Лаҭатәи арыцҳараан иҭахаз ргәаладыршәоит Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны

© Sputnik Бадри ЕсиаваГудаута, у памятника Латской трагедии. Архивное фото
Гудаута, у памятника Латской трагедии. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 14 асааҭ 16:30 рзы Аҟәа, Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны иаадыртуеит Лаҭатәи арыцҳара иазку аекспозициа, 17:30 рзы иалагоит агәалашәаратә акциа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Лаҭатәи арыцҳара иазку ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәоит амузеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа.

"Амассатә-информациатә хархәагақәа рҟны акциа иазкыз аматериал анцәырҵ ашьҭахь, ауаа атекст ахаҭа иамыԥхьакәа ахы ианыз мацарала сынтәа акциа мҩаԥгахом ҳәа еилыркааит. Уи ус акәым. Акциа мҩаԥгахоит. Сынтәа иубилеитә шықәсоуп. Акциа мҩаԥымгашьа амаӡам", — ҳәа лҳәоит амузеи адиректор.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Лаҭатәи арыцҳара иалыԥсааз ргәалашәараз ауснагӡатәқәа рымҩаԥгашьа еиҭакхоит

Ԥхынҷкәын 14,асааҭ 16:30 рзы Аҟәа, Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны иаадыртуеит Лаҭатәи арыцҳара иазку аекспозициа, асааҭ 17:30 рзы, авертолиот анкаҳаз аамҭазыҵәҟьа, иалагоит агәалашәаратә акциа: ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара, агәалашәаратә цәашьхәқәа раркра.

Уашьҭантәи акциа мҩаԥгахоит хәы-шықәса рышьҭахь. Асеиԥш аӡбра рыдкылан есышықәса Лаҭеи Гәдоуҭеи акциақәа ахьымҩаԥырго азы.

"Аҟәа ҩынтәуп акциа мҩаԥаагоижьҭеи. Уи иаҳнарбеит ауадаҩрақәа иацыз. Абри амш азы иҭахаз рыуацәа-рҭынхацәа ирҭахуп арыцҳара аҭыԥ ахь, Лаҭаҟа ихаларц, ма анышә иахьамадоу, Гәдоуҭаҟа инеирц. Убри иадҳәалоуп ҳаӡбрагьы", — лҳәоит Беиаԥҳа.

1992 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы, Гәылрыԥшь араион ақыҭа Лаҭа иахыԥраан агуманитартә реис мҩаԥызгоз авертолиот иеихсны икарыжьит Қырҭтәыла аҳәынҭсовет аибашьцәа. Иҭахеит 85-ҩык, урҭ рҟынтәи 35-ҩык хәыҷқәан.

Ажәабжьқәа зегьы
0