Анапҟаза хәыҷы Иалса Аҭрышԥҳа: сан лаҳәшьа илҿысҵааит аԥашьа

© Sputnik Иалса Атрышба
Иалса Атрышба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩбатәи акласс аҿы аҵара зҵо Иалса Аҭрышԥҳа лнапҟазара атәы ҳзеиҭалҳәоит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Иалса Аҭрышԥҳа аҩбатәи акласс аҿы дтәоуп, Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол аҟны аҵара лҵоит. Даара згәырҵҟәыл бзиоу, амаҭәарқәа зегьы бзиа ибаны иазнеиуа ҵаҩуп. Ахәыҷбаҳчахь данныҟәоз Иалса ҳаԥсуа поетцәа дуқәа ражәеинраалақәа ҿырҳәала дрыԥхьон, уижьҭеи лырҿиаратә мҩаҿы иацылҵахьоу акыр ирацәоуп. Лассы-лассы ателехәаԥшреи арадиои ржурналистцәа ахәыҷы лҟазара џьашьаны ианырҵоит, ааԥхьара лырҭоит аинформациатә маҵзурақәа рахь. Иара убас, ҳџьынџьуаа ирызкыу аҳәынҭқарраҿы усмҩаԥгатәык ыҟазар, Иалса лхы алалырхәуеит, лажәеинраалақәа рыла аиԥыларақәа аалыртуеит. Иазгәаҭатәуп, Иалса лаб, Муҳаремм Аҭрышба, Ҭырқәтәылантәи акыр шықәса раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара иааз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амҩа ианысыз, ара аҭаацәара ԥшӡа аԥызҵаз шиакәу.

"Сара ашкол аҟны сурокқәа аныхсыркәшалак, иҟоуп амузыкахь, акәашарахь санцо, арҵаратә школ "Академиа" аҟны англыз бызшәа сҵоит, уахь сныҟәоижьҭеи уажәшьҭа шықәсқәак ҵуеит", — лхәоит Иалса дгәырӷьаҵәа.

Сабрина Гунба - Sputnik Аҧсны
Анапҟаза: раԥхьатәи алаԥш аҽацәыхьчагатә напхаҵақәа схәыҷқәа рзы исԥеит

Иалса Аҭрышԥҳа ԥшь-бызшәак рыла ишылҭахәу еиԥш дцәажәоит: аԥсышәала, урысшәала, аҭырқәшәала, англыз бызшәала. Актәи акласс аҿы итәоу лаҳәшьа хәыҷы Нара, лаҳәшьеиҳаб илдыруа зегьы шамахамзар илҿылҵаахьеит.

"Сара сандуи сабду рахь Мықәҟа ацара даара бзиа избоит. Аԥсшьара мшқәа раан, сани саби уахь ҳаргоит. Амш аныбзиоу ашҭаҿы ҳазхара ҳахәмаруеит. Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа раан, саб иҭаацәа рахь Ҭырқәтәылаҟа ҳцоит. Уаҟа даҳзыԥшуп ҳара ҳанду, саб иан, иара убас саб иҭынхацәа зегьы", — дҳацәажәоит Иалса Аҭрышԥҳа.

Ааигәа сара схазы иҟасҵеит аартра ҿыцк. Иалса лани сареи ҳшеицәажәоз, иаацәырган ислырбеит лҭел ианыз Иалса иҟалҵаз лнапкымҭақәа, ашәыра хәыҷқәа ԥаны. Аиаша шәасҳәап, азныказы агәра сзымгеит, иааџьасшьеит. Нас ислырбеит авидео лара дахьԥоз ахьаныз. "Унан, уаҵәыҵәҟьа ҳаиқәбыршәароуп Иалсеи сареи, ас еиԥш лҟазара аӡбахә лара лҿала исалҳәароуп", — сҳәеит саргьы. Адырҩаҽны, Иалса ашкол аҟны лурокқәа аныхлыркәша, аҭел исзасит ҳаиқәшәарц азы. Иахьеибаҳҳәаз аҭыԥ аҿы саннеи, Иалса лцәыргақәҵа хәыҷы еиҿылкаахьан. Лаԥхьа иқәгылоуп улаԥш хызкуа лшәыра хәыҷқәа, иара убас лԥагатә маҭәахәқәа. Аԥсшәа анеибаҳҳәа ашьҭахь, Иалсеи сареи гәаартыла аицәажәара ҳналагеит.

© Sputnik Иалса Атрышба
Иалса Атрышба - Sputnik Аҧсны
Иалса Атрышба

"Сан лаҳәшьа ҳар ҳҿы аанҿасра дыҟан. Дахьаауаз дызлаԥоз амаҭәахәқәа лыцын. Аԥара данынатәалак, снеины слыхәаԥшуан. Саргьы исҭаххеит иҟалҵо аҩыза ҟасҵарц, иҟан санылԥырхагахозгьы, аԥаха анлысымҭоз. Убас хәыҷы-хәыҷла арашьиаҵәала аԥашьа слырҵеит, илбеит интересс ишышьҭысхыз"-лҳәеит Иалса лнапҟазара амаӡақәа анаҳзаалыртуаз.

Иалса, бзиа илбо арахәыцԥшшәқәа лымоуп. Иҟоуп, аинтернет дҭаланы аԥашьа аус иамоу акәама-ҵамарақәа анылыԥшаауа, лԥышәа анеизлырҳауа. Лара излаҳалҳәаз ала, ашәырақәа инарҷыданы илҭахәуп даҽа хкыкгьы аԥара. Иарбуанушь уи?

"Сара исҭахәуп агәилԥшшәи ашкәакәаԥшәи ирылхны аҩны ирышьарҵо зышьхәа аарту аимаа аԥара. Схаҿы иаазгахьеит уи зеиԥшрахо, ишалҵуа ҳбап", — лҳәеит Иалса лыгәҭакқәа ҳзеиҭаҳәауа.

Хандан Папба за работой - Sputnik Аҧсны
Араӡны рахәыцқәа рыла иԥо Хандан Папԥҳа лҭоурых

Аԥсуаа рҿы жәытә-натә аахыс аԥҳәыс лнапҟазара пату ақәуп. Аҭоурых иаҿахәҳәаганы имаҷым иахьа иҳамоу ҳандуцәа рнапкымҭақәа. Сан лан Нелли Кәыҵниаԥҳа илымҭаны аҩны иҵәахны иҳамоуп лнапала исны иҟалҵаз ампахьшьы. Егьырҭ лнапкымҭақәа зегьы аибашьра анцоз аамҭазы Тамшь ҳаӷацәа ирыблыз лыҩны иалаӡит. Сара схәыҷын, аха исгәалашәоит, сандуи сабдуи рҿы Тамшьҟа аанҿасра санцалоз, аҵарауаа аҭҵаарақәа анымҩаԥыргоз урҭ ианырҭаауаз. Санду лнапкымҭақәа зегьы цәырганы идлырбон, дрыхцәажәон. Усҟан иабеилыскаауаз уи иамаз аҵакы?! Иалса Аҭрышԥҳа илыбзоураны, иаасгәалашәеит схәыҷра ашықәсқәа ирыцыз аԥхарра, ҷыдала санду рыцҳа лнапҟазара.

Иахьа акыр уеигәырӷьаратәы иҟоуп аҿар ажәытә аамҭа иахьазхьаԥшуа, аԥсуа ԥҳәыс лхаҿра хаҭәааны иҟазҵоз аганқәа зегьы ахьазгәарҭо. Сгәы иаанагоит, Иалса Аҭрышԥҳа лнапҟазарала аԥхьаҟа ҳауаажәлар акыр илыргәырӷьап ҳәа, мҽхакы ҭбаала лхатә цәыргақәҵа анеиҿылкаауа саргьы салахәхап ҳәа. Мҩамш, аҟаза хәыҷы!

Ажәабжьқәа зегьы
0