Ирнаҭозеи Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа хәыда-ԥсадатәи аԥгаԥса

© Sputnik / Томас ТхайцукВрач
Врач - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа напы аҵаҩын иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны аҵакыраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа Урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҿы аԥгаԥса ҵаҵӷәыс иаҭаны хәыда-ԥсадатәи амедицинатә цхыраара рыҭаразы аиқәшаҳаҭра.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 — Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрраҿ иалацәажәеит иарбан медицинатә цхыраароу зыхәԥса ашәара аҭахымхо.

Атәылауаа рзы ихәыда-ԥсадоуп:

  • Аԥхьатәи амедико-санитартә цхыраара. Ацхыраара ҟарҵоит афельдшерцәа, акушерцәа, атерапевтцәа, апедиатрцәа иара убасгьы аҳақьым-ҟазауаа;
  • Иҷыдоу аметодқәеи атехнологиақәеи зҭахны иҟоу ачымазара азыԥхьагәаҭара, адиагностика, ахәышәтәра, ацхыраара аҭара;
  • Ҳаамҭазтәи атехнологиа ҳаракытә цхыраара, иуникалу ахарџьрацәа зҭахны иҟоу ахәышәтәратә методқәа рыла имҩаԥырго;
  • Хымԥада амедицинатә хлагалара зҭахны иҟоу ацхыраара амҩаԥгара.

Иара убасгьы аԥара ахшәаатәым амедицинатә реабилитациаз, ЕКО, адиализ, ахимиотерапиа рзы.

Уи адагьы ихәыда-ԥсадоуп:

  • Амедицинатә маҵзура аиура;
  • Аԥсҭазаараз ԥсыхә змам ҳәа ишьаны аиқәыԥхьаӡа иалоу ахәшәқәа ахәышәтәырҭаҿы рыҭара;
  • Амедицинатә хархәагақәа, ашьа ахәҭақәа, ахәышәтәратә крыфарачара;
  • Амедицинатәи аепидемиологиатәи рбагақәа инарықәыршәаны аҭыԥмаҷ палатақәа рҿы аҟазаара.
Полис ОМС, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Аԥгаԥса аполис ҿыцқәа рыԥсахра иалагоит 2019 шықәса инаркны

Ишьҭарҵо ԥшьышықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷ иакәзар, аҭаацәа руаӡәк ашьҭаларҭа ҭыԥи икрыфара-икрыжәреи хәыда-ԥсадоуп.

Уи адагьы ихәыда-ԥсадоуп астационар аҿы ишьҭоу ачымазцәа адиагностикатә ҭҵаарақәа рзы рымҩангара.

Абри агәаларшәага ҩуп атәылауаа хәыда-ԥсадатәи ацхыраара рыҭаразы хәдықәҵара зуа Аҳәынҭқарратә программа инақәыршәаны.

2017 шықәса рзы, Аԥсныи Урыстәылеи рхадацәа реиқәшәараан рнапы аҵарҩит иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны аҵакыраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа Урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рҿы аԥгаԥса ҵаҵӷәыс иаҭаны ахәыда-ԥсадатәи амедицинатә цхыраара рыҭаразы аиқәшаҳаҭра.

Иҟаҵатәузеи Урыстәылатәи амедицинатә ԥгаԥса Аԥсны аиуразы
Иҟаҵатәузеи Урыстәылатәи амедицинатә ԥгаԥса Аԥсны аиуразы - Sputnik Аҧсны
Иҟаҵатәузеи Урыстәылатәи амедицинатә ԥгаԥса Аԥсны аиуразы
Ажәабжьқәа зегьы
0