Суликәа Ҳараниаҧҳа: жәытәаахыс ҳаҩнаҭаҿы гәырӷьара дуны иазгәаҳҭоит Қьырса

© Foto / Сырма АшәԥҳаСуликәа Ҳараниа
Суликәа Ҳараниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зҿабызшәа хаау, еснагь аныҳәара ажәа зҿыҵаку фҩык ахшара ран, 30-ҩык инареиҳаны амоҭацәеи урҭ ирхылҵызи ирандуу Суликәа Ҳараниаҧҳа лара лыҩнаҭаҿы Қьырса ныҳәа шазгәарҭо атәы ҳзеиҭалҳәеит.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҧсуаа еснагь ҷыдала ирызнеиуан аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа. Убас еиҧш, Қьырса ныҳәа иара ахатә ҭыҧ ааннакылоит уи иацклаҧшны иазгәазҭо аҭаацәарақәа рҿы.

Ажәытә, Џьгьарда Ахәҵа ҳәа иахьашьҭаз инхоз Шьаликәа Ашәба иҧшәмаҧҳәыс Суликәа Ҳараниаҧҳа, аҭаацәара даналанагала инаркны ланхәа илҿылҵааз аҧсуа ҵасқәа, ақьабзқәа акыр ирацәоуп. Уижьҭеи иҵуеит 60 шықәса инареиҳаны. Лара қәрала уажәшьҭа 80 шықәса инацны ишылхыҵуагьы, имырӡкәа, деиҷаҳаны лыхшареи лҭацацәеи ирымалдоит, ишахәҭоу еиҧш иныҟәыргар лҭахуп.

Зҿабызшәа хаау, еснагь аныҳәара ажәа зҿыҵаку, фҩык ахшара ран, 30-ҩык инареиҳаны амоҭацәа, урҭ ирхылҵызи ирандуу Суликәа Ҳараниаҧҳа, лара лыҩнаҭаҿы Қьырса ныҳәа шазгәарҭоз атәы ҳзеиҭалҳәеит.

"Жәытәаахыс аишәа ҳархиоит аҧсыуа чысла, афатә-ажәтә хыркны иадаҳгалоит. Иаса Қьырса даниз амш ауп ҳәа азыҧхьаӡаны аишәаҿы ацәашьы аҳаркӡом, арыжәтә хаҳҭәалом, асакәмал хаҳҵаӡом. Аишәа ҧшӡаны иҳархиоит, гәырӷьаныҳәа дуны имҩаҧаҳгоит", — ҳәа азгәалҭоит Суликәа Ҳараниаҧҳа.

Иара убас, аҧҳәыс бырг ҳаиҿцәажәараҿы иазгәалҭеит аишәа рхианы ианалгалак ухы шымҩаҧугаша атәы.

Святочные гадания - Sputnik Аҧсны
"Илбаз иакәӡам дыззааргаз…" - аҧшра Иаса Қьырса иира аухаз

"Сааҭк иназынаҧшуа аишәаҿы ирхианы иқәгылоу афатә унапы ауркӡом, уазыҧшуеит. Ҧыҭрак анаҩс аишәа уадтәалоит, аӡә имшира шазгәаиҭо еиҧш иазгәауҭоит ари амш. Уи даара иҧшьоу ныҳәоуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит. Ҳазшаз зегь зымчу инапы ҳануп", — дҳацәажәон Суликәа Ҳараниаҧҳа.

Иара убас, Қьырса ныҳәазы Анцәа иашьапкуеит, имҵаныҳәоит, рыгәнаҳарақәа рхихырц, ирзымдыруа иаҭаимҵарц.

"Ҳазшаз Анцәа ду ҳуҳәоит, агәабзиара, ахабзиара ҳаҭ, зегь рыла ҳарманшәал, иаҳкуа иаҳашьҭуа ҳзымарымажахо, ҳхылҵ-ҧылҵ машәыр рықәумҵан, ҳажәлар улаҧш рхыз, умч ӷәӷәоуп, уара зегь зымчу ҳ-Анцәа ду", — абас дныҳәа-ныҧхьо дҳацәажәон Қьырса ныҳәа аҵакы ҳзеиҭазҳәоз абырг.

Иара убас, Суликәа Ҳараниаҧҳа дазааҭгылеит, ашәшьмаҵә аҧсуаа рҿы ҵакыс иамоу атәы.

"Ашьыжь, аҭаацәара рҿы зымшьҭа бзиоу ҳәа иҧхьаӡоу дду, дхәыҷы, ашәшьмаҵә ааигоит. Аҭаацәа иныҳәоит, иныҧхьоит. Ашәшьмаҵәқәа аҩны, адәны, арахәҭра, акәтыҵраҿы уҳәа инцәыҵаиркьакьоит. Уимоу, ашылаҭраҟны ашәшь адыркуан. Мчыбжьык ус иҟоуп, анаҩс иаамхны аӡы иауҭар ҟалоит, амцаҿы иублыр алшоит. "Амшьҭацәгьа, ахыцәгьа, агәыцәгьа зегь шәыблит" ҳәа амца иақәуҵар ҟалоит", — лҳәеит ҳзыҿцәажәоз.

Суликуа Ҳараниаҧҳа иаҳзеиҭалҳәеит, дқәыҧшны аҭаацәара даналала инаркны ланхәа лара шлакәыз знапы ианырҵоз ашәшьмаҵә аагара, лымшьҭа бзиоуп ҳәа иҧхьаӡаны.

Аб Никита - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аб Никита: Қьырса ныҳәа аҽны иԥсхьоу рзы аишәа аргылара иашам

"Аҩнаҭа ашәшьмаҵә ҩназгалаз аҽны дзықәтәаз аҟәардә ада даҽакы дықәтәар ҟалаӡомызт, дыҧҳәысзар, агәашә дҭыҵны шьаҿак ҟалҵар ҟалаӡомызт. Ашҭа дҭыҵыр, акәты хылаӡомызт, ихыларгьы ихыҧрааны ицон, иҟәарҭӡомызт, акәҷар хнахӡомызт ҳәа иҧхьаӡан. Абарҭқәа ҳдырбон, иаҳдырҟаҵон ҳаиҳабацәа.

Ари азгәарҭоит жәытәла Ашықәс Ҿыц ианаҧыло аамҭазы", — дҳацәажәон аҧҳәыс бырг.

Иара убас, ҳзыҿцәажәоз излаҳалҳәаз ала, усҟан уца аҧш ҭугар ҟалаӡом, акәтаӷь ҧуҽыр ҟалаӡом, ауаара ҳәа ак умҭиироуп, умгәамҵроуп. Уҭаацәа, урахә-ушәахә зегьы уныҳәоит. Аҵеиџь рныҳәоит, аарҩара ҟаларгьы аҧхынра уҭамбо, аӡы ҳагымхо ҳәа. Аныҳәаҧхьыӡ амч ӷәӷәоуп, аҧсуаа уи дырны иагрыжьӡом, амаҵ азыруеит.

"Анцәа улҧха ҳаҭ, угәыҧха ҳаҭ, абарақьаҭра ҳаманы, аманшәалара ҳаманы ҳҟауҵаразы ҳазшаз Анцәа ду суҳәоит", — абас лныҳәаҧхьыӡ нҵәара ақәмызт аныҳәарақәа пату зызрықәу, уи жәытәаахыс иазгәазҭо Суликәа Ҳараниаҧҳа.

Аҧҳәыс аҭаацәара дашьагәыҭуп, лнапаҟынтә иааиуа рацәоуп, лыпату, лыламыс, лхымҩаҧгара иаҵанакуа акрыҟоуп ҳәа азылыҧхьаӡоит ҳзыҿцәажәоз.

"Ажәытә аҧҳәыс лџьабаа дуун. Аҭаҭын ааӡара, ауҭра-асыҭра, ачаи хыхра, аҟанҷ аныҟәгара уҳәа иарбан иҟаҳамҵоз? Убри аан ҳаҩнтәи аусқәагьы ҳрыхьӡон, ҳасасгьы ишихәҭаз еиҧш даҳбон, ҳахшарагьы ҳааӡон. Сыхшара, смаҭацәа еснагь срылабжьоит, ибзиахар, ауаҩра рылҵыр сҭахуп, зегь раҧхьа иргыланы апату аныҟәгашьа рдыруазар сҭахуп", — ҳәа азгәалҭоит 83 шықәса зхыҵуа аԥҳәыс ҟәыш Суликәа Ҳараниаҧҳа.

Аҧсуаа ражәа иалоуп: "Аиҳабы дызмоу Анцәа димоуп" ҳәа. Ҳаиҳабацәа шәажәа ҳагымзааит, агәабзиара, агәамч шәымазааит! Ҽааныбзиала шәнеиааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0