хацыркхеит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАкциа "Ашәахьа ҳалал" хацыркхеит Аҟәа
Акциа Ашәахьа ҳалал хацыркхеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа "Иқьиоу ашәахьа" иазку апресс-конференциа мҩаԥган Sputnik апресс-центр аҿы ԥхынҷкәын 3 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акциа "Иқьиоу ашәахьа" Аԥсны имҩаԥыргоит ԥхынҷкәынмза инаркны хәажәкырамзанӡа ес-шәахьа ҳәа еиҭалҳәоит агәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа, Sputnik апресс-центр аҿы ԥхынҷкәын 3 рзы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿ.

Благотворительный концерт группы Каданс в Очамчыре - Sputnik Аҧсны
Ансамбль "Каданс" афонд "Ашана" иацхраарц аконцерт мҩаԥнагеит

Афонд адиректор ишылҳәаз ала аиҿкааҩцәа акциа аԥшьыргеит 2015 шықәса раахыс Европа атәылақәаки Урыстәылеи имҩаԥысуа "Аҩаша ҳалал" иаҿырԥшны.

Мактина Џьынџьалԥҳа Sputnik иалҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Акциа ҳаднаԥхьалеит алахәра аформа хақәиҭрала иахьымҩаԥысуа. Изҭаху дарбанызаалак, хатәхаҿума иурист хаҿума иҽалаирхәыр илшоит ииҭаху аформала. Ҳара акциа ашәахьа амҩаԥгара заҳгәаԥхаз амчыбжь алагамҭаз агәыҳалалра аарԥшра мзыз бзианы ҳахьахәаԥшыз ауп", - лҳәоит лара.

Раԥхьаӡа акәны акциа Аԥсны имҩаԥган 2017 шықәса рзы. Хымз рыҩныҵҟа "Ашана" еизнагеит 50000 мааҭ аԥара. Уи згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа ирзырхан. Агәыҳалалра рхы аладырхәит аилахәырақәа 10, анаплакыҩцәа, атәым гәаҟра згәы ианырыз атәылауаа. Акциа ахықәкы хада – ауаа рацәа радыԥхьалароуп.

Ԥхынҷкәын актәи ашәахьамш азы агәыҳалалра аестафета хацнаркит Аԥсны аҳазалхратә еилакы. Дара афонд "Ашана" ахәыҷ чымазцәа рыхәышәтәразы аԥара ахырыԥхьаӡалеит.

Аилак ахаҭарнак Адица Ҳагԥҳа лажәақәа рыла дара гәахәарыла агәыҳалалратә акциа рҽаладырхәит.

Криптовалюта - Sputnik Аҧсны
Акриптовалиута ала раԥхьатәи алагалақәа аднакылеит агәыҳалалратә фонд "Ашана"

"Дасу ихатә проблемақәа шимоугьы аԥара иаарласны еизаагеит. Дарбанызаалак асеиԥш иҟоу арыцҳара иаргьы даҵанакыр шауа еиликаауеит. Ацхыраара егьа имаҷзаргьы иара аҭыԥ амоуп, ицхыраароуп", - лҳәеит аилак аусзуҩ.

Аҳазалхратә еилакы аестафета Амилаҭтә банк иазнархеит.

"Ҳара иҳалшоз ала ацхыраара аауит. Ишалшо ала ауаа рацәа ралархәразы аестафета Амилаҭтә банк иазҳархеит. Асеиԥш иҟоу аус аҿы зегь ҳаидгылароуп", - лҳәеит лара.

Акциа "Ашәахьа ҳалал" Аԥсны имҩаԥыргоит ԥхынҷкәынмза инаркны хәажәкырамзанӡа ес-шәахьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0