Инга Зарандиаԥҳа: Лаҭатәи ахлымӡаах - имӷьо сыхәра ауп

© Фото : предоставлено Ингой ЗарандияМарина Зарандиаԥҳаи уи лԥацәа Адгәыри Дениси
Марина Зарандиаԥҳаи уи лԥацәа Адгәыри Дениси - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷқәын 14, 1992 шықәсазы Лаҭа аӷа иҭаирхаз авертолиот иҭаблыз рхыԥхьаӡараҿы иҟан 26 шықәса зхыҵуаз зцәа зтәымыз Марина Иури-иԥҳа Зарандиаԥҳаи, 5-6 шықәса зхыҵуаз ҩыџьа лԥацәа Адгәыри, Дениси Аԥшьылаа. Дара рҭахара имӷьо хәраны ирзынхеит рыуацәеи, рҭынхацәеи.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik,

Аамҭа ахәра ахәшәтәуеит рҳәоит, аха Лаҭатәи ахлымӡаах ҳажәлар ирзаанагаз агәаҟрахь уи аҵанакуам. Ари арыцҳара аахижьҭеи 26 шықәса шыҵхьоугьы, заҳәшьа гәакьеи, заҳәшьа ԥацәеи ҭахаз Инга Зарандиаԥҳаи лҭаацәеи рзы хашьҭшьа змам, уимоу есышықәса еиҳа-еиҳа ихьыухьыууа ргәы иҭало хьаауп.

"Саҳәшьа лыԥшәма Џьамбул Аԥшьлаа Мрагыларатәи афронт аҟны деибашьуан. Хымԥада иара игәы ҭынчымызт иҭаацәа рзы. Тҟәарчалынтәи авертолиот Гәдоуҭаҟа иԥыруеит ҳәа аниаҳа, иӡбеит уахь ишьҭырц. Аҽны Аҟәарчаԥа инхоз ҳаҳәшьа лҟнытә амҩа иқәлеит. Аамҭакы ашьҭахь, Џьамбул арациала адырра иоуит Гәдоуҭаҟа ишьҭԥрааз авертолиот ҭахеит ҳәа", — ахҭыс хьанҭа еиҭалҳәоит Инга.

Аб иаҳаз ажәабжь агәрагара иҭахымхеит, аха зегь акоуп иԥшәма ԥҳәыс лашьцәа иманы Гәдоуҭаҟа аҭагылазаашьа аҭҵааразы даҽа вертолиотк ала дыԥрит. Иахьааиз, ухаҿы иузаамгоз агыгшәыгра рбеит.

Гудаута, у памятника Латской трагедии. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Лаҭатәи арыцҳараан иҭахаз ргәаладыршәоит Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны

"Уԥсны узымԥсо, убзаны узымбзахо аамҭа ҳҭагылеит. Аԥсҭазаара зынӡа сгәы ахәшәеит, аха снапы иакыз шықәсыки, хәышықәсеи зхыҵуаз схәыҷқәа раҳаҭыр баны, Тҟәарчал аҭабиақәа рҟны ҳхы еиқәҳархеит", — лҳәоит аамҭа еиқәаҵәа згәалашәо ан.

Марина Зарандиаԥҳа данҭахоз илхыҵуан 26 шықәса, лара лцәа лтәымкәа дыҟан, авертолиот илыцҭаблыз лыҷқәынцәа Адгәыри, Дениси 5-6 шықәса ракәын ирхыҵуаз. Илыцын убас ланхәԥҳа Аида Аԥшьлааԥҳаи, уи лыԥҳа хәыҷи.

Зҭаацәа ҭахаз аб Џьамбул Аԥшьлаа, ажәа иҳәеит, имч-илша зегьы Аԥсны аӷа иалцара ишазикуа. Ус иагьыҟаиҵеит. Рхы иамеигӡакәа, иабхәындацәа Ныгәзари, Емзари, Ревази, Резои еивагыланы ҳажәлар ршьа руит.

Шықәсқәак рышьҭахь Џьамбул аҭаацәара ҿыц аԥиҵеит, уаҟа ихшаз ҩыџьа аԥацәа ириҭеит авертолиот иҭаблыз Адгәыри Дениси рыхьӡқәа.

"Ҳамаҳә даара ҳаизыразын, аҭаацәара анаԥиҵагьы ҳаибабон. Иара аибашьра инаҭаз ахәрақәа ирхырҟьаны шықәсык аԥхьа иԥсҭазаара далҵит", — ҳәа ҳаиллыркааит Инга.

Инга Зарандиаԥҳа лашьцәа Ныгәзари, Емзари, Ревази ракәзаргьы, иуашәшәырыз рыхәрақәа рышықәсқәа дыркьаҿит.

Иахьа, иаанханы иҟоу лашьеиҵбеи, лаҳәшьцәеи, лареи рҽеиҩшаны, рҭаацәа рыманы ирҭаауеит Лаҭеи, Тҟәарчали, Гәдоуҭеи ишьақәыргылоу, авертолиот иҭаблыз рбаҟақәа.

"Ргәы ҳнапы ахьаҳзықәамшьуа ауп еиҳагьы игәнаҳго", — лҳәоит Инга.

Ажәабжьқәа зегьы
0