Аԥсны акриптовалиута аиура азин ҟарымҵеит

© Fotolia / Archy13Майнинг биткоинов на видеокарте
Майнинг биткоинов на видеокарте - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АУН "Амшынеиқәафымцамч" имҩаԥнагараны иҟоуп ауснагӡатәқәа акриптовалиута аиуразы афымцамч ахархәара ашьақәыргыларази асеиԥш афымцамчхархәара аанкыларази.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Аԥсны аиҳабыра аӡбра рыдыркылеит ареспублика аҵакыраҿы акриптовалиута аиуразы афымцамчрацәа нызхуа аусурақәа аанкылазарц ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Сувенирные монеты с логотипами криптовалют Bitcoin, Litecoin и Ethereum. - Sputnik Аҧсны
Басариа акриптофермақәа рзы: афымцатә ҳақәа анырра ду рнаҭоит

"Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра фымцамчла реиқәыршәара еиҳа аԥыжәара аманы иԥхьаӡаны, афымцамчтә ресурсқәа рсистема аԥкырақәа анамоу аамҭазы Аиҳабыра ирыдыркылеит ақәҵара "Хаз иго абонентцәа ркатегориақәак афымцамч ахархәара аамҭала рзыԥкразы", - ҳәа аҳәоит асаит аҿы.

Уи инахырҳәҳәаны Аминистрцәа реилазаара ааԥхьара ҟанаҵеит ауал акраамҭа изықәны иҟоу ахархәаҩцәа афымцамч ахархәараз руал ршәаанӡа афымцамч роура ԥкызарц аусурақәа рымҩаԥгара рӷәӷәазарц.

Аиҳабыра иара убасгьы аҳәынҭқарратә наплакқәеи, аусбарҭақәеи, аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа ирыдырҵеит рнапаҵаҟа иҟоу аобиектқәа акриптовалиута аиуразы рхархәара алыдмыршарц.

Ақәҵара анагӡара иалахәхоит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи ашәарҭадаратә маҵзуреи.

Ажәабжьқәа зегьы
0