Аԥсны иааиуа 2019-2022 шықәсазы аинвистициақәа рхышәа-ҵышәа ҳәаақәҵоуп

© Кабмин АбхазииАԥсны иаиуа 2019-2022 шықәсазы аинвистициақәа рхышәа-ҵышәа ҳәаақәҵоуп
Аԥсны иаиуа 2019-2022 шықәсазы аинвистициақәа рхышәа-ҵышәа ҳәаақәҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә ҿиаразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара мҩаԥысит Москва, ԥхынҷкәын 25 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 — Sputnik. Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа аминистр Сергеи Чеботариов иҳәеит Урыстәыла ишҳәаақәнаҵаз 2019-2022 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвистициатә цхыраара. Уи азы аԥсуа гани аурыс гани еиқәышаҳаҭхароуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аминистр мап ацәикит абри апрограммала ацхыраара ахышәа-ҵышәа алацәажәара.

"Аԥсуа гани ҳареи ҳаилацәажәаанӡа уи аҳәара иашамкәа исыԥхьаӡоит", - иҳәеит иара.

Аминистр иҳәеит ишалацәажәаз 2018 шықәса рзы асоциал-економикатә цхыраара ареспубликаҿы амҩаԥысра, иара убасгьы 2017-2019 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвистициатә программа анагӡашьа азҵаара.

Аилатәара иалахәын Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба, Урыстәыла аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Мутко, Аԥсны афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа аминистр Сергеи Чеботариов, Акомиссиа аганқәа рҟынтәи алахәылацәа.

Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәарақәа мҩаԥысуеит инеиҭак-ааиҭакны: Аԥсныи Урыстәылеи. Аԥхьатәи аилатәара мҩаԥган 2010 шықәса рзы, Москва.

Амшхәаԥштә азҵаараҿы иҟоуп 2018 шықәса рзы асоциал-економикатә цхыраара ареспубликаҿы амҩаԥысра, иара убасгьы 2017-2019 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвистициатә программа анагӡашьа азҵаара, 2020-2022шықәсқәа рзтәи Аинвестициатә программа аиҿкаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0