Раԥхьа акнопка иақәыӷәӷәо: "Своя игра" раԥхьаӡакәны Очамчыра имҩаԥысит

© Фото : https://www.facebook.com/orgIQan/"Своя игра" раԥхьаӡакәны Очамчыра имҩаԥысит
Своя игра раԥхьаӡакәны Очамчыра имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хшыҩла аицлабра Очамчыратәи аспорткомплекс "Жемчужина" аизаратә зал аҟны имҩаԥнагеит аҿар реилазаара "IQan". Иара рхы аладырхәит Аҟәантәи, Галынтәи, Очамчырантәи 27 ҩык ашколхәыҷқәа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Аицлабра иалагаанӡа имҩаԥган аҵәҭаԥсара. Иара алҵшәақәа рыла алахәылацәа зегьы хҩы-хҩыла еихшан. Абас ала актәи араунд шьақәыргылахеит жә-хәмаррак рыла. Дара рҿы иаиааиз ахәмарҩцәа афинал 1/3 ахәҭахьы ииасит. 

Дана Куджба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыџԥҳа аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы: ирыдҵаало есышықәса рхыԥхьаӡара иацлоит

Аицлабра аԥҟарақәа рыла, алахәылацәа ирзырхиан атрибунақәа хԥа. Дара досу рхатәы кнопкақәа рыман, раԥхьа ақәыӷәӷәара зылшазгьы зегь раԥхьа азҵаара аҭак ҟаиҵон. Азҵаарақәа ракәзаргьы аҭоурых, агеографиа, аматематика уҳәа хырхарҭа рацәала еиқәыршәан аҟнытә ахәмарҩцәа ганрацәала рдыррақәа ҵаулазар акәын. 

Ахәмарра ацашьа иахылаԥшуан аҿар реилазаара "IQan" ахаҭарнакцәа, иара убас Галтәи 2-тәи абжьаратә школ адиректор, Аԥсны Жәлар реизара ахәбатәи ааԥхьара адепутатс иҟаз Ахра Кәакәасқьыр. Иара иажәақәа рыла, ашколхәыҷқәа хшыҩла еицлабыртә аҭагылазаашьа рызҭо ахәмаррақәа дара рылаԥшҳәаа арҭбааразы ихымԥадатәиуп, егьырҭ араионқәагьы ари аҿырԥштәы иацныҟәар акыр ифеидахоит. 

"Ахәыҷқәа ргәы ацԥыҳәаны хшыҩла аицлабра рхы ахьаладырхәуа дара аҵарадырра агәыбылра ахьынӡарымоу аанарԥшуеит. Абас араионқәа рыла маҷ-маҷ аҿар радыԥхьалара иалагазар, ҳаԥхьаҟа ареспубликатә ҩаӡара аҟынӡагьы анаӡара рылшоит", — иҳәеит иара. 

Игра Что? Где? Когда?, команда Хромая сороконожка и Гоша - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи акоманда аиааит Шәача имҩаԥысуаз аинтеллектуалтә хәмарраҿы

Авикторина иалахәыз рзы ҳамҭак иаҩызахеит идырбаз авидеонҵамҭақәа. Урҭ рҿы "Что? Где? Когда?" аҭоурых аҿы зегь раасҭа иӷәӷәаз акапитанцәа ируаӡәку Михаил Смирнов, иара убас аицлабра аҵыхәтәан иаиааиз акоманда аԥыза Алықьса Богословски Очамчыра ахшыҩтә еицлабра иалахәу асалам рырҭеит. 

Ахәмарра аетапқәа зегьы анхыркәшаха инхеит зегь раасҭа ахшыҩ змоу далызкаашаз афинал. Иара аихшьаалақәа рыла иџьбараз аиҿагылараҿы аиааира илшеит Галтәи 2-тәи абжьаратә школ аҵаҩы Џьобава Алеко. Аҩбатәи аҭыԥ иҽаԥсеитәит иара уи ашкол ахаҭарнак Гьаргь Аԥшьлаа. Ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит Сивакова Диана, Аҟәатәи 14-тәи абжьаратә школ аҵаҩы.

Хшыҩла аицлабра "Своя игра" мҩаԥган апроект "Аинтеллект аҩны" аҳәаақәа ирҭагӡаны.  Аҿар реилазаара "IQan" аиҳабы Маҭе Ҵкәитариа излаиҳәаз ала, ари апроект аҩнуҵҟа уажәаԥхьагьы имҩаԥган аҽазыҟаҵарақәа. Уаҟа ашколхәыҷқәа иреилдыркаауан еиуеиԥшым агәыԥқәа реиҿкаашьа акәама-ҵамақәа, иддырҵон аҭакԥхықәра ахахьы агашьа.  Насгьы иара иазгәеиҭеит аицлабра аҽалархәра зҭаххаз рхыԥхьаӡара иааџьоушьартә еиԥш ишырацәаз. 

© Фото : https://www.facebook.com/orgIQan/"Своя игра" раԥхьаӡакәны Очамчыра имҩаԥысит
Своя игра раԥхьаӡакәны Очамчыра имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
"Своя игра" раԥхьаӡакәны Очамчыра имҩаԥысит

"Ҳара ари аҟны ҳаангылаӡом. Ҳаԥхьаҟагьы "бреинринг", иара убас "Что? Где? Когда?" захьӡу ахәмаррақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп. Макьаназы Очамчыра араион ауп еиҳарак аус здаҳуло, аха есааира ҳҳәаақәа ҳарҭбаалоит", — иҳәеит иара. 

Ажәабжьқәа зегьы
0