Sputnik аусзуҩ Ашықәс ҿыц ауха...

© Sputnik / Томас ТхайцукПредновогодняя столица
Предновогодняя столица - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Sputnik аколумнист Светлана Ладариаԥҳа Ашықәс ҿыц аухазтәи лыгәҭахәыцрақәа.

Ашықәс ҿыц ааигәахоит. Сааҭқәак агуп. Ақалақь аҩныҵҟа дасу ишилшо ала иҩны-игәара, иашҭа ирԥшӡеит. Ақалақь ахадара рҽазыршәеит ақалақь амҩаду уахынлагьы ҽынлеиԥш илаша-лашо иҟаларц. Аҳауа иалоуп аныҳәа афҩы.

Зегь азыԥшуп ашықәс ҿыц, аха зегь раасҭа уи аныҳәа иазыԥшу ахәыҷқәа роуп. Урҭ ирҭахуп Агәырӷьара, Агәалаҟазара, Алакә. Уажәшьҭа мызкы ирықәуп шамахамзар зегь Аҵаа Бабаду асалам шәҟәқәа изырыҩхьеижьҭеи. Иаргьы шамахамзар урҭ зегьы рыԥхьара дахьӡахьеит. Ахәыҷқәа ззыҳәо ицхырааҩцәа ырыҩны инашьҭеиҵоит, ианаамҭоу дасу игәаҳәара наӡарц.

Аԥсаӡ - Sputnik Аҧсны
"Аԥсаӡ, аԥсаӡ уԥшӡаӡа…"

Уаха шықәс ҿыцуп. Уаха ныҳәоуп.

Ақалақь амҩадуқәа руак даныланы днеиуеит Sputnik аусзуҩ. Иара иҭахуп ақалақьуаа дрыҿцәажәарц, изҭало ашықәс ҿыц аҟынтәи иззыԥшу еиликаарц, иҭахуп гәаартыла драцәажәарц, ирыгу-ирыбзоу еиликаарц. Иҭахуп ақалақь ҽа-блак ала дналаԥшырц. Иҭахуп сынтәатәи ашықәс аиасымҭазы жәабыжьк иҩырц, уи аинтерес кны ашықәс ҿыц аламҭалаз иаԥхьарц. Уи ала ауаа еиҳа еидгыларашәа ибоит, рыԥсҭазаара рыцеиҩишоит.

… Ақалақь амҩадуқәа руак даныланы днеиуеит Sputnik аусзуҩ. Ус, абан ҷкәына хәыҷык илаԥш ахьынаиқәшәаз. Иҟалазеишь?? Аҷкәын хәыҷ илахь еиқәуп. Днеины днаидгылеит. Ихы инапы нықәшьны дизҵааит: иҟалазеи, улахь зеиқәузеи ҳәа "Сан дычмазаҩхеит. Сашьцәеи саҳәшьцәеи быжьҩык ҳаҟоуп. Аҵаа Бабадугьы шамахамзар ҳара ҳахь днеиӡом. Сашьеиҵыб аԥсаӡ дазгәышьуеит, аха изаазгода? Уи ахәмаргақәагьы хшьтәыми", — иҳәоит иара илахь еиқәышьшьы.

Аԥсаӡ, ахәмаргақәа – даанаԥшааԥшуеит Sputnik аусзуҩ. Аха акгьы илаԥш иҵашәом. Ауаа иаархәаша аархәахьеит, адәқьанқәагьы раркра иаҿуп, аҭиҩцәеи адәқьанхьчаҩцәеи рыҩныҟақәа ицахьеит.

Аԥсаӡ - Sputnik Аҧсны
Х-дунеик еимаздо: аԥсаӡ аҵаки уи архиашьеи аԥсуаа рдунеихәаԥшышьала

Аҷкәын иеиҳәаша ажәа имамкәа днаидҵуеит. Иҿынеихоит амҩа даныланы. Аамҭақәак рышьҭахь амҩаду дааныҵны иаҿыгоу амҩа днанылоит. Ақалақь амҩаду еиԥшымкәа ицәыҵлашьцароуп ара. Лашаракгьы убом. Дышнеиуаз игәиҽанӡамкәа жракгьы дынҭаҳаит. Ӡытҟәала иҭәуп. "Ақалақь акәымкәа ақыҭамҩа санушәа, иҟалазеи?" игәы иааҭиҳәаауеит.

Армарахь ихаҵәиуаз амҩа даныланы иҿынеихоит. Уа еиҳа илашароуп. Ана-ара икнаҳау алашарбагақәа рымч рацәак ишыҟамгьы илашоит. Ус иаԥхьаҟа иаацәырҵуеит хәыҷ гәарҭак. Урҭ аныҳәа агәырӷьара шрымоу мҩашьо рыбжьы хагалан еицәажәоит.

"Ашықәс ҿыц шәыдысныҳәалоит!" — днарылацәажәоит аԥсышәала Sputnik аусзуҩ. Иааҭгылоит, аха ииҳәаз аҭак ҟарҵом, ишырзеилымкаауа мҩашьо. Дниасуеит зегь еицырдыруа абызшәахьы. Иагьеиликаауеит дара зегь шаԥсыуаау, аха аԥсшәа шырзымдыруа. Арахь заҟа аџьџьаҳәа еицәажәо, еихәмаруа иаауааз. "Изакәытә хәыҷы хазынақәоузеи, аха рхатәы бызшәала ажәакгьы рызҳәомеи", — игәы аахьухьууеит.

Ақалақь далаланы днеиуеит Sputnik аусзуҩ. Иаԥхьаҟа еилаарцыруа ирхианы иааиҽԥынгылоит хыбра дук. Аныҳәамш иацу ассиррақәа зегьы аныԥшуеит. Иумбарц залшом ари ахыбра аҵаҟа рыҽшеидыркылаз аҳәаанырцәтәи ашәа здәылыҩуа ақьафурҭеи аҳәсеи ахацәеи рымаҭәаҭирҭеи.

"Ишԥашԥӡоу" — игәы аашьҭыҵуеит. "Иахьӡузеишь?" – игәы дынҭаҵаауеит. Ԥшшәы рацәала еилыџьџьо аҩырақәа дрыхәаԥшуеит, аха дзаԥхьом. Мап, аԥсышәала ажәакгьы аным. "Аԥсны агәҭа, арахь аԥсышәала ажәакгьы убашамеи", – ҿыцбарах ибазшәа ааигәа-сигәа иҟоу егьырҭ ахыбрақәагьы днаргәыдыԥшылоит. Аха мап, уаҟагьы аԥсышәк ыҟам. Аиҳарак алатын нбанқәа анеонлашара рыҵаҷҷоит.

"Иҟоу еилыскааит. Уаха ишықәс ҿыцми, нашанак саниазаап исзымдырӡо. Сахьыҟоу ҽа тәылахап, уи ауп иҟалаз. Мамзар ҳәашьа амоума Аԥсны ҟьаҟьа дуӡӡа амлеи ахьҭеи иакуа аҭаацәа рацәа ыҟаны, аҳҭнықалақь ссир, анкьа зны реиҳа ицқьоу ақалақь ҳәа иалыркааз амҩаду уаахҟьар илашарадан, иӡытҟәаҭран. Ҟалашьа амоума аԥсуа хәыҷгәарҭа рҟынтәи аӡәгьы аԥсышәала думацәажәо, хыбрак, мҩак аԥсышәала имцәажәо?" — ихы дазҵаауеит иара.

Аха убри аамҭазы илаԥш нақәшәоит есыҽны хымԥада абрантәи аиасра ахәҭаны иахьибо, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа иреиӷьыз наӡаӡа рызқәаҭыԥ ахьыҟоу Ахьӡ-аԥша апарк. Иагьеиликаауеит уаха дзыниаз лакәҵаҵӷәык шамам. Иҟоу шыҟаҵәҟьоу ишибаз.

Иаалырҟьангьы иҭаххоит ибжьы нҭыганы уаха зегь зымчны адунеи иаҭаауа Аҵаа Бабаду диҳәарц: Ахаан иҟамлааит Аԥсны игәыгәҭажьу аҭаацәара, аԥсаӡ змам, аныҳәа иалхәыдоу ахәыҷқәа, илашалааит ҳақалақьқәа, ҩныцыԥхьаӡа ирдәылыҩлааит аԥсуа ашәақәа, еицәажәалааит аԥсышәала агәқәа!!!

Ажәҩан ааимҟьоит. Аӡынтәи аҳауа иналапҟоит аҽышьҭыбжь. Уаха адунеи ианцәахәу Аҵаа Бабаду Sputnik аусзуҩ игәы иҭиҳәааз иаҳаит, уи ибжьы шҭимгаӡазгьы…

Инаӡоит нас уи агәаҳәара иара уахаҵәҟьа: Ахаан иҟалом Аԥсны игәыгәҭажьу аҭаацәара, аԥсаӡ змам, аныҳәа иалхәыдоу ахәыҷқәа, илаша-лашалоит ақалақьқәа, ҩныцыԥхьаӡа идәылыҩлоит аԥсуа ашәақәа, еицәажәалоит аԥсышәала агәқәа!!!

Ажәабжьқәа зегьы
0