Гәдоуҭа араион аҿы анхарҭаҩны блыит

© Foto / Michael BarthПламя
Пламя - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 28 рзы Гәдоуҭа араион Калдахәара ақыҭан ашьыжь асааҭ быжьба шыҟаз амцакра ҟалеит. Аҭыԥ ахь инеиит Гәдоуҭа араион амцарцәаҩцәа рыбригада.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ԥхынҷкәын 28 рзы Гәдоуҭа араион Калдахәара ақыҭан ашьыжь асааҭ быжьба рхы ахатәыҩны амца акит ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҟынтә.

Амцакра ҟалеит ҳәа адырра ҟаҵан асааҭ 7:38 рзы. Аҭыԥ ахь инеиит Гәдоуҭа араион амцарцәаҩцәа рыбригада, аха аҩны аиқәырхара залымшеит.

Амцакраан аӡәгьы ааха имоуит. Ақыҭа ахада иажәақәа рыла аҩнаҿы аӡӷаб лхала дынхон.

"Лани лашьеи Аҟәа инхоит. Уажәы дара ара иҟоуп. Аҩны аиҭашьақәыргылара алшо иалымшо ҳахәаԥшуеит", - ҳәа иҳәоит ақыҭа ахада.

Амцакра мзызс иамоу шьақәыргылам, аха Ҭимур Амԥар иажәақәа рыла афымцатәцәаҳәа аидкьыслара иахаразар алшоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0