Аныҳәамшқәа раан Аԥсны иаҭааит 20 000-ҩык рҟынӡа атуристцәа

Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыц аамҭазы Риҵатәи аҳәырԥсарра иаҭааит 5000-ҩык рҟынӡа атуристцәа, афон ҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 4500-ҩык рҟынӡа атуристцәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. Аныҳәамшқәа раан Аԥсны иаҭааит 20 000-ҩык рҟынӡа атуристцәа ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Акурортқәеи атуризми рминистрра аӡыргара аҟәша аҟазауаҩ хада Саид Аршба.

Аршба: Ашықәс ҿыцаз Аԥсны иаҭааз асасцәа рхыԥхьаӡара уеигәырӷьартә иҟоуп

"Аиҳарак атуристцәа аҭаауеит Гагреи Гәдоуҭеи рраионқәа. Ирацәаҩын мышкы ҳәа аҳәаа иҭалоз атуристцәагьы", - ҳәа иҳәоит Аршба.

Аныҳәатәмшқәа раан аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысит 60 000 транспорттә хархәага - Sputnik Аҧсны
Аныҳәатәмшқәа раан аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысит 60 000 транспорттә хархәага

Ашықәс ҿыц аамҭазы Риҵатәи аҳәырԥсарра иаҭааит 5000-ҩык рҟынӡа атуристцәа, урҭ еиҳарак арахь иааит сыла иҭалаҳау аӡиа рбарацы ҳәа иҳәеит иара.

2019 шықәса аԥхьатәи амшқәа рзы Риҵатәи аиҩхаа иаҭааит х-нызқьҩык рҟынӡа атуристцәа. Сынтәа акурорт "Красная поляна" аҭааҩцәа рацәаҩны иаман. Урҭ рахьынтәи ирацәаҩын Аԥсныҟа мышкы ҳәа иаазгьы ҳәа азгәеиҭоит Саид Аршба.

"Афон ҿыцтәи аҳаԥы иаҭааит 4500-ҩык рҟынӡа атуристцәа", - ҳәа иҳәоит иара.

Мышкы ҳәа ареспубликахь иааз атуристцәа рыдагьы асасааирҭақәеи ахатә сектори рҿы иаангылазгьы рхыԥхьаӡара акыр ирацәан.

Ажәабжьқәа зегьы
0